Путин: Киев АҳәынҭДумахь алхрақәа рымҩаԥгара иаԥырхагахарц аҽазышәара ҟанаҵон
17:10 23.09.2026 (ирҿыцуп: 17:51 23.09.2026)

© Foto / © РИА Новости / POOL
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Киев Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымҩаԥгара иаԥырхагахарц аҽазышәара ҟанаҵон ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Иара Урыстәыла атәылауаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит абжьыҭира активла иахьалахәыз азы, иазгәеиҭеит Москвеи егьырҭ арегионқәеи рҟны аҳауаҽацәыхьчаратә система аԥжәаразы иҟаҵаз аҽазышәарақәа алхыҩцәа алхратә ҭыԥқәа рахь рнеира ҳаракы ишаԥырхагамхаз, уи иартәеит 59% — 2021 шықәсеи 2016 шықәсеи рырбагақәа раасҭа еиҳаны.

"Алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы иҟаз агәаранқәа ирҳәоит Урыстәыла аршәара шзалымшо", — ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысуан цәыббра 18-20 рзы.
Абжьыҭира амш аҽны — цәыббра 20 рзы Аԥсны иаартын 50 алхырҭатә ҭыԥ. Ареспубликаҿы асааҭ 18:00 рызтәи аҭагылазаашьала бжьыҭира инеиз 70 нызқьҩык иреиҳахеит.