Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 35-шықәса ахыҵит
11:16 25.09.2026 (ирҿыцуп: 11:29 25.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа аусзуаҩцәеи аветеранцәеи амаҵзура 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы шьақәгылеижьҭеи аекономикатә шәарҭадара арӷәӷәареи, атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчареи, ҳәынҭқарра абиуџьеттә ахашәалахәқәа рхарҭәаареи рҿы иҟанаҵахьоу алагала дууп ҳәа аҳәоит анҵамҭаҿы.

"35 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә маҵзура ашьақәгылареи аҿиареи рымҩа уадаҩ ианысит, уи зыбзоуроу ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа зуалԥшьа ламысцқьала иназыгӡо зегьы шәоуп", — ҳәа азгәаиҭеит Хьециа иадныҳәалараҿы.
Иара Аҳазалхратә усбарҭа аусзуҩцәа агәабзиара, аманшәалара, Аԥсны аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рымаҵ аураҿы ақәҿиара ҿыцқәа рзеиӷьишьеит.
Цәыббрамза 27, 1991 шықәса рзы Владислав Арӡынба иаԥшьгарала еиҿкаан Аԥснытәи ареспубликатә ҳазалхырҭа, уи ашьаҭала ишьақәгылеит ҳаамҭазтәи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
Цәыббрамза 27, 1991 шықәса рзы Владислав Арӡынба иаԥшьгарала еиҿкаан Аԥснытәи ареспубликатә ҳазалхырҭа, уи ашьаҭала ишьақәгылеит ҳаамҭазтәи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.