https://sputnik-abkhazia.info/20261003/abylty-iany-dyrblit-aibashy-vitali-ayraa-izkny-1066109655.html
"Абылтәы иқәҭәаны дырблит": аибашьҩы Витали Ақырҭаа изкны
"Абылтәы иқәҭәаны дырблит": аибашьҩы Витали Ақырҭаа изкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра иалаӡаз рахьтә, ирацәаҩуп иахьа уажәраанӡа зҭоурых еиҭаҳәам аветеранцәа. Ашықәсқәа рышьҭахь, машәыршәа рыӡбахә заҳауа... 03.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-03T08:40+0300
2026-10-03T08:40+0300
2026-10-03T08:40+0300
аԥсны
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аиааира ду ҳзаазгаз
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/02/1066109081_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_3c12001af55dbed4ae7daa1366b36b03.jpg
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра иалаӡаз рахьтә, ирацәаҩуп иахьа уажәраанӡа зҭоурых еиҭаҳәам аветеранцәа. Ашықәсқәа рышьҭахь, машәыршәа рыӡбахә заҳауа ажурналистцәа ҳҽазаҳшәоит урт реибашьратә мҩа аҭҵаара, аха ауадаҩрақәа ҳԥылоит. Избанзар, аӡәырҩы рҭаацәеи, ибзиаӡаны издыруаз рҩызцәеи рыдунеи рыԥсаххьеит. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо арԥыс - Витали Виктор-иԥа Ақырҭаа инысымҩа ҟәырҷахала еидкылоуп иаҳәшьаду лԥа Сергеи Инаԥҳаи ицеибашьуаз иҩыза Роман (Кноп) Мдинараӡеи ргәалашәарақәа рыла. 24 шықәса зхыҵуаз Витали Виктор-иԥа Ақырҭаа Аԥсуа гвардиа далан. Дара рырхәҭа Пицунда еиҿкаан, Витали драдистын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, иара иҩызцәа гаграа дрыцлеит. Ԥсахара ақыҭан ишьақәгылаз ахырӷәӷәарҭаҟны дыҟан. "Витали, саншьа иԥа иакәын. Даныхәыҷыз инаркны ҳара ҳҟны даангылон. Даара иласыз ҷкәынан, деилҟьан. Урыстәыла аррамаҵура ихыганы данаа, Аԥсуа гвардиахь дсышьҭит уа еиҳа адисциплина имазаауеит ҳәа. Аиашазы, иуалԥшьақәа ԥсыцқьарыла инаигӡон, апатриот ҳәа ззырҳәо иакәын", - еиҭеиҳәоит Витали иаҳәшьаду лԥа Сергеи Инаԥҳа. "Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, сара Бзыԥҭаҟа сцоит ҳәа сшаҿыз, Ԥсахара амҩа аанызкылахьаз ақырҭцәа срымпыҵашәан схы самыхәо ааха садыргеит. Устәи, издырқәоз ақырҭцәа Шәачаҟа сыргоит. Сыбӷашшара иаиуз ахәра иахырҟьаны акраамҭа аиара сылахеит. Мызкы ааҵуаны, адырра соуит Витали хабарда дыбжьаӡеит ҳәа. Сԥырҟараны сшыҟаз, аҳақьымцәа мап рыцәкны Аԥсныҟа сааит. Салагеит аԥшаарақәа рымҩаԥгара, аха башахеит", - иҳәоит Сергеи Инаԥҳа. Ԥсахара ахырӷәӷәарҭаҟны итәаз аҷкәынцәа аӷацәа ртанк анрылала, ӷәӷәала аиҿахысра ҟалеит. Убасҟан Витали, амчратә цәқәырԥа иахырҟьаны ихы ҭҟьеит. Иԥсы аиаанӡа, аӷацәа дыҭҟәаны дыргеит. "Анаҩс излеилкаахаз ала, Витали, амилициа аҟәшахьы дыргеит. Иара аҿагыларатә акциақәа рактивист иакәын аҟнытә, рсиаҿы дарбан. Рнапаҿы даныҟала ирыӡбеит иҭархара, аха баша ишьра акәымкәа, дырҳәацәо, ааха дарго, ихаҭара ларҟәуа, аԥсра даҳәо аҟынӡа инагара гәҭакыс ишьҭырхит", - ажәабжь иациҵоит Витали иҩыза Роман Мдинараӡе. Витали хабарда данбжьаӡ ашьҭахь шықәсык ааҵуаны, Сергеи машәыршәа иаҳауеит, Гагра аӷацәа рнапаҟны иахьынӡыҟаз, ақалақь иалаханы иҟаз гәыԥҩык аԥсуаа Жәаҩакәаратәи аиҩхаа иҭаршьуан ҳәа. Уи шаҳаҭра азызуазгьы, аиҩхааҟны инхоз Николаи захьӡыз аурыс хаҵагьы иӡбахә иарҳәеит. Витали дыршьаанӡа, "Владислав Арӡынба изы уцәҳа" ҳәа иарҳәеит. Аха иара аӷацәа рганахь дыцәҳаит. Анаҩс дара ирыӡбеит ишьапқәа иреихсны ишьамхы дыхдыргыларц. "Ашаҳаҭ излаҳаиҳәаз ала, Витали ишьапқәа ианреихс, амч ԥшааны игәчама дыхтәалеит. "Шәара шәаԥхьа сшьамхы сыхгылаӡом" ҳәа дыҳәҳәо. Уи заҳаз ақырҭцәа аҟәҟәаҳәа еихсит. Хымԥада дара уи аҿгьы иаанымгылеит. Агьежьхарԥақәа (покрышки) иқәҵаны, абылтәы иқәҭәаны дырблоит", - иҳәоит Рома. Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь, ишьақәгыло иалагеит абаталионқәа. Витали иҩызцәа, Адик Оҭырба икомандаҟаҵарала "Ураган-Сатрун" абаталион иахәҭакхеит. "Ураган" - иалан Лхаа рыҷкәынцәа, "Сатурн" - Гаграа. Витали Ақырҭаа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал. Ари анҵамҭа аныскьыԥхьуаз, аибашьҩы ифотосахьа сҭаххеит, аха игәакьацәа "акагьы нымхеит иҳаҭгәын аҟны иану ада, ақырҭцәа ҳаҩны андырҳәуаз ирблит" рҳәеит. Анаҩс исгәалашәеит, Витали Ақырҭаа Гагратәи абжьаратә школ №1 (уаанӡа №5 ҳәа иҟан) дшоушьҭымҭаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иҭахаз ари аԥсуа ашкол аушьҭымҭацәа ргәалашәара аҳаҭыр азы, уаҟа еиҿкаау аҭӡаҟны икыдан иҩызцәеи иареи рфотосахьақәа. Уи иабзоураны ишәыдызгалоит аибашьҩы иҭоурых хазырҭәаауа ифотосахьа.
https://sputnik-abkhazia.info/20261002/asharytsaga-shala-gagra-airtsuan-aibashy-adamyr-khagysh-iourykh-1066090627.html
https://sputnik-abkhazia.info/20261001/aikhaany-dadyrkheit-gagra-ialakhany-iaz-arkadi-pasania-iourykh-1066058166.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/02/1066109081_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_12fe3629cba077835b43385f2e1b5800.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аиааира ду ҳзаазгаз
аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аиааира ду ҳзаазгаз
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра иалаӡаз рахьтә, ирацәаҩуп иахьа уажәраанӡа зҭоурых еиҭаҳәам аветеранцәа. Ашықәсқәа рышьҭахь, машәыршәа рыӡбахә заҳауа ажурналистцәа ҳҽазаҳшәоит урт реибашьратә мҩа аҭҵаара, аха ауадаҩрақәа ҳԥылоит. Избанзар, аӡәырҩы рҭаацәеи, ибзиаӡаны издыруаз рҩызцәеи рыдунеи рыԥсаххьеит. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо арԥыс - Витали Виктор-иԥа Ақырҭаа инысымҩа ҟәырҷахала еидкылоуп иаҳәшьаду лԥа Сергеи Инаԥҳаи ицеибашьуаз иҩыза Роман (Кноп) Мдинараӡеи ргәалашәарақәа рыла.
24 шықәса зхыҵуаз Витали Виктор-иԥа Ақырҭаа Аԥсуа гвардиа далан. Дара рырхәҭа Пицунда еиҿкаан, Витали драдистын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, иара иҩызцәа гаграа дрыцлеит. Ԥсахара ақыҭан ишьақәгылаз ахырӷәӷәарҭаҟны дыҟан.
"Витали, саншьа иԥа иакәын. Даныхәыҷыз инаркны ҳара ҳҟны даангылон. Даара иласыз ҷкәынан, деилҟьан. Урыстәыла аррамаҵура ихыганы данаа, Аԥсуа гвардиахь дсышьҭит уа еиҳа адисциплина имазаауеит ҳәа. Аиашазы, иуалԥшьақәа ԥсыцқьарыла инаигӡон, апатриот ҳәа ззырҳәо иакәын", - еиҭеиҳәоит Витали иаҳәшьаду лԥа Сергеи Инаԥҳа.
Витали Ақырҭаа, 1989 шықәсазы имҩаԥысуаз аҿагыларатә митингқәа, амлашьра уҳәа, ақырҭуа политика ҟьашь мап ацәкра иадҳәалаз акциақәа активла дрылахәын. Убасҟан аԥсуа рԥыс аӷацәа длаԥшықәырҵахьан, игәаӷгьы кны ирыман.
"Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, сара Бзыԥҭаҟа сцоит ҳәа сшаҿыз, Ԥсахара амҩа аанызкылахьаз ақырҭцәа срымпыҵашәан схы самыхәо ааха садыргеит. Устәи, издырқәоз ақырҭцәа Шәачаҟа сыргоит. Сыбӷашшара иаиуз ахәра иахырҟьаны акраамҭа аиара сылахеит. Мызкы ааҵуаны, адырра соуит Витали хабарда дыбжьаӡеит ҳәа. Сԥырҟараны сшыҟаз, аҳақьымцәа мап рыцәкны Аԥсныҟа сааит. Салагеит аԥшаарақәа рымҩаԥгара, аха башахеит", - иҳәоит Сергеи Инаԥҳа.
Ԥсахара ахырӷәӷәарҭаҟны итәаз аҷкәынцәа аӷацәа ртанк анрылала, ӷәӷәала аиҿахысра ҟалеит. Убасҟан Витали, амчратә цәқәырԥа иахырҟьаны ихы ҭҟьеит. Иԥсы аиаанӡа, аӷацәа дыҭҟәаны дыргеит.
"Анаҩс излеилкаахаз ала, Витали, амилициа аҟәшахьы дыргеит. Иара аҿагыларатә акциақәа рактивист иакәын аҟнытә, рсиаҿы дарбан. Рнапаҿы даныҟала ирыӡбеит иҭархара, аха баша ишьра акәымкәа, дырҳәацәо, ааха дарго, ихаҭара ларҟәуа, аԥсра даҳәо аҟынӡа инагара гәҭакыс ишьҭырхит", - ажәабжь иациҵоит Витали иҩыза Роман Мдинараӡе.
Витали хабарда данбжьаӡ ашьҭахь шықәсык ааҵуаны, Сергеи машәыршәа иаҳауеит, Гагра аӷацәа рнапаҟны иахьынӡыҟаз, ақалақь иалаханы иҟаз гәыԥҩык аԥсуаа Жәаҩакәаратәи аиҩхаа иҭаршьуан ҳәа. Уи шаҳаҭра азызуазгьы, аиҩхааҟны инхоз Николаи захьӡыз аурыс хаҵагьы иӡбахә иарҳәеит.
"Витали ибаҩ аԥшаара ҳцеит иҩызцәеи сареи. Иара дшыршьуаз збаз ахаҵа иаҳирбеит уи аҭыԥ. Шықәсык еиҳаны иҵхьан аҟнытә иуадаҩын аилкаара. Иареи сареи ҳанеиԥырҵуаз ҳамҭас исҭахьаз аџьынс еиқәеи амаикеи рыхәҭақәа рыла еилыскааит Витали ибаҩ шакәыз", - еиҭеиҳәоит аиашьа.
Витали дыршьаанӡа, "Владислав Арӡынба изы уцәҳа" ҳәа иарҳәеит. Аха иара аӷацәа рганахь дыцәҳаит. Анаҩс дара ирыӡбеит ишьапқәа иреихсны ишьамхы дыхдыргыларц.
"Ашаҳаҭ излаҳаиҳәаз ала, Витали ишьапқәа ианреихс, амч ԥшааны игәчама дыхтәалеит. "Шәара шәаԥхьа сшьамхы сыхгылаӡом" ҳәа дыҳәҳәо. Уи заҳаз ақырҭцәа аҟәҟәаҳәа еихсит. Хымԥада дара уи аҿгьы иаанымгылеит. Агьежьхарԥақәа (покрышки) иқәҵаны, абылтәы иқәҭәаны дырблоит", - иҳәоит Рома.
Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь, ишьақәгыло иалагеит абаталионқәа. Витали иҩызцәа, Адик Оҭырба икомандаҟаҵарала "Ураган-Сатрун" абаталион иахәҭакхеит. "Ураган" - иалан Лхаа рыҷкәынцәа, "Сатурн" - Гаграа.
Витали Ақырҭаа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.
Ари анҵамҭа аныскьыԥхьуаз, аибашьҩы ифотосахьа сҭаххеит, аха игәакьацәа "акагьы нымхеит иҳаҭгәын аҟны иану ада, ақырҭцәа ҳаҩны андырҳәуаз ирблит" рҳәеит. Анаҩс исгәалашәеит, Витали Ақырҭаа Гагратәи абжьаратә школ №1 (уаанӡа №5 ҳәа иҟан) дшоушьҭымҭаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иҭахаз ари аԥсуа ашкол аушьҭымҭацәа ргәалашәара аҳаҭыр азы, уаҟа еиҿкаау аҭӡаҟны икыдан иҩызцәеи иареи рфотосахьақәа. Уи иабзоураны ишәыдызгалоит аибашьҩы иҭоурых хазырҭәаауа ифотосахьа.

Витали Виктор-иԥа Ақырҭаа
Витали Виктор-иԥа Ақырҭаа