Иракли Хынҭәба илекциа "Стать своим" мҩаԥысит Аҟәа
17:18 10.11.2026 (ирҿыцуп: 17:44 10.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба илекциа "Стать своим" мҩаԥысит ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Аусмҩаԥгатә атеатр 45 шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уи азгәарҭаран иҟоуп 2027 шықәса хәажәкыра 27 рзы, аха аныҳәатә программа иалагахьан абҵара 5 рзы.
"Ҳара атеатр аиубилеи азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан рылаҳҳәеит. Ҳара ҳгәы излаанаго ала, ари убас акрызҵазкуа хҭысуп, идырҳатәуп. Уи иаҳнаҭоит алшара ҳазнысыз амҩа алацәажәара, иахьа атеатр зеиԥшроу, уаҵәы иҟалартә ишаабо", — азгәеиҭеит Хынҭәба.
Алекциаҿы иара еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурых аҿы Аурыс театр шаԥҵаз, ишыҿиоз, аибашьрақәеи ареволиуциақәеи шахнагоз, иахьазы РУСДРАМ иааннакыло аҭыԥ.