Арҵаратә программа "Аԥсны Акоманда 2.0 " хацыркхеит "Сенеж" аҟны
18:05 10.11.2026 (ирҿыцуп: 18:10 10.11.2026)

© Sputnik / Илья Питалев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. Арҵаратә программа "Аԥсны Акоманда 2.0 " хацыркхеит "Сенеж" аҟны.
Ареспублика аҿиара иазырхоу апроектқәа 8 аус рыдулара иалагеит 53-ҩык афиналистцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аус зуа аминистрцәа, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, атәыла ахада иабжьгаҩцәа.
"Атәыла, арегион, мамзаргьы аилахәыра рхыдҵақәа рымҽхаки рықәҿиареи еснагь иҳәаақәҵахоит ауаа ргәаҳәарақәа рыла. Иарбан ус ӷәӷәазаалакгьы, акоманда ауп изыӡбо. Убри азоуп амҩақәҵара абасеиԥш изхадоу – аԥышәа змоу анапхгараҭаҩцәа рдыррақәа ҿыц зымҩа хацзыркуа ианрымардо", — ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Алахәылацәа атуризми, асоциалтә политикеи, аинфраструктуреи, ақыҭанхамҩеи, анаплакреи, ашәарҭадареи русхкқәа рҿы аԥшьгарақәа аус рыдырулалоит.
Аҵара бжьымз имҩаԥыслоит: анапхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенеж", Аԥсны, Урыстәыла арегионқәа рҿы амодульқәа ԥшьба мҩаԥгахоит.