Аԥсны аԥсаҵлақәа рыхьчара дырӷәӷәоит Ашықәс ҿыц аламҭалаз
14:33 10.11.2026 (ирҿыцуп: 16:11 10.11.2026)

© Sputnik / Владимир Астапкович
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. Аԥсны аԥсаҵлақәа рыхьчара дырӷәӷәоит Ашықәс ҿыц аламҭалаз.
Аусдҵа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Абнатә нхамҩа аҳәынҭусбарҭеи, аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы аҳәынҭеилаки, иара убас АҩАРеи рнапы ианҵоуп абнақәеи, апаркқәеи, абаҳча маҷқәеи рҿы аҵлақәа рыԥҟареи урҭ закәаншьаҭада рыҭиреи ахҭысқәа раԥырҟәҟәаара.
Аҳазалхратә еилакы ԥхынҷкәын 1-31 рзы атәыла иалагалоу аԥсаӡқәа рзы адыррақәа ес-хымш АҩАР ахь инанашьҭлоит.
Иара убас, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә наплакқәеи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рзы иԥсабаратәым аԥсаӡқәа рхархәара рабжьгоуп.