Чамагәуа: адемографиа азҵаара ҳахамҵгылар, ҳақәӡаар ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Чамагәуа
Леонид Чамагәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиуџьетнҭыҵтәи агәыҳалалратә фонд "Азҳара" ацшьаҭаркҩы, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиареи рзы Апарламент ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, иара убас абызшәатә политикеи, адемографиеи рхеилак алахәыла Леонид Чамагәуа афонд аиҿкаара хықәкыс иамоуи, ԥхьаҟатәи аус шеиҿкаахои ртәы дазааҭгылеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

– Леонид Михаил- иԥа, афонд "Азҳара" аԥҵара иаалырҟьаны иӡбахаз зҵаароу, мамзаргьы шәара адепутатцәа акыраамҭа шәзызхәыцуаз, аус здыжәулоз ак акәны иҟалоу?

– Ари иаалырҟьаны иҟалаз усӡам. Ас еиԥш иҟоу афонд аиҿкаара шаҭаху рҳәоижьҭеи акыршықәса ҵуеит, аибашьра ааилгеижьҭеи иалацәажәон, иазҿлымҳаз даара ирацәаҩын, аха зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп. Апарламент аҟны аусура ҳаналага инаркны ҳалацәажәон, аха усҟан иара астатистикагьы еилкааны иҳамаӡамызт. Хԥа-ԥшьба шықәса рыҩнуҵаҟа ала афонд аартразы аусқәа мҩаԥаагон, ицәырҵуаз азҵаарақәа даараӡа ирацәан. Излаҳбаз ала аамҭа ҳамаӡам ари аӡҵаара ахыгара, избанзар иахьа ари аус ҳаналамга ҳагхар ауеит, аҭагылазаашьа ыҟоуп. Насгьы, адепутатцәа зегьы еицҿакны афонд ашҟа абиуџьет аҟнытә аԥара неиртә еиԥш иҳадаҳкылеит. Ари ҳәарада иҳәынҭқарратә фондуп, аха аҳәынҭқаррагьы ацхыраара ҟанаҵо ҳалацәажәеит, адепутатцәа зегьы уи иадгылеит. Аиаша уҳәозар, иуадаҩын ари аус аӡбара, аха агәыӷра ҳамоуп атәым милаҭқәагьы ҳаилыркаап, ҳаԥхьаҟа урҭ ирыхәо акыр ҟалозар ҳбап.

Азҳара иазыԥхьагәанаҭоит ахԥатәи ахәыҷы изы иршәо аԥара ацҵара - Sputnik Аҧсны
"Азҳара" иазыԥхьагәанаҭоит ахԥатәи ахәыҷы изы иршәо аԥара ацҵара

– Атәылаҟны ауаа рхыԥхьаӡара шаҟа ирацәоу аҟара, рсоциалтә ҭагылазаашьагьы еиӷьхозар ахәҭоуп. Хымԥада, атәылаҿы ихадароу амилаҭ аԥыжәара рымазар ауп, уи еилыркаауазар ахәҭоуп егьырҭ амилаҭқәагьы. Ус еиԥш ала агәынамӡарақәа шәаҳахьоума?

– Агәынамӡарақәа ыҟоуп. Аиашазы згәы намӡо амилаҭқәагьы еилыскаауеит, избан акәзар, ҳәынҭқаррак аҿы ҳанхоны аԥсуа милаҭ ацхыраара роуа ҳара иаҳмоуа изыҟоузеи анырҳәо. Иааркьаҿны исҳәар исҭаху уи ауп, ҭоурыхла убас иаауеит, аҵыхәтәантәи ҩышә-шықәса арыцҳарақәа ӷәӷәала ҳрықәшәахьеит. Ахҵәара анаҩсгьы асовет аамҭазы галаа ирыхьыз жәдыруеит, уаҟагьы асcимилиациатә процессқәа рацәаны ицон, Гал ахала акәымкәа иааидкыланы Аԥсны аҩнуҵаҟа. Иахьа аԥсуа милаҭ ҳаԥсадгьыл аҿы даара ҳмаҷуп, убри иахҟьаны иҽеим апроцессқәа рацәаны ицоит Аԥсны. Иахьатәи амш азы, аиаша уҳәозар иҳамаӡам алшарақәа Аԥсны атәылауаҩра змоу зегьы ацхыраара раҳҭо. Ҳгәыӷуеит аамҭак ҟаланы алшара ҳауп ҳәа, аха уи ҳазԥшо ҳалагар, ҳара ҳуыс шьҭахьҟа иуызмыргьежьуа иҟалар ауеит. Ҳазлахәаԥшуа ала, иаарласӡаны излауа ала адемографиа аганахь ала аԥсуа милаҭ ҳармыцхраар ҳақәыӡӡаар ҟалоит. Ҳара иҳазгәаауагьы абри деилыркаатәуп, избан акәзар, атәым милаҭқәа ҳара ҳазҭагылоу ашәарҭара дара иҭагылаӡам. Ҳара аӡә дҳаргәаауеит, мамзаргьы амилаҭқәа еилаҳхуеит ҳәа акәӡам ҳазҿу, дара уи еилыркаар сҭахуп.

– Сынтәа, афонд "Азҳара" аусура иалагеит,  ф-ҭаацәарак ацхыраара роухьеит. Ишԥамҩаԥысуеи абри апроцесс, иахылаԥшуада, уадаҩрақәа ҳәа акыр ҟалахьоума абри аамҭа иалагӡаны?

– Ф-ҭаацәарак иахәҭаз арзаҳалқәа аларҵеит, аԥара роухьеит. Абарҭ ҩымш-хымш рыҩнуҵаҟа бжь-арзаҳалк ҳадаҳкылеит, ҳазҭало амчыбжь азы аԥара роуп ҳәа сгәы иаанагоит. Нас иҵегь хәҩык-фҩык аҭел иасхьеит, иазҵаахьеит, ақьаадқәа назгаз ыҟоуп, иҵегь иназгараны иҟоугьы ыҟоуп. Ас еиԥш иҟоу афондқәа ирымоума аиарманцәа, ауриацәа, ачеченцәа. Излаздыруа ала, ачеченцәа иахьа счеченуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо дахьыҟазаалакгьы уи афонд ахь аԥара назмышьҭуа уаҩ дыҟаӡам. Сгәыӷуеит ҳарҭгьы мышкы зны ҳааизхәыцны ҳааицхыраар, насгьы аҳәынҭқарра алшарақәа атәым милаҭқәа ироуа иаҳзыҟаҵар, ҳаизыҟазаашьагьы арӷәӷәоит, ҳаргьы ҳмилаҭ иахәо усхоит.

– Афонд иамоу аԥара азымхо аҟынӡа инеир азҵаара шԥашәыӡбои?

– Ҳарҭ хықәкыс иҳамоуп хы-шықәса рыҩнуҵаҟа алҵшәа иҟало гәаҭаны, ԥхьаҟатәи ҳуыс амҩақәҵара. Иахьа излаабо ала, 30-35 миллион мааҭ ҳҭахуп, шықәсык ала 10-120 миллион мааҭ ҳзеизгозтгьы аҭаацәара рацәа рхыԥхьаӡара акыр иацаҳҵон. Абри ауыс азы 100 миллионк аԥара аҳәынҭқарра рзы ԥара дууп ҳәа сгәы иаанагом. Сгәы иаанагоит иаҳҭаххар иҳалшоит ари аус анагӡара, алҵшәа бзиақәа ҳнарбар изынаҳамгӡари? 

Ажәабжьқәа зегьы
0