Избан Апарламент адепутат ицхырааҩ Лаша Сақаниа имаҵура дзамырхыз, иарбан усҭҵаароу имҩаԥигаз адепутат Валери Агрба, избан ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" Ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы аилацәажәара изалахәымыз – абарҭи егьырҭи ажәабжьқәа Sputnik аиқәыԥхьаӡаҿы.
Sputnik
Акоронавирустә ҭагылазаашьа
Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа жәпакы рԥсыҽуп, жәабран 22 инаркны. Хықәкыла, ашколқәа ирзыхынҳәуеит 5-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа, азеиԥшкрыфарҭақәа ахыбра аҩнуҵҟа русура азин ҟаҵоуп.
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵан.
Убри аан хәажәкыра 10 рҟынӡа аспорттә обиектқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура, арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа, акомпиутертә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа русура азин ыҟам.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12777-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12112-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 197-ҩык.
Жәабран 27 рзы аоперштаб адыррала COVID-19 змаз ԥшьҩык ԥсит, руаӡәк 1981 шықәсазы ииз лоуп.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ажьырныҳәа 8 раахыс акоронавирустә инфекциаҟынтәи Москва Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр аҿы иҽихәышәтәуеит.
Александр Анқәаб игәабзиара акырӡа еиӷьуп иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аппарат аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кристиан Бжьаниеи Анқәаби иареи ҭелла ианеицәажәа ашьҭахь.
Жәабран 15 рзы адырра ҟаҵан иара аинтенсивтә терапиа апалатаҟынтә астационар ахь диаргеит ареабилитациатә курс амҩаԥгаразы.
Афымцамч аусхк аҟны аҭагылазаашьа
Жәабран 23 рзы Аминистрцәа реилазаараҿ имҩаԥган аусутә еилацәажәараҟны. Аилацәажәара мҩаԥысуан аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ихантәаҩрала, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, араионқәа рхадацәа, Аҳазалхратә еилакы, Атехникатәи, астандарттәи, ахархәаратәи хылаԥшра рхаҭарнакцәа алархәны.
Жәабранмзазы Аԥсны афымцамч ахархәара 100 мегаваттк рыла еиҳахеит ҳәа арбагақәа ааган аилацәажәараҿы.
ЕгрыГЕС аремонт цонаҵы "Амшынеиқәафымцамч" ишьақәнаргылеит узхымсша алимитқәа, аҵаратә усбарҭақәа русура ахацыркрагьы азԥхьагәаҭан.
"Ажьырныҳәамзазы ареспубликаҿы ахархәара аҭан 380 мегаватт, ари амзазы – 485 мегаватт. Астанциа маҷқәа зегьы рҿы аноминал иацны аусурақәа мҩаԥысуеит. Аидаратә уадаҩрақәа ирықәшәаны иҟоуп астанциа маҷқәа "Аҟәа-2", "ИЕПИТ", "Баслаҭа". Ԥхьаҟагьы ас иҟалар, аԥкрақәа алагалатәхоит", - ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа.
Аԥсны уажәнатә ахы ианархәахьеит 290,5 миллион киловатт-сааҭ иазоужьу 800 рҟынтәи.
Жәабран 26 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аус зуаз амаининг ферма ахьырыԥшааз аҭыԥ аҿы аӡәгьы игәы иҽанӡамкәа днеит хаҭала инапынҵақәа шынарыгӡо ибарц.
Ахада уаанӡа иаҿырххьаз амаинингферма, "Аԥсныавтомҩа" иатәыз аҵакыраҿ игылаз, даҭааит, адҵа ҟаиҵеит ахархәагақәа ықәгазарц.
Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада Аслан Бараҭелиа иҳәеит аферма аԥшәмацәа шыԥшааз урҭ ахада иажәа мап шахырымҳәааз.
Аслан Бжьаниа иара убасгьы днеит жәабран 24 рзы Очамчыра уаанӡатәи ачаифабрика аҵакыраҿы иаарԥшыз акриптоферма ахьыҟаз аҭыԥ ахь. Афермаҿ аус руан 1900 маининг-аппарат, иқәгылан атрансформаторқәа ԥшьба.
Амилициа араионтә ҟәша аиҳабы Леуан Аҳәба ахада иеиҳәеит адокументқәа инарықәыршәаны аферма зхатәу Баслахә ақыҭан инхо Давид Гогьиа иоуп ҳәа.
Убри аан иҟоуп азинхьчаратә усбарҭақәа ринформациа – аферма зтәу ҽаџьоукуп ҳәа. Аслан Бжьаниа иҳәеит аферма иадҳәало ауаа рхаҭарақәа шьақәыргылазарц.
"Урҭ рыбжьара амаҵзурауаа ыҟазар, асиақәа азшәырхиа. Ариаҟара аҳақәа ироуа ақәыӷәӷәара иахҟьаны акомпиутертә томограф аус ауам, ахьҭа иакуеит ахәыҷқәа, абыргцәа. Аус руам алифтқәа. Асеиԥш закәаншьаҭада ари аус ԥеиԥш амам", - иҳәеит Бжьаниа.
Адепутат имашьынаҿы амаинерқәа
Аминистрцәа реилазаараҿы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәааҟны адепутаттә маҵзуратә машьына шаанкылаз, ишыҭгаз акриптовалиута аиуразы амыругақәа быжьба. Иара иажәақәа рыла, уажәы ирымырхыз аппаратк ижәытәу аппаратқәа 6-7 рус нанагӡоит.
Жәабран 25 рзы еилкаахеит абри аус инадҳәаланы имаҵураҟынтәи ихы дшақәиҭтәу адепутат ицхырааҩ Лаша Сақаниа.
Аԥсны Жәлар Реизара апресс-маҵзура адырраҭараҿы "Шәача ақалақь аҿы аремонт ззыҟарҵоз апарламенттә маҵзуратә машьына аҳәынҭқарратә ҳәаа ианахысуаз аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы иаанкылан. Амашьына аԥсҟы икын Апарламент адепутат ицхырааҩ. Иахьа иара имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп", - ҳәа аҳәоит.
Ахадацәа рбаҟақәа
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рекспозициа аатит Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы жәабран 24 рзы.
Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроект алкааразы аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аҟәа, хәажәкыра 3 рҟынӡа.
Аконкурс иалахәуп апроектқәа жәба. Урҭ рҟынтәи ааба Аҟәа атема иадҳәалоуп. Абаҟа ықәыргылахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Иара убасгьы абаҟа ықәыргылахараны иҟоуп Очамчыра араион ахадара ахыбра аҿаԥхьа.
Хәажәкыра хԥа рзы Аҳәынҭқарратә монументалтә комиссиа аилатәара мҩаԥнагоит иреиӷьу апроект алхразы. Акомиссиа иалахәуп 14-ҩык – аскульпторцәа, асахьаҭыхыҩцәа. Уи адагьы, аминистрра асаит аҿы имҩаԥысраны иҟоуп онлаин бжьыҭира. Уи аихшьаалақәа аконкурстә комиссиа алахәылацәа руаӡәк ибжьы иаҟаратәхоит.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы.
Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29 2011 шықәса рзы.
Уаанӡа Владисла Арӡынба ибаҟа азы ицәыргаз апроектқәа амонументалтә ҟазаразы акомиссиа мап ҳәа ахырҳәааит. Аиҭеицлабра рылаҳәоуп.
Атуристтә бренд ҿыц
Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аиҭеицлабра аихшьаалақәа рыла аиааира згаз иалкаара жәабранмза 25 рзы имҩаԥгахеит.
Жәабран 24 рзы имҩаԥган аус аиҭадулараз ирхынҳәыз апроектқәа хәба рӡыргара.
Алоготипқәа хԥа аԥшьгаратә гәыԥ "Ҳара Ҳақалақь" (наш город – аред.) иӡырыргеит. Апроектқәа руак – адизаинер қәыԥш Арина Ҷкадуаԥҳа, иара убасгьы аминистрра аусзуҩ Саид Аршба иӡыригеит уаанӡа аиааира згаз алоготип, Санкт-Петербургтәи адизаинер иусумҭа.
Ажиури рыбжьыҭирала иалкаахеит аԥшьгаратә гәыԥ "Ҳара Ҳақалақь" алоготипқәа руак.
Ажьырныҳәа 22 рзы Атуризм аминистрраҿы имҩаԥган аицлабра аихшьаалақәа. Афинал ахь ажьырныҳәа 22 рзы х-усумҭак неит. Аиааира игеит абжьқәа реиҳарак зауз, Санкт-Петербургтәи автор, аха убри аан ажиури ирҳәеит амакет еиҭа аус адулатәуп ҳәа.
Аицлабра ашьҭахь аусумҭа ахцәажәара ду аиуит. Онлаин-бжьыҭара ашьҭахь аиааира згаз аусумҭа Аԥсны ауаажәларреи апрофессионалцәеи рыбжьара аимак-аиҿак цәырнагеит. Иӡбан аиҭабжьыҭира амҩаԥгара.
Аминистрреи апрофессионалтә дизаинертә еилазаареи ирыӡбеит аицлабрахь иаашьҭыз 54 усумҭа рҟынтәи аҽа 4 усумҭак алхны ажиури рыбжьара абжьыҭара мҩаԥыргарц. Уи ашьҭахь аҽазныкгьы абжьыҭара мҩаԥгазарц.
Дмитри Богданов: Аԥсны агәабзиарачаԥаратә туризм рҿиалатәуп
Урыстәылатәи аҵараиурҭа азыхиоуп атуризм аганахьала аԥснытәи абитуриентцәа рыдкылара
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рыпроблема
Жәабран 24 рзы Атуризм аминистрра имҩаԥнагеит аекскурсиатә фирмақәа рхаҭарнакцәа, акурорттә раионқәеи атуристтә обиектқәеи рхаҭарнакцәа рԥылара.
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рыпроблема хада ҳәа аӡбахә рҳәеит рыхәԥса еиҵатәны Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи изакәанымкәа атуристцәа рымҩангара.
"70% атуристцәа рыдрыԥхьалахьеит. Атуристцәа ирзеиҭарҳәогьы еилкаам. Официалтә турфирмак аҳасаб ала аекскурсантцәа ҳара имҩаԥаагозар, иахәҭоу ашәахтәқәеи абаџьқәеи зегь ҳшәалон", - ҳәа иҳәоит атурфирма аиҳабы Форд Чычба.
Аминистр ари азҵаара ахылаԥшра шеиҭо иҳәеит. Иара убасгьы ипроблеманы иҟоуп аԥстәқәа ирыдгылан афотоҭыхрақәеи амилаҭ маҭәа рышәҵаны атуристцәа рфотоҭыхрақәеи. Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ишырҳәо ала ари атуристцәа ирыдҵаны иддырҟаҵо маҵзуроуп.
Ҭеимураз Хышба иҳәеит ари апроблема иаанкылатәу проблеманы ишыҟоу.
Ашкол аҿы амцакра
Жәабран 22 рзы ахатә школ "Альфа" ахыбраҿы уахынланы амцакра ҟалеит. Ашкол ахыбра алҩа шықәчыз лбеит ааигәа инхоз аԥҳәыс, лара АҶА ахь адырра ҟалҵеит.
Аҟәатәи амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аусзуҩцәа уахь инеиит х-минуҭк рыҩныҵҟа. Уи аамҭазы аҩбатәи аихагылаҿы ауадақәа руак амца еимҽханакхьан, иблыз адашьма актәи аихагылахь еилаҳахьан.
Амца дырцәон амцарцәаратә ҟәшақәа хԥеи аиқәырхаратә ҟәшеи. 24 метр ԥшьыркца иҟаз аҵакыра блит.
Аԥсны АҶА заанаҵтәи адыррала абылра ҟалеит иаҿаркыз арԥхага иахҟьаны.
Ажәалагалақәа аус рыдулара
Жәабран 26 рзы Ауаажәларратә хеилак аԥҵара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада иҳаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаз аизараҿы. Аиқәшәара иалахәын аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Аҳәынҭқарра ахада иҳаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аиԥылара аартуа иҳәеит аусутә шаԥҵоу еиҳа аԥеиԥш змоу аекономикатә хырхарҭақәа рҳәаақәҵаразы. Нас ажәалагалақәа атәыла ахада ишизынашьҭхо, аиҳабыра урҭ рынагӡаразы анапынҵа ҟаиҵарцаз.
Аусутә гәыԥ иалахәуп: ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Виачеслав Чыргба, аекономика Аинститут адиректор Заур Шьалашьаа, Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, абизнес ахаҭарнакцәа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала ашьаус
Аԥсны Апарламент адепутат Валери Агрба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара ахацыркра азиншьаҭа амазу иамамзу азы апарламенттә ҭҵаара мҩаԥигеит. Абри атәы адепутат далацәажәеит жәабран 23 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.
Агрба иажәақәа рыла абри азы иара Агәабзиарахьчара аминистрра дадҵаалеит. Аусҭҵаараз иара иҭан аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа идҵа ахкьыԥхьаа, аус аҩныҵҟатә ҭҵааразы акомиссиа аԥҵаразы. Акомиссиа аԥҵан Апрокуратура хада амаҵзуратә напынҵақәа рхыҳәҳәареи ахәышәтәырҭаҿы ихықәкымкәа аԥараныхра аҟазаареи рзы аҭҵаара мҩаԥгатәуп ҳәа абжьагара аныҟанаҵа ашьҭахь.
Акомиссиа алкаақәа ҟанаҵар акәын ажьырныҳәа 28 аҟынӡа, аха ус акгьы ҟаҵамызт.
Адокумент апроцессуалтә документқәа рыла арегламент азумызт. Акомиссиа аусура ԥхьаҟа иурҭбааргьы ауан, Апрокуратура хада азыҳәа абжьагара ҟазшьа ахьамаз азы. Апрокуратура азыԥшуп Агәабзиарахьчара аминистрра иаднакылараны иҟоу ауснагӡатәқәа иҳәеит адепутат.
Жәабран 2 рзы Апрокуратура хада аминистррахь ашәҟәы нанашьҭит амаҵзуратә гәаҭара аҭахым ҳәа. Убри ашьҭахь аусҭҵаара хацыркын. Адепутат Валери Агрба ари оумашәа иубаша ауп ҳәа ахиҳәаауеит, избанзар апарламенттә еилацәажәараан Апрокуратура хада ахаҭарнакцәа ирҳәон аусҭҵаара изалагаз аминистрра акгьы ахьыҟанамҵози акомиссиа ахьаԥҵамзи азы ауп ҳәа.
Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит Апрокуратура хада ахара шырхаранаҵогьы Апарламент ари аус ахы аланамырхәит, имҩаԥгаз аилатәара акәзар атәыла амедицинатә еилазаара рыҳәарала имҩаԥган.
Жәабран 24 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала ихацырку ашьаус азы ауаажәлар рахь аҳәамҭа ҟарҵеит.
Аполлон Гәыргәлиа иажәақәа рыла, ашьаус ҵаҵӷәыс иамоу – Ареспубликатә хәышәтәырҭа алабораториеи еиҭеиҿкаау "Савитар" аусзуҩцәа еиҿыркааз алабораториеи реимак ауп. Гәыргәлиа ишиҳәо ала, аимак ахы акхьан 2016 шықәсазы, иара ихаҭа Апарламент адепутатс даныҟаз аамҭазы.
Аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иазгәеиҭеит аӡәы ацәгьаршра иирҟаҵазшәа ма Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахыбра арендла аҭиразы аилаӡара мчыла аӡәы инапы иаҵаирҩызшәа, ахԥатәи ахаҿқәа ареактивқәа риҭазшәа, Аполлон Гәыргәлиа мчыла ацәгьоура ирҟаҵаразы абџьар ихы иаирхәазшәа ихарарҵо акгьы ҵаҵгәык шамам.
Иара иҳәеит инапы иану ахәышәтәратә процесс аиҿкаареи имҩаԥырго аҭҵаарақәа рхаҭабзиара ахылаԥшра аҭареи шракәу.
"Сара мап ацәыскуеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аматериалтә аиԥш даҽа ԥхасҭак аҭараҿы салахәуп ҳәа ирҳәо. Сыԥсҭазаара зегьы, ҳақьымк, тәылауаҩык иаҳасабала ҳмедицина ашьҭыхра иазкуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Воуба дақәшаҳаҭым Апрокуратура хада ахымҩаԥгашьа, аусҭҵаараан апроцессуалтә еилагарақәа ыҟан ҳәа ишьаны.
Ахада иҿы Ауаажәларратә хеилак
Жәабран 23 рзы Ауаажәларратә хеилак аԥҵара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада иҳаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаз аизараҿы. Аиқәшәара иалахәын аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Адырҩаҽны радио Sputnik аинтервиу аҭо ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит: "Аполитикатә партиақәа роума, аԥшьагаратә гәыԥқәа роума, ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа хаҭала азхәыцра азуны абас еиԥш иҟоу аформат иаҳа иазымариахап ҳәа иазиԥхьаӡеит атәыла ахада. Сгәы иаанагоит ас еиԥш ажәалагала ахаҵгылара аиуп аизара ашьҭахьгьы. Ари ажәлар иргәаԥхап ҳәа акәӡам ҳшазнеиуа, ари алҵшәа аиур ҳҭахуп. Уи азы ҳара ҳашәқәа аарҭуп аимадаразы, ҳазыхиоуп Аԥсны иахәо азҵаара аӡбараҿы иахәҭоуп ҳәа азҵаара иқәзыргыло иацәажәара. Ахеилак аҿы аполитика иаҳа имаҷны, ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хьанҭақәа, асоциалтә, ашәрҭадаратә, адәныҟатәи аусқәа рҭагылзаашьа, уҳәа ахьырыӡбо ҭыԥны иҟалап ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа.
Аԥсны ахада иҟны Ауаажәларратә хеилак аԥҵара атемала имҩаԥгаз аилацәажәара аусура рхы аладырхәит шамахамзар аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Ахеилак ахантәаҩра мҩаԥигоит ахада, алахәылацәа еизалоит хымз рахь знык. Иацы Сократ Раҷ-иԥа Џьынџьал ажәалагала ҟаиҵеит ахеилак еизаларц иара алахәылацәа иахәҭаны ианырыԥхьаӡо. Ҳара ари ҳазхәыцуеит", - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
- Ҳагба ауаажәларратә хеилак азы: хӡыргараны иаанхар, анырра ҟанаҵаӡом
- Ауаажәларратә палата адублиаж, мамзаргьы акгьы злымҵуа аус
Аԥсны ахада иҟны Ауаажәларратә хеилак аԥҵара атемала имҩаԥгаз аилацәажәара аусура рхы аладырхәит шамахамзар аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа. Аилацәажәара ахы аланамырхәит ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара", уи азгьы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
"Аидгылара" зымнеиз амзызқәа ируакны иазгәанаҭеит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы ахада даналырхуаз адгылара изҭаз апартиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа дахьырԥылаз. Дара уи ажәлар реиҟәшареи аиҿагылара арцыхцыхреи ирзырханы иршьеит.
Ахада Иусбарҭаҿы ари аҩыза агәаанагара иашам ҳәа иазырыԥхьаӡоит, Бжьаниа аус ицыруырц азы змаҵурақәа ирызныжьыз уаанӡатәи анапхгара иалахәыз ачынуаа рсиа ааргоит.
Ауахәамақәа рҿы анцәаимҵаныҳәарақәа хацыркуп
Аԥсны ауахәамақәа рҟны анцәаимҵаныҳәарақәа ирылагеит жәабран 27 рзы ҳәа иҳәеит Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссарион Аԥлиа.
"Москватәи апатриархат ҳацхраалоит ҳхала ҳаҟазаара апозициа. Аурыс иашахаҵаратә уахәама ҳадгылоит Аԥсны зхала иҟоу ауахәама ашьақәгылараҟны. Автокефалиа аӡбахә аҳәара макьана изаауп, уажәазы автономиа еиҭашьақәҳаргылароуп. Абыржәтәи аамҭазы аԥсуа католикосат аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп, уи акыр аамҭа зҭаху процессуп. Кавказ иахьаҵанакуа Урыстәыла ада макьана аиашахаҵаратә дин џьаргьы ишьақәдмыргылаӡацт", - иҳәеит иара.
Автономтә Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҭашьақәыргыларазы Москватәи апатриархат ацхыраара ҟанаҵоит анцәаимҵаныҳәарақәа аԥсышәала рымҩаԥгараҟны, уи азы Урыстәыла иҷыдоу алитература ҭрыжьлоит, аиҭагаратә комиссиа аусура ҭышәындыртәалоит, Аԥсны иаиулоит ауахәамаҿы иаҭахқәоу амаҭәахәқәа ҳәа азгәеиҭеит аб Виссарион.