"Еиҭарҿыцуа аенергиа ахыҵхырҭақәа рзы" азакәан апроект ахәаԥшразы абжьгара ҟанаҵоуп
18:11 17.11.2026 (ирҿыцуп: 18:56 17.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. "Еиҭарҿыцуа аенергиа ахыҵхырҭақәа рзы" азакәан апроект аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинновациатә технологиеи рзы аилак ахәаԥшразы абжьгара ҟанаҵеит.
Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа ишиҳәаз ала, азакәан апроект х-вариантк ыҟоуп, урҭ рахьтә ҩба ашәҟәы иҭагалоуп: акы аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа иазнархиеит, егьи иара Резо Занҭариа ихаҭа.
Ашәҟәы иҭагалам апроект ӡырнагеит аилахәыра "My green energy", уи анапхгаҩцәагьы азҵаара алацәажәара иалахәын.
Занҭариа иазгәеиҭеит еиҭарҿыцуа аенергиа ахыҵхырҭақәа афинанстә лшара дуқәа змоу атәылақәа рхы иадырхәар шрылшо, аха азҵаара уажәнатә иахәаԥштәуп.
Аилахәыра "My green energy" ауаажәларра рымадаразы аспециалист Мераб Кистаури ишиҳәаз ала, Аԥсны ауааԥсыра ахатәы сектор аҿы еиԥш акоммерциатә обиектқәа рҿгьы амра апанельқәа рышьақәыргылара иазҿлымҳауп. Уи азы ақәҿиара змоу аҿырԥштәқәагьы ыҟоуп.
Аилахәыра уадаҩрақәакгьы ирықәшәеит. Ҿырԥштәыс иаагозар, аҳәынҭқарра аганахьала агәацԥыҳәаратә факторқәа рыҟамзаареи ас еиԥш амҩала аус здырулаз афымцамч аҟынтәи амыцхәқәа азеиԥш ҳа ахь рырхынҳәразы алшареи.