Бзыԥтәи аиҩхааҿы илеиз ахаҳә амҩа хәҭак аныркит
17:31 10.11.2026 (ирҿыцуп: 17:51 10.11.2026)

© Foto / из соцсетей
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. Бзыԥтәи аиҩхааҿы илеиз ахаҳә амҩа хәҭак аныркит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Иажәақәа рыла, ахаҳәқәа каҳаит аӡиа Риҵа 22 километра амҩа ахәҭаҟны, аха аныҟәара аанкылара аҭахымхеит.
"Ари аҩыза ҳашьцылеит. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ирлас иҳаӡбоит. Насыԥны аӡәгьы ааха имоуит", — азгәеиҭеит иара.
Уажәы ахаҳәқәа рықәгыразы аусурақәа мҩаԥысуеит, урҭ ҩ-сааҭк рыла ихыркәшахоит.