Ԥсахара ақыҭан инхо ауаҩы иеихсны дырхәит
23:58 31.07.2026 (ирҿыцуп: 06:12 01.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Ԥсахара ақыҭан инхо ауаҩы иеихсны дырхәит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра излаанацҳауа ала, ԥхынгәы 31 асааҭ 13:00 рзеиԥш, агәызҩара зду 1985 шықәсазы ииз Ренальд Ӡаԥшь-иԥа, 1991 шықәсазы ииз иқыҭауаҩ диеихсны ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтә иҽиҵәахит.
Ааха зауз ишьаргәацә ахәра аманы ахәшәтәырҭахь днагоуп.
Аԥсны АҩАР Гагра араион аҿы анҭыҵтәи аоперативтә еилацәажәара мҩаԥнагеит, уаҟа иара убасгьы иалацәажәеит Руслан Лакоиа гәҩарас дахьыҟоу Гагра абџьар ахархәарала иҟалаз аҩбатәи ахҭыс аҭҵаарагьы.
Аилацәажәара мҩаԥысит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба инапхгарала, Гагра араион апрокурор Омар Ҳагба, Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭеи ашьаусԥшаара анапхгара алархәны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.
Аоперативтә ҟәшақәа рнапы ианҵоуп агәызҩара зду ахьыҟоу аҭыԥ ашьақәыргылареи раанкылареи рзы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.