Владимир Путин Дональд Трампи иареи ҭелла еицәажәеит
17:50 08.09.2026 (ирҿыцуп: 18:12 08.09.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Владимир Путин Дональд Трампи иареи ҭелла еицәажәеит.
Аицәажәара сааҭк ицон иҳәеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков.
Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәа рхадацәа Џьаред Кушнери Стив Уиткофи Москвеи Киеви рҟны русуратә ныҟәарақәа шымҩаԥысыз азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Уи аихшьаалақәа ахәшьара бзиа рыҭан.
Трамп инапхгара аамҭазы украинатәи азҵаара аҭышәныртәалара дшазҿлымҳау иҳәеит.
Путин Урыстәылеи ЕА аштатқәеи русеицуразы Трамп иааирԥшыз агәазыҳәарақәа рҟны адгылара шиҭахо азгәеиҭеит.
Иара убас, Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла Европа аганахьала аиӷаратә планқәа шрымам.
Ахадацәа ԥсыхәа ахьынӡамоу дара-дара лассы-лассы еицәажәаларц, аимадара рыбжьазарц еиқәшаҳаҭхеит.