Гагра инхо ауаҩԥсы иеихсны дырхәит
16:38 31.07.2026 (ирҿыцуп: 20:02 31.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Гагра инхо ауаҩԥсы иеихсны дырхәит.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, ԥхынгәы 31 асааҭ 13:05 рзеиԥш, Лакоба имҩаҿ игылоу аҩны №3 ашҭаҿы, идырым ауаҩы 1991 шықәсазы ииз ахаҵа диеихсит. Ахы ахаҵа иарма гәчама аханы иақәшәеит. Иара Гагратәи ахәышәтәырҭа хадахь днаган.
Ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны иԥшаара иашьҭоуп 1983 шықәсазы ииз Руслан Лакоиа.
Аҭыԥаҿ иԥшаан абаллистикатә експертизахь ишьҭу аџьазцәақәа. Имҩаԥысуеит егьырҭ иахәҭоу аусҭҵаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәагьы.