00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи Асоциалтә еиқәыршәара аминистри Акризистә центр иаҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукКризисный центр в Сухуме
Кризисный центр в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2026
Анапаҵаҩра
Акризистә центр аҳәынҭқарратә статус аҭаразы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы 2026 шықәса мшаԥы 23 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиеи Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳаи иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иақәшәаз ахәыҷқәа рзы Акризистә центр иаҭааит.

Урҭ аусбарҭа аусура иахәаԥшит, иазгәарҭеит уи аҵак ду шаму.
"Ари даара аԥхарра зцу ҭыԥуп, аха ауаа аинформациа иахьынӡахәҭоу ирыздырӡом. Ауааԥсыра ари аҩыза ацентр Аԥсны ишыҟоу рдыруазароуп, избанзар ҳара ҳажәлар қьиоуп. Дасу илшо ала ацхыраара ҟаиҵар, аҳәынҭқарра адгылара ҳасаб азуны, уи еиҳагьы еиӷьхоит", — ҳәа азгәалҭеит Цыбулевскаиа.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит, Акризистә центр хықәкы хадас иамоу ахәыҷы аамҭала иаанкыларҭа аиҿкаара мацара акәымкәа, аҩнытә атмосфера изаԥҵара шакәу. Ари ахықәкы аусбарҭа қәҿиарала инанагӡоит ҳәа ацылҵеит лара.

Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳа, ацентр аҳәынҭқарратә статус аҭаразы аӡбамҭа аҳәынҭқарра ауаажәларра рзыҳәақәа ишрызҿлымҳау аанарԥшуеит лҳәеит.

Акризистә центр анапхгаҩы Камма Гоԥиаԥҳа иазгәалҭеит, ацентр ахыбра ҿыц шазырыԥшааз, уаҟа ицо аиҭашьақәыргылара анаҩс уахь ишиасуа.

Зыԥсҭазаара уадаҩхаз ахәыҷқәа рзы аҭаацәаратә ҟазшьа змоу акризистә центр аатит Гәылрыԥшь араион аҿы 2024 шықәса мшаԥымзазы, 2025 шықәсазы ԥхынҷкәынмзазы уи Аҟәаҟа ииаган. Уи аҳәынҭқарратә статус аҭаразы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы 2026 шықәса мшаԥы 23 рзы.
Детские игрушки - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2026
Аԥсны
Аԥсны акризистә центр ҩышықәса аус ауеижьҭеи 50-ҩык ахәыҷқәа аднакылахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0