Вениамин Кондратиев: "Брехаловка" аҿаԥхьа асқьала ԥхынҷкәынмзазы ихиахоит
15:39 05.11.2026 (ирҿыцуп: 17:52 05.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев атәыла ахада Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит акаҳуажәырҭа "Брехаловка" аҿаԥхьа иҟоу аҟәатәи асқьала ԥхынҷкәын анҵәамҭазы ихиахоит ҳәа.
Асқьала аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит атәылаҿацә ахарџь ала.
Асқьала аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит атәылаҿацә ахарџь ала.
"Краснодартәи атәылаҿацә – агәылеимабзиаратәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәеи, иҟашәҵаз адҵеи инақәыршәаны, ахахьы иагеит ари асқьала аиҭашьақәыргылара — уаанӡа ишыҟаз еиԥш аҿаԥшылара ааныжьны, аха ҳаамҭа иақәшәо, иԥшӡаны, аԥсшьаҩцәагьы аҭыԥнатәи ауааԥсырагьы зыргәырӷьо акакәны аҟаҵара", — иҳәеит Кондратиев.
Гәынбеи Кондратиеви реиԥылара мҩаԥысит иахьа Аҟәа. Аганқәа алацәажәеит агәылеимабзиаратә еимадарақәа рырӷәӷәара, атуризми алогистикеи рыҿиара.
