Рустам Латипов: Урыстәылаа аӡынразы еиҳа лассы-лассы Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа иалагеит
12:07 05.11.2026 (ирҿыцуп: 12:35 05.11.2026)

© Sputnik Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Урыстәылаа аӡынразы еиҳа лассы-лассы Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа иалагеит ҳәа иҳәеит ареспублика АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов.
Атуристцәа реизҳара убоит аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа. Уи зыдҳәалоу атуристтә инфраструктура аҿиареи аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгареи роуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аӡынтәи аамҭазы ареспублика еиҳа аҭаара ишалагаз Беларуссиеи Ҟазахсҭани ртәылауаагьы.
2028 шықәсазы ихыркәшахо аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аҳәаахьчаратә мҩанысырҭа аиҭашьақәыргылара "асезон анҭыҵгьы" атуристцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит, избанзар аушьҭратә лшара жәантә еиҳахоит, аҳәаа ахысра апроцедура арманшәалоит ҳәа азиԥхьаӡоит Латипов.