Виачеслав Гладкови Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмч змоу Анас Кьышьмариаԥҳаи еиԥылеит
18:26 31.07.2026 (ирҿыцуп: 20:17 31.07.2026)

© Foto / Посольство России в Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмч змоу Анас Кьышьмариаԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит.
Аганқәа атәылауаа рзинқәа рыхьчара, урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реинырра, атуристцәа ацхыраара рыҭара иалацәажәеит.
Аомбудсмен 2023 шықәсазы лмаҵура данахагыла ашьҭахь, лусураҿы аԥыжәара зауз ахырхарҭақәа урыстәылатәи лколлегацәеи лареи русеицура ашьақәыргылара шыруакхаз лҳәеит.

"Уи апрактикатә цхыраара ду ҳнаҭоит. Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаинырра ҳарҭбааит, ҳԥышәеи иреиӷьу апрактикақәеи еимаҳдоит", — ҳәа азгәалҭеит аомбудсмен.
Ацҳаражәҳәаҩ аппарати Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи русеицура ахьынӡаҟоу дазҵааит.
Кьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит адипмиссиа атәылауаа иҟарҵо ааԥхьарақәа оперативла ишрықәҿнаҭуа, ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараан Азинмчы змоу иаппарат активла аус шацыруа.
Аомбудсмен илҳәеит аппарат аусзуҩцәа ауааԥсыра азинтә цхыраара рыҭара ишазыхиоу, азинмчра аҳәаақәа ирҭагӡаны анаԥшыҩцәа раҳасабала аӡбаратә еилатәарақәа рылахәхарагьы уахь иналаҵаны.