"Зысасгәашә аарту Аԥсны" ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи азыҳәа иазыԥшуп
18:58 05.11.2026 (ирҿыцуп: 19:15 05.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. "Зысасгәашә аарту Аԥсны" ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи азыҳәа иазыԥшуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.
Иара дазааҭгылеит иаауа азыҳәақәа ргеографиа, иагьазгәеиҭеит Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа аҟынтәи еиҳаны аԥшьгарақәа ибарц шиҭахыз.
Гагратәии Гәдоуҭатәии араионқәа рҿы атуристтә маршрутқәеи асасцәа рзы ажәалагала ҿыцқәеи рыҿиаразы алшарақәа ыҟоуп ҳәа иԥхьаӡоит аминистр.

"Убри аан, ҳара ҳахшыҩ азыҳашьҭуеит мрагыларатәи Аԥсныгьы, атуристтә индустриа уажәоуп мҽхакы ҭбаала аҿиара ианалаго, асасцәа здызыԥхьало аинтерес зҵоу аҭыԥқәа анаԥҵахо. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп арҭ араионқәа рҟынтәи ҳтәылауаа аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алшарақәа рхы иадырхәарц", — ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Аицлабра аҩбатәи асезон аԥхьахәтә фонд 50 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 30-ҩык аиааира згаз 1 инаркны 2,5 млн мааҭ рҟынӡа апремиақәа роуеит, иара убас атәыла иреиӷьу аекспертцәа рҿы аҵара ахысразы алшара рзаԥҵахоит.
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи асезон азы азыҳәақәа рҭаҩреи рыдкылареи мҩаԥысуеит жьҭаара 8 инаркны абҵара 30 рҟынӡа. Апроектқәа ралхра мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмзазы, афинал — 2027 шықәса хәажәкырамзазы иазыԥҵәоуп.