Владимир Делба Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аӷьычрақәа рзы аинформациа аҿаԥиҽит
14:12 05.11.2026 (ирҿыцуп: 17:48 05.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Аԥсны аиҳабыра рхада Владимир Делба адепутатцәа аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи миллионла аԥара рнапаҿы ироуашәа иҟоу аинформациа аҿаԥиҽит.
Аинформациатә ҵакыраҿы активла иалацәажәоит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҿы ауаажәларра ҵакы змоу апроектқәа рынагӡаразы, Апарламент адепутатцәа 10-10 млн мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аԥара рзоужьра атема.
Аԥыза-министр иҳәеит зыӡбахә ҳәоу – адепутаттә округқәа зегьы рзы абиуџьет иалаҵоу, 10-10 млн мааҭ ахықәкытә ԥарақәа шракәу. Урҭ напынҵадатәи аҳасаб ала аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзынарышьҭуеит ҳәа иҳәеит Делба, Апарламент аҟны имҩаԥысыз аилактә еилатәараҿы ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
"Аҳәынҭқарратә ԥарақәа рҟынтәи мааҭкгьы рнапаҿы ирырҭаӡом — адепутатцәагьы, иара убас аҽаӡәгьы. Усеиԥш ҟалар ауеит аулафахәы ашәара автоматизациа зызу АԤРА асистема ала амҩаԥгара анзалымшо мацара ", — ҳәа азгәеиҭеит Делба.