Лавров ахҳәаа аиҭеит Абу-Даби имҩаԥысуа Урыстәылеи, ЕАА-еи, Украинеи реиҿцәажәарақәа
15:10 10.11.2026 (ирҿыцуп: 16:13 10.11.2026)

© Foto / Пресс-служба МИД РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. Абу-Даби имҩаԥысуа аиҿцәажәарақәа рҿы ԥхьаҟатәи ашәарҭадаратә архитектура еилыккоу ахышәаҵышәақәа рышьақәыргылараз Еиду Аштатқәа ридеиа зынӡа ииашоуп иҳәеит Сергеи Лавров.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, зыӡбахә ҳәоу Урыстәылеи, Украинеи, иааидкыланы Европа зегьи ршәарҭадара шакәу.
Адипломат игәаанагарала асистема ахышәаҵышәақәа еилыкканы ишьақәыргылатәуп, абри ашьҭахь ауп ишиашоу украинатәи аимак ахь уиасыр аныҟало. Москва анаҩс иҟало азеилымкаауа аҽазныкгьы аибашьра аанкылара изақәшаҳаҭхаӡом.
"Европа адҵа ҟанаҵоит жәаҳәарада аибашьара аанкылазарц, аклиентцәа — киевтәи арежим рзы аамҭа ааиуразы, уи ацәыӡқәа реиҭашьақәыргылара иахьӡарц азы. Ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхаӡом", — иҳәеит Лавров.