Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит
14:37 25.09.2026 (ирҿыцуп: 15:04 25.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа рыбжьара аелектронтә дыррақәа реимдара иалнаршоит ахылаԥшра арццакра, иазԥхьагәаҭоу аҭагылазаашьақәа раан аиҭагәаҭарақәа рҽырцәыхьчара.
АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Аҳазалхратә хылаԥшра алҵшәақәа наҟ-ааҟ разхаҵаразы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә еилаки.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециеи Афедералтә ҳазалхратә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Татиана Меркушовеи ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Аԥкаанҵа еиқәдыршәон ԥшьышықәса инареиҳаны. Иара иазԥхьагәанаҭоит аелектронтә дыррақәа реимдара, иазԥхьагәаҭоу аҭагылазаашьақәа раан иалнаршоит аинспекциа аихшьаалақәа реиҭагәаҭарақәа рымҩаԥгара.
Ари аҳазалхратә хылаԥшра ахысра арццакуеит, уи еиҳарак ихадоуп акурорттәи ацитрусттәи аамҭахәҭақәа раамҭазы.