Медведев: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара агеополитика ҿыц шьақәнарӷәӷәеит
10:10 25.08.2026 (ирҿыцуп: 10:37 25.08.2026)

© Sputnik / Екатерина Штукина
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара ииашоу агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыцқәа шьақәнарӷәӷәеи тҳәа иҳәеит Дмитри Медведев.
"Ареспубликақәа рганахь ала иҳадаҳкылаз аӡбамҭа, урҭ жәларбжьаратәи азин иасубиектны рыҟазаара цәырнагеит", — ҳәа азгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ, агазеҭ "Аахыҵ Уаԥстәыла" аинтервиу аҭо.
Медведев иҳәеит азхаҵара ишыхнаркәшаз ҩ-жәларык шықәсырацәалатәи рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, Михаил Саакашвили ирежими мраҭашәаратәи икураторцәеи идырхиаз ақәӡаара иацәнахьчеит ҳәа ациҵеит иара.