Икьаҿу атуристтә сезон адагьы, Аԥсны акоронавирус ацәқәырԥа ҿы иалагеит, Аминистрцәа Реилазаараҿы ачынуаа ҿыцқәа цәырҵит, Аслан Бжьаниа Москва Аиааира Апарад далахәын. Иҳаҩсыз хымз рзы реиҳа ихадаз ахҭысқәа шәрыԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Аҳәаа аартра
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркны иҟан ԥшьымз инарзынаԥшуа, атуристтә усхк адагьы, егьырҭ аусхкқәа реиҳарак рҿы зегьы аҳәаа аартра даара иазыԥшын.
Ԥхынгәы анҵәамҭазы, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа уахь дцан данааз ашьҭахь, зегь ззыԥшыз ажәабжь ааит - Урыстәыла Аԥсни иареи рҳәаа аанартуеит ҳәа. Ари аҩыза аӡбамҭа аднакылеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы урыстәылатәи аоперативтә штаб.
Урыстәыла аганахьала аҳәаа аадыртит нанҳәа 1 аҩбатәи азбжазы. Убасҟан аԥсуа гангьы иаанартит аҳәаа. Нанҳәа 1 азы Аҟәа имҩаԥысит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәара. Уа ирыӡбеит атәылахь иаауа атуристцәа COVID-еилыркаагақәа рымамзар ҟалоит ҳәа, убасҵәҟьа Урыстәылаҟа Аԥснынтәи ицо ауааԥсыра ирымазар аҭахӡам ҳәа рыӡбеит аурыс гангьы.
- Бжьаниа: COVID-19 иахҟьаны аекономикатә цәыӡқәа рацәоуп
Роспотребнадзор: Аԥснынтәи ихынҳәуа атуристцәа акарантин ахь имцар ҟалоит
Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит COVID-19 здырбало атуристцәа шырхәышәтәло
COVID-19 акәша-мыкәша аҭагылазаашьа
Акоронавирус ацәқәырԥа ҿыц цәырҵит аԥхын агәазы. Аԥсны акыраамҭа COVID-19 ахҭысқәа ыҟамызт. Аха ԥхынгәы 22 рзы Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит ҩыџьа ахацәа рцәа акоронавирус шалоу шеилкаахаз.
Ацәқәырԥа ҿыц цәырҵит Аԥсныҟа Урыстәылатәи Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори рделегациа ианааз иақәыршәаны. Урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахырҳәааит, Ареспубликатә лабораториа аусура акәзар, адунеитә стандартқәа ирықәшәоит ҳәа.
Иара убас урыстәылатәи аделегациеи, Аԥсны Асанепидемстанциеи, Атуризм азы аминистрреи рхаҭарнакцәа еицны атуристцәа рыԥсшьарҭа ҭыԥқәа гәарҭеит. Атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышба иазгәеиҭеит аобиектқәа реиҳарак атуристцәа рыдкылара ишазыхиоу, вбақәак зауз аобиектқәа ракәзар, урҭ аԥсуа-аурыс ҳәаа аартранӡа идырҽеир акәын ҳәа.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы акоронавирус зыхьхьоу рзеиԥш хыԥхьаӡара 330-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 120-ҩык ргәы бзиахахьеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
"Амацәаз иҭаку" Лабра
Нанҳәа 23 рзы акоронавирус ззышьақәыргылаз Лабра ақыҭанхаҩы иԥсҭазаара далҵит, иара ачымазара илоишьҭеи 14 мшы анҵыз ашьҭахь аҳақьымцәа данрыдҵаалаз. Убри иԥсҭазаара иалҵра иахҟьаны нанҳәа 25 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә станциеи Лабра ақыҭан 14-мштәи акарантин аларгалеит.
Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Қьышьмариаԥҳа ишазгәалҭаз ала, уи апациент ичымазара акыр иуадаҩны имҩасуан. Акоронавирустә инфекциа агәаҭаразы ПЦР-тест изыҟаҵан, уи ачымазара ицәа ишалаз аанарԥшит.
Нанҳәа 27 рзы 30-ҩык инарзынаԥшуа ақыҭауаа ақыҭа амҩақәа руак аҟны амитинг аҿы еизеит. Дара агәынамӡара аадырԥшуан акарантин азы рқыҭа ахьадыркыз. Дара аԥкрақәа аԥыхны ақыҭа уалызго амҩа аадыртыр рҭахын, ианамух, ахәшәқәеи афатәи-ажәтәи ауаа ирзыршарц адҵа ҟарҵон. Амитинг сааҭқәак ицон.
Ақыҭауаа еимпит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ианиацәажәаз ашьҭахь.
Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада имҩаԥылгаз атестқәа рылҵшәақәа рыла акоронавирус зцәа иалам Лабра ақыҭауаа рқыҭа анҭыҵ ацара рылзыршо иҷыдоу аушьҭратә бӷьыцқәа рырҭоит, абри атәы нанҳәа 30 рзы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Арутиун Мелкониан. Убри аан дара ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа алганы рыҭира рылшом, иҳәеит иара.
- Амҷба Лабра инхо рзы: злеишәа зырцәгьо, ачымазара ҿкы агәра зымго роуп
Лабра ақыҭан акарантин алагалоуп
Амаҵурақәа ирырҭаз
Аԥхын алагамҭазы Аԥсны аусбарҭақәеи аминистррақәа рҟны рнапхгаҩцәа арҭон. Рашәара 11 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа донецктәи "Пятнашка" ашьаҭаркҩы Ахрик Аҩӡба жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы атәыла ахада ицхырааҩыс дҟаиҵеит. Рашәарамзазы аҳәынҭқарра ахада ицхырааҩс дҟалеит иара убас Валери Папбеи иабжьгаҩ Григори Ԥлиеи.
Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган аусԥҟа лнапы аҵалҩит АЕ "Аԥсныбылтәы" аиҳабыс Рамаз Џьапуа иҟаҵаразы. Џьапуа 2010 шықәса раахыс аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.
Аилахәыра уаанӡатәи аиҳабы Беслан Аҩӡба иганахьала ацәгьоурақәа ԥшьба рҵыхәала ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ "Анапы ианҵоу аҳәынҭқарратә мазара мҽахы ҭбаала ахатәтәреи аныхреи" ала.
Аекономика аминистр иара убас "Аԥсныҩынтәхархәара" аиҳабыс дҟалҵеит Раули Какалиа, иара 2015 шықәса раахыс аполитикатә партиа "Амцахара" Гәылрыԥшьтәи аҟәша аиҳабыс дыҟоуп.
Рашәара 1 азы Аԥсны ахаа атәылахьчара аминистр ҿыц деиҭеит. Уи аинрал-полковник Владимир Ануа иакәхееит, уи уаанӡа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Уаанӡатәи аминистр ҿыц иарҭаз аминистр иабжьгаҩыс дҟарҵеит.
Аҵара аминистр ҿыцс дҟаҵан Инал Габлиа. 2016 шықәса инаркны ИАЕ "Строительная Компания Мегаполис" (Москва) анџьныр-економистс дыҟан иара убас аԥсуа бызшәа аҵаразы онлаин-школа "Алашарбага" адиректорс дыҟан.
Ақыҭанхамҩа аминистрс дҟарҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа. Иара ари амаҵура ааникылон 2011-2014 шш. рзы.
Ԥхынгәы 24 рзы Аминистрцәа Реилазаара ҿыц аиқәыршәара аҿҳәара нҵәеит. Уи аамҭазы иара ишазгәаҭаз еиԥш еиҿкаан, уи адагьы ԥхынгәымзазы аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи аилахәырақәеи рнапхгаҩцәа гәыԥҩык аҭан.
Убас, Манана Гәыргәлиаԥҳа Аҳәынҭқарратә информациатә агентра "Аԥсныпресс" аиҳабыс дҟарҵеит, Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура дахагылеит Рамин Габлаиа, Ҭемыр Агрба Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабыс дарҭеит, Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хадас дҟалеит Руслан Тәанба, Михаил Логәуа АУН "Амшынеиқәафымцамч" дахагылеит.
Нанҳәа 28 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Сергеи Шамба атәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс дҟаиҵеит.
Ахада ицхырааҩ имаҵура шаанижьыз
Аԥхын аҵыхәтәантәи амзазы Аԥсны ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа имаҵура аанижьит. Уи мзызс иаиуит иара ақырҭуа партиа "Апатриотцәа ралианс" ахаҭарнакцәа дахьырԥылаз.
Ақырҭуа АИХқәа рдыррақәа рыла, Қырҭтәылатәи апартиа "Апатриотцәа ралианс" Давид Тархан-Моурави, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашвили Аԥсны иҟан нанҳәа 18 рзы. Анаҩс еилкаахеит Аԥсны ахада Лаша Сақаниеи дареи шеиԥылаз, уи ибзоуралоуп дара Елыртәи ауахәамахь аныхачаԥа ҳамҭас аагара зларылшаз.
Нанҳәа 20 рзы Аԥсны Аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла Апарламент иадҵаалеит апарламенттә еилакы аҟны абри афакт иалацәажәарц.
Нанҳәа 21 рзы атәыла ахада ицхырааҩ, апартиа "Аԥсны жәлар рфронт" ахантәаҩы Лаша Сақаниа ари аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо, иҳәеит ақырҭуа партиа "Апатриотцәа ралианс" ахаҭарнакцәеи иареи еиҿцәажәара ҳәа акгьы шрымамыз, адәныҟатәи аусқәа рзы атәыла ахада ицхырааҩ иаҳасабалагьы, апартиа "Аԥсны жәлар рфронт" ахантәаҩы иаҳасабалагьы.
Аха уи ашьҭахь амҽыша, нанҳәа 23 рзы иара ари аиԥылара агуманитартә ҟазшьа мацара акәын иамаз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Ашәахьа, нанҳәа 24 рзы 12-ҩык Апарламент адепутатцәа аиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа ирԥылеит. Уи аиԥылара ахыркәшамҭазы адепутатцәа аҳәамҭа ҟарҵеит Жәлар Реизара аиҳабы ихьӡала ашәҟәы шырыҩуа ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы изаамҭанытәим асессиа мҩаԥигарц азы.
Аҩаша, нанҳәа 25 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба "Нужная газета" ари азҵаара инамаданы аинтервиу анеиҭоз, ишьақәирӷәӷәеит Лаша Сақаниеи ақырҭуа ган ахаҭарнакцәеи шеиԥылаз, иара убас иҳәеит "Аруаа" ахаҭарнакцәа Лаша Сақаниа имаҵура иамхразы азҵаара шықәдыргылаз.
Нанҳәа 26 рзы акәзар, Сақаниа хатәгәаԥхарала имаҵура шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
- Лаша Сақаниа имаҵураҭыԥ шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит
Апарламент адепутатцәа изаамҭанытәим асессиа амҩаԥгара аԥшьыргоит
Акрызҵазкуа арыцхәқәа
Ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы есышықәса иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь амш, аха сынтәа акоронавирустә пандемиа иахҟьаны агәырӷьаратә церемониа, арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа ыҟамызт. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақалақьуаа АИХқәа рхархәарала дрыдныҳәалеит.
Аҟәа ақалақь амш аҳатыр азы иаартын ацәыргақәҵа "Аҟәа. Есымша иуцу аныҳәа", уи еиҿнакааит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Уа ицәырган еицырдыруеи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәеи рҭыхымҭақәа, урҭ зызкыз ақалақь есыҽнытәи аԥсҭазаара, апеизажқәа, аибашьра ҟалаанӡатәии аибашьрашьҭахьтәии акультуратәи архитектуратәи баҟақәа.
Зынӡа ицәырган 50 усумҭа, иара убас иқәыргылан Осип Мандельштам, Константин Паустовски, Антон Чехов Аԥсныҟа раара иадҳәалаз ргәалашәарақәа рҟынтәи ацитатақәа.
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Абираҟ амш. Аҟәа имҩаԥысит амото-, маланыҟәатә мҩасра, аҵәыџьмцақәа, иара убас абираҟ ду кны аҿар аԥшаҳәа ианысит.
Ахәылбыҽха Аԥсуа драмтеатр аҿаԥхьа имҩаԥысит акәашаратә ансамбль "Кавказ", ахәыҷтәы хореографиатә студиа "Иаирума", Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рарҳәагақәа рансамбль злахәыз аконцерт.
Ԥхынгәы 31 рзы атәылаҿы ԥсшьарамшны ирыларҳәеит аԥсылман ныҳәа Кәырбанныҳәа аҳаҭыр азы. Апандемиа иахҟьаны агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа мап рыцәкын.
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналагаз амш азгәаҭан нанҳәа 14 рзы. Аԥсны ахада раԥхьар днаргылан, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ари аҽны Ахьӡ-аԥша амемориал аҟынтәи Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа ауаа мҩасит. Уи аҭыԥ баша иалхмызт - уа ауп раԥхьатәи ақырҭуа-аԥсуа еидысларақәа ахьыҟалаз. Ацҳа ҟаԥшь аҟны акциа иалахәыз агәалашәаратә цәашьқәа адыркит.
Атәыла ахада иара убас хаьәгәаԥхарала еибашьра иааз дырԥылеит. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеи дара ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ирбаз аџьабаа ахәшьара шыуадаҩу. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Ҭемыр Шарданов ҟабарда-балкартәи аибашьцәа рыхьӡала "Ачерқьес диаспора" захьӡу ашәҟәы атәыла ахада ҳамҭас ииҭеит.
Нанҳәа 26 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 12 шықәса аҵра. Уи аҽны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз, Аԥсны раԥхьатәии аҩбатәии рхадацәа Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи ргәаладыршәеит. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысит агәырӷьаратә концерт, уи иалахәын аԥсуа шәаҳәаҩцәеи урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа Иулиа Чичеринеи Александра Морозовеи.
Аспорт аҿы аихьӡарақәа
Акоронавирус иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа анаԥырх ашьҭахь атәылаҿы аспорттә еицлабрақәа мҩаԥырго иалагеит.
Ԥхынгәы 15 рзы ахацәа рыбжьара анапылампыл азы ачемпионат хыркәшан, Леонид Аргәын ихьӡ зху аҳәса рыбжьара анапылампыл азы атурнир хыркәшан акоманда "Гәдоуҭа" аиааирала, ԥхынгәы 24-30 рзы Атеннис афедерациа раԥхьатәи ахада, Аԥсны афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәара иазкыз ареспубликатә теннистә турнир мҩаԥысит.
- "Гәдоуҭа" Леонид Аргәын ихьӡ зху аҳәса рнапылампыл азы атурнир аҿы иааиааит
Ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы аицлабрақәа мҩаԥысит
Ашьапылампыл азы Аԥсны Асуперхраҿа иаиааит аҟәатәи "Нарҭ".
Иара убас аӡсаразы аицлабра "Swim Sukhum" мҩаԥысит, уи иалахәын 400-ҩык ауааԥсыра. Зегь иреиҳаз абжьаӡара 2700 метра иҟан, уи раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит. Уи иалахәыз зегьы ақьафурҭа "Аԥра" инаркны аплиаж "Мокко" аҟынӡа иӡсар акәын. Ари аицлабрахь ианырҵаз аԥышәа змоу аӡсаҩцәа заҵәык ракәын.
Нанҳәа 22 рзы аԥсуа боксиорцәа Харитон Агрбеи Баҭал Ҷежьиеи Казан имҩаԥысуаз абокс ахәылԥаз "Столото. Вечер бокса WBC" аҟны иқәԥон, Игор Адлеиба иакәзар - Екатеринбургтәи аицлабра RCC Boxing Promotions аҟны.
Харитон Агрба, аӡбаҩцәа еицҿакны ишырыӡбаз ала, дииааит Сослан Тедеев ашоу "Столото. Вечер бокса WBC" аҟны, абри атәы аанацҳаит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы.
Баҭал Ҷежьиа, аӡбаҩцәа изларӡбаз ала, аурыс спортсмен Сергеи Кожухар иҟны даҵахеит атитул WBC Youth азы реиндаҭлараҿы.
Игор Адлеиба Екатеринбург имҩаԥысуаз аицлабра RCC Boxing Promotions аҟны Кантемир Калажокови иареи еиҭахарала еилгеит. Аԥсуа боксиор ахԥатәи араунд аан ааха иоуит, аха уи азы аиқәԥара аанкыламызт.
Беслан Гәыблиа Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит. Иара Гәыблиа аашықәса раахыс еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩс аус иуан.
Беслан Гәыблиа Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит
- Гәыблиа еиҭеиҳәеит Аԥснытәи еизгоу акоманда аҽазыҟаҵарақәа ртәы
Азыҟаҵаҩ ҿыц еиҭеиҳәеит уажәазы акоманда арҿыцра ишаҿу – аӡәы-ҩыџьа аԥышәа змоу аспортсменцәа аанхоит, егьырҭ ԥсаххоит ҳәа. Акандидатцәа заанаҵтәи рсиа аздырхиахьеит.
2016-2020 шықәсқәа рзы Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дыҟан Беслан Аџьынџьал, иара ари амаҵура аанижьит 2020 шықәсазы аҭаацәаратә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны.
Уаанӡатәи азыҟаҵаҩ иусура ашықәсқәа рзы акоманда иаиуз аихьӡарақәа бзиоуп ҳәа ишьоит.
"Абри аамҭа иалагӡаны ҳкоманда ConIFA аверсиала зны адунеи иачемпионхеит, ҽазны араӡны иаԥсахеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны ҳтәыла ахьӡала иқәгылоит, иара еиҭашьақәыргылан 2012 шықәса, ԥхынҷкәын 4 рзы. Акоманда ФИФА, ма УЕФА иалам, аха аиҿкаара ConIFA иалахәуп. 2016 шықәса аԥхынразы Аԥсны имҩаԥысуан ConIFA аверсиала ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат, ари ачемпионат аҿы аԥсуа команда аиааира агеит.
Раԥхьатәи аицлабра "Аԥсны агәадура" алҵшәақәа
Мызқәак раахыс имҩаԥысуаз анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны иаиааиз хәҩык рыхьӡқәа рыларҳәеит Аҟәа. Аицлабраҿы аиааира згаз алкаан алахәцәа рфинлатә реитинг алҵшәақәа рыла, иара шьақәгылон 70% аконкурстә комиссиа рыхәшьаралеи, 30% онлаин-бжьыҭаралеи.
Хәҩык аиааирагаҩцәа рыхьӡқәа иҳәеит анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" аԥҵаҩы, Урыстәыла аҳәынҭқарратә абжьгаҩ ҵабыргы Инал Арӡынба.
"Сара зыхьӡ сҳәо зегь реиҳа иазыҟаҵоу роуп, егьыс шәара зегь аиааира жәгеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит акомиссиа иалаз зегьы, сара издыруеит шаҟа гәыкала абри апроект шәазнеиз. Иара убас иҭабуп ҳәа расҳәоит Милана Ҳашԥҳа напхгара зылҭоз аиҿкааратә комитет", - иҳәеит Арӡынба.
Ауаа рыбжьыҭареи аконкурстә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба, ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.
Ҵәыџьба: аԥсуаа ҳхатә система - Аԥсуара - зегьы шьагәыҭс иамазароуп
Инал Арӡынба иазгәеиҭеит аицлабра иалахәу зегьы "Аԥсны аԥеиԥш" захьӡу ареформақәа рпрограмма аус адулара иадԥхьалахоит, уи апрограмма ашықәс анҵәамҭазы зегьы идырбахоит. Уи аус адулара иалахәуп Урыстәыла Афинансқәа рминистрр иатәу Аҭҵаарадырратә финанстә институти Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи.
Атәанчахәқәа графикла
Ари аԥхынразы Аԥсны атәылауаа агәынамӡарақәа рызцәырызгаз ахҭысқәа.
Ԥхынгәы анҵәамҭазы Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны аурыс тәанчахәи аԥсуа ԥарашәарақәеи роулоит рбанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахбанк акассақәа рҿы мацара, мамзаргьы атәанчаҩцәа ахьҭаҩу егьырҭ акоммерциатә банкқәа рҟны.
Иара иажәақәа рыла, есышықәса атәанчаҩцәа рышәҟәҭагаларақәа рыбжьара ауаҩы даныԥсуа, уи иҭаацәа атәанчахәы ргоит уи шзакәанымгьы.
Атәанчаҩцәа аҵыхәтәан рышәҟәҭаҩра анымҩаԥгаз аахижьҭеи изакәанымкәа 17 миллион мааҭ раҟара ирыҭан. Убри аан Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа ашәҟәы реиҭаҭаҩра есжәамз имҩаԥысуеит. Аџьба иажәақәа рыла, изакәанымкәа иҭызгаз рыԥшаареи урҭ аԥара дырхынҳәыртә аҟаҵареи аураны иҟаӡам.
Аԥсны аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик есымза ишьақәнаргылалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Абыхәба.
"Аԥсны аҵәахырҭатә банк есымза атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылалоит. Уи зыхҟьо, есымза аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи еиуеиԥшым азоуп. Уажәы нанҳәатәи аграфик шьақәҳаргылоит. Ҳахәаԥшуеит ԥхьаҟатәи аусурақәа шцо", - иҳәеит иара.
"Акурорт Пицунда" аиҳаб ҿыци згәы намӡози
Нанҳәа алагамҭазы "Акурорт Пицунда" аиҳаб ҿыц дарҭеит, уи Фрикан Гәынба иакәхеит. Аха уи имаҵура иаҭара ашьҭахь анаплакы аусзуҩцәеи ақалақь иқәынхо рыхәҭаки еизеит, урҭ Гәынба еиҳабыс иаҭара иақәшаҳаҭмызт.
Дара агәынамӡара аадырԥшит анаплакы уаанӡатәи аиҳабы иамҳәаӡакәа акандидатура ҿыц ахьықәдыргылаз.
Шьаҟрыл дидгыло дықәгылеит уаанӡатәи атуризм азы аминистр Авҭандил Гарцкьиа. Иара иҳәеит Шьаҟрыл инапхгарала акурорт аекономикатәи афинанстәи рбагақәа акыр ишеиӷьхаз уаанӡа аасҭа.
Нанҳәа 10 рзы абри азҵаара иалацәажәеит аветерантә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" алахәылацәа. Даргьы Шьаҟрыл иамхра иаҿагылеит.
"Иазгәаҳҭар ҳҭахуп аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩ аан "Акурорт Пицунда" иамоу ақәҿиарақәа мбашьа шрымам. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәынҭқарра иалагалаз аԥара уаанӡа аасҭа акыр иеиҳан", - ҳәа азгәаҭоуп "Аруаа" рҳәамҭаҿы.
Иара убасгьы аҳәамҭаҿ иазгәаҭан Пицунда ишымҩаԥгаз ауаа иаҳтәу иаҳтәым ҳәа реиҟәшара, убри аан апрофессионалтә ҟазшьақәа азхьаԥшра шрыҭамыз. Уи адагьы аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Пицунда иадҳәалоу аминистр идҵа иунарбоит ауаажәларра реиҟәшара иалҵшәоуп ҳәа, ҿыц иарҭо амаҵурауаа рпрофессионалтә, русутә зыҟаҵара иахьмырԥшкәа иарҭоит ҳәа, убри зегьы ауаажәларра рыбжьара агәынамӡарақәа цәырнагоит.
Ахада ҿыц Sputnik нанҳәа 10 рзы аинтервиу анеиҭоз иҳәеит иусура ҭыԥ аҿы дшыҟоу, инапынҵақәа рынагӡара уаҩ дшаԥырхагам. Фрикан Гәынба напхгаҩык иаҳасаб ала иаԥхьаҟатәи ипланқәа дрылацәажәеит.
"Имҩаԥысуа аремонттә усурақәа ԥхьаҟагьы ирыцҵахоит. Иҳалшо ҟаҳҵалоит акурорт ахашәала аанашьҭуа аҟаҵаразы", - иҳәеит иара.
Пицунда ауааԥсыреи ақалақь ахадареи реиқәшәара мҩаԥган нанҳәа 10 рзы. Аизара иалахәын 70-ҩык рҟынӡа. Пицунда ауааԥсыреи ақалақь ахадареи реиқәшәараан "Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба ихаҭыԥуаҩыс Ҭемыр Ҭарба икандидатура ықәыргылазарц аӡбара рыдыркылеит еизаз ауаажәлар.
Нанҳәа 15 рзы "Нужная газета" аинтервиу аҭо, Нодар Шьаҟрыл аҳәамҭа ҟаиҵеит иамхразы аӡбара дшадымгыло, Апарламенти аӡбарҭеи рҿы аиҭахәаԥшра мҩаԥгахап ҳәа дышгәыӷуа. Шьаҟрыл иазгәеиҭеит ахада ҿыц Фрикан Гәынба иара дыҟамкәа дышнаргаз.
Атуризм азы аминистрра апресс-маҵзура иазгәанаҭеит Фрикан Гәынба икандидатура еиҭахәаԥшраны ишыҟам, уи азы аминистр изинмчқәа рҳәаа иҭагӡаны аӡбара шидикылаз.
Михаил Бабич Аԥсныҟа иаара
Нанҳәа 20 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабичи реиԥылара. Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит Михаил Бабич иаара уаанӡа изныкымкәа алацәажәара заухьаз азҵаарақәа аимпульс ҿыц рынаҭап ҳәа.
- Аимпульс ҿыц: Аслан Бжьаниа дидикылеит Михаил Бабич
Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аргыларазы аԥара иҵегь азоужьхоит
Михаил Бабич иазгәеиҭеит макьана иҵегь еиқәыршәатәу аобиектқәа шыҟоу – ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи.
Апарламент ахь аиҭалхрақәа
Аԥсны Алхратә комиссиа хада Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны адепутатрахь кандидатцәас иҭанаҩит Ҭамази Леибеи Ҭемыр Беиеи АКХ аилатәараҟны аԥшьаша, нанҳәа 20 рзы.
- Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭаргалеит Бзыԥҭатәи аокруг аҟны иқәгылоу акандидатцәа
Ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз аиҭалхрақәа раан урҭ рыҩџьагь рахьтә аӡәгьы алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак рмоуит. Убри инамаданы Алхратә комиссиа хада ари алхратә ҭыԥ хада ала аиҭалхрақәа ҩаԥхьа шымҩаԥнаго рыланаҳәеит.
Аспелеолог иҭахара
Урыстәылатәи аспелеолог Павел Демидов Аԥсныҟа аекспедициа дацны дааит Москвантә, иара аспелеологиа даҿын 30 шықәса инареиҳаны. Хыԥхьаӡара рацәала аекспедициақәа мҩаԥигахьеит, Вериовкин иҳаԥы аҭаларагьы уахь иналаҵаны, ари аҳаԥы аҵанӡа инаӡаз агәыԥ анапхгаҩцәа дыруаӡәкын. Урыстәылатәи аспелеолог Павел Демидов дахьҭахаз аҳаԥаҿы ахаҳә гәалқәа иқәҳаит 305 метра аҵаулараҿы дшыҟаз.
Урыстәылатәи аспециалистцәеи аспелеологцәеи инарываргыланы аиқәырхаратә операциа иалахәуп Аԥсны АҶА аспециалистцәагьы. Дара аԥсыбаҩ аҭгара мчыбжьык аҟара аамҭа агар ауеит ҳәа рҳәахьан.
Аԥсны иҟоу аҳаԥқәа рыҭҵааразы аекспедициақәа мҩаԥысуеит асовет аамҭақәа раахыс. 1981 шықәса раахыс Асовет Еидгыла аспелеологцәа аҭҵаарадырра-систематә знеишьала аҳаԥқәа рыԥшаара иалагеит. Арбаика ашьхеибаркыра хәҭа-хәҭала еихшан, анаҩс аспелеоклубқәа рыбжьара иалырхит доусы хәҭас иҭырҵаауа.
Гагратәи ашьхеибаркыра аладатәи анаара ахкәакь ҳәа ахьӡырҵеит уи аҳаракырақәа - Арбаика, Зонт, Хырка - реикәагылашьа иаҿырԥшны. Уажәтәи аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы араҟа иалкаан архақәа хәба. Иҭахаз аспелеолог Арбаика ашьхараҿы аԥхынтәи аекспедициа мҩаԥызго акоманда CAVEX аилазаара далан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Sputnik амчыбжь: ахадеи аиҳабыреи реилатәара, Михаил Бабич иаара
Sputnik амчыбжь: акоронавирус, Пицунда аилаҩеиласра, иҷыдоу арыцхә
Sputnik амчыбжь: атурсезон ахацыркра, атәанчахәқәа графикла, аԥсуа ҩқәа
Sputnik амчыбжь: Апарламент ахь алхрақәа, ААР аҿаԥхьа амитинг, аветеранцәа рыпроблемақәа
Sputnik амчыбжь: Бжьаниа иконференциа, атурсезон аигәыӷра, аџьамцәа рыраӡны
Sputnik амчыбжь: Аиааира апарад, Артур Анқәаб ихақәиҭтәра, Аԥсуа баагәара ду
Sputnik амчыбжь: амиллионқәа рус, агуманитартә коридор, акадр ҿыцқәа
Sputnik амчыбжь: Аҟәа арԥшӡареи, акриминалтә хҭысқәеи, акоронавируси