Апрокурор хада Аминистрцәа реилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит
10:43 05.11.2026 (ирҿыцуп: 10:55 05.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Апрокурор хада Аминистрцәа реилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны иаразнактәи алотереиақәа рымҩаԥгара аанкылазарц.
Иаразнактәи алотереиақәа ртерминалқәа ргәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла еилкаахеит урҭ уахи-ҽни аус шыруа, зықәра намӡац ауааԥсырагьы шаднагало.
Урҭ рхархәара аҿар ахәмарра радҳәалара ашьақәгылараз ашәарҭарақәа цәырнагоит, иара убас ауаажәларратә еиҿкаара еиланагоит, ааигәа-сигәа иҟоу аҩнқәа руааԥсыра рҟынтәи ашшыԥхьыӡқәа ахылҿиаауеит ҳәа аҳәоит апрокуратура аҳәамҭаҿы.
Апрокуратура хада ажәалагала ҟанаҵоит атерминалқәа русура аанкылазарц "Алотереиақәа рзы" азакәан рыдыркылаанӡа.