Аҟәа Ахақәиҭтәра Амш иазкыз амилаҭтә спорт хкқәа рзы аицлабрақәа мҩаԥысит
15:34 25.09.2026 (ирҿыцуп: 16:13 25.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Аҟәа Ахақәиҭтәра Амш иазкыз амилаҭтә спорт хкқәа рзы аицлабрақәа мҩаԥысит Курченко лпарк аҿы. Абри атәы аарыцҳаит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзураҟынтә.
Аҳҭнықалақь ашколқәа 15 зегьы рҟынтәи ҩажәижәаҩык аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа ԥшь-дисциплинак рыла еицлабуан: алабашьа ф-метрак ахьыбжьоу ацәҟьара ақәыршәара, аҭыԥ аҟынтәи ҵәҩанҵәыҟа аԥара, ахаҳә агәҭасра, аҵәҩан ахалара.
"Амилаҭтә спорт хкқәа ашколтә программа атематикатә план иалагалоуп. Ахәыҷқәа аҽазыҟаҵарақәа рахь аинтерес аадырԥшуеит, уи апатриотизми рмилаҭтә традициақәа рахь абзиабареи рыҿиара иацхраауеит", — ҳәа агәра ганы дыҟоуп аҳҭнықалақь ахадара аҵарадырра Аусбарҭа абаҩрҵәыреи аспорти рзы аспециалист хада Татиана Емхааԥҳа.