БРИКС аизҳара азеиԥш платформа ашьақәыргылара рыдигалеит Владимир Путин
14:07 13.09.2026 (ирҿыцуп: 14:46 13.09.2026)

© Sputnik / Алексей Даничев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 13 — Sputnik. БРИКС аизҳара азеиԥш платформа ашьақәыргылара рыдигалеит Владимир Путин.
"БРИКС плюс" аиԥылараҿы иара иҳәеит аидгыла адунеитә аҩнуҵҟатә хашәалахәы (аред. ВВП) адинамика хада шалнаршо — 49%, убри аан аҿиаразы алшарақәагьы шеиҳахо атәы.
Атәыла-лахәылацәа рекономикақәа рзанааҭдырреи реилазаашьеи рҿы аиԥшымзаарақәа, иара игәаанагарала, иалнаршоит апрактикатә кооперациа асистема ҿыц аԥҵара.
"Ари аҩыза аплатформа БРИКС алахәылацәа рзы мацара акәымкәа, ҳпартниорцәеи ҳҩызцәеи зегьы рзы аартреи аинырреи рыпринципқәа рыла ашьақәыргылара акраҵанакуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Путин.