Иракли Хынҭәба Санкт-Петербург имҩаԥысуа еиду акультурақәа XII рфорум далахәуп
10:00 25.09.2026 (ирҿыцуп: 10:33 25.09.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Иракли Хынҭәба Санкт-Петербург имҩаԥысуа еиду акультурақәа XII рфорум ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит цәыббра 24-26 рзы "Еиду акультурақәа — азеиԥш беиарақәа" адевиз аманы. РУСДРАМ адиректор хада афорум актәи амш азы ҳаамҭазтәи асценатә ҟазара аҿиара иҵару азҵаарақәеи жәларбжьаратәи азанааҭтә еинырреи ирызку аиҿцәажәарақәа дрылахәын ҳәа аанацҳауеит атеатр апресс-маҵзура.
Иара убасгьы, иара дырԥылеит акультура иналукааша аусзуҩцәеи атеатрқәа рнапхгаҩцәеи — Сергеи Безруков, Евгени Книазев, Валери Фокин уҳәа аӡәырҩы.
Иахьа Хынҭәба Атеатртә усзуҩцәа реидгылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи реинырра иалацәажәараны иахьыҟоу АУР еиҿнакааз астол гьежь аҿы спикерс дҟалоит.