Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
- Енвер Владимир-иԥа, шәазааҭгыларц сҭахуп агазеҭ "Аԥсны" 100 шықәса ахыҵра инамаданы, уи аиреи ашьақәгылашьеи.
- Агазеҭ "Аԥсны" 100 шықәса ахыҵра ҳаԥсуа милаҭ зегьы ирныҳәоуп. Уи аҭоурых акыр ибеиуоуп, иҭбаауп. Раԥхьаӡа акәны агазеҭ ҭыҵит 1919 шықәса, жәабран 27 рзы, ҳара ҳарккаҩы Дырмит Гәлиа ибзоурала. Агазеҭ ашьаҭа анакуази, аамҭа излагылази, анаҩс шаҟа аамҭа цәгьа ахҭнагахьоуи еилкаау усуп. Аха, егьа уадаҩра ахҭнагахьазаргьы иахьанӡа иааит, шәышықәса ахыҵит, анаҩсгьы аҿиара аиуеит. Аҳәынҭқарра аиҳабыра рықәҵарала ари аныҳәа инарҭбааны иазгәаҭахоит ҳауаажәлар алархәны. Агазеҭ аира амшҵәҟьа жәабран 27 рзы ауп, аха ари ашықәс азы даара аиубилеиқәа еиқәыланы иҟоуп, Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵра, ҳпоет ду Таиф Аџьба дижьҭеи 80 шықәса аҵра, Фазиль Искандер иубилеи азгәаҭара, ҳҵарауаҩ ду, ҳбызшәадырҩы Шьоҭа Арсҭаа иира мшы уҳәа. Убри аҟынтә, азгәаҭара алшара шыҟазгьы, сара арахь сааиаанӡагьы акыр шықәса аус зухьоу арҿиаратә коллектив аҟны иҟоуп ауаа, дареи сареи ҳаицәажәараҟны изларҳәаз ала, 70 шықәса, 80 шықәса, 90 шықәса анахыҵуаз иалахәыз роуп, традициала иазгәарҭоит ааԥынразы. Аиубилеи змақәоуи ҳареи ҳаиԥырхагамхакәа, ҳаргьы уаҩҵас ҳҽазыҟаҵаны лаҵарамза алагамҭазы аныҳәа азгәаҭара шьақәыргыланы иҳамоуп. Ҳара иаҳҭахәуп уаҩҵас аԥшшәы змоу, адаҟьа рацәа змоу аҭыжьымҭа ҷыда азҳархиарц, иахьынӡауала агазеҭ знысыз аҭоурыхтә мҩа ҳаԥхьаҩцәа, ҳауаажәлар анҳарԥшыларц.
Чамагәуаԥҳа: сыхшыҩ, сымч ақәхартә иҟоуп сус, уи азы бзиа ибаны саҿуп
- Ҳазҭагылоу аамҭазы агазеҭ аредакциа аусушьа шԥеиҿкаау, иарбан ҟәшақәоу иҟоу?
- Агазеҭ "Аԥсны" аредақциаҿы аус руеит аԥышәа змоу акорреспондентцәа, ажурналистцәа. Иара иамоу ахатә традициақәа еилаҳгаӡом, иарбан аамҭазаалак иуднаҵо ыҟоуп, аҿыцԥшьгарақәа ыҟоуп, еснагь блаҿыцла иахәаԥшлатәуп, аҽырҭбаара ҳҽазаҳшәоит. Ари ҳәынҭқарратә газеҭуп аҟнытә, Аԥсны имҩаԥысуа хадара злоу аофициалтә материалқәа анҳарԥшуеит. Убри анаҩсан, акультуратә, анхамҩатә, аибашьра атематика уҳәа жанрла еиуеиԥшым ҳкьыԥхьтә материалқәа.
- Арҿиаратә еилазаара шаҟаҩ еиднакылода, насгьы агазеҭ мызкахьы шаҟантә иҭыҵуазеи?
- Арҿиаратә еилазаареи атехникатә еилазаареи ҭаацәарак иаҩызоуп, 19-ҩык аус ҳуеит. Агазеҭ "Аԥсны" мчыбжьык ахьтә ҩынтә иҭыҵуеит, мызкы ааномерк ҭҳажьуеит.
- Иарбан уадаҩрақәоу, иарбан еихьӡарақәоу шәусураҿы шәыззааҭгыларц шәылшо?
- Ҳҳәынҭқарра алшарақәа иамоуи ҳара иҳамоуи уаназхәыцлак иҳагыу ыҟоуп, ҳәарада. Зегь раԥхьа иргыланы ҳуалафахәы маҷуп, ҳгонораргьы убас. Акьыԥхьтә орган аҿы, агазеҭ аҿы еиҳаракгьы, аус зуа рымацара рыла уҽуҟьар агазеҭ узыҟаҵаӡом, налҵынтәи акорреспондентцәа, авторцәа адумыԥхьалароуп. Ауаҩы дадуԥхьаларц азы ҟәрышьқәак иуҭароуп, қьаадк ахә иадамхаргьы. Атехника уажәшьҭа иажәит, аиҳабыра ажәа ҳарҭеит ҳҭагылазаашьа еиӷьыртәырц азы, ҳгәыӷуеит иҟалоу аабап.
- Аҭоурых ду змоу ҳгазеҭ амаҵ азызухьоу, иахьагьы ааԥсарак ҟамҵакәа аџьабаа азызбоу рацәаҩуп, рыӡбахә шәҳәарц шәылшоума?
- Хымԥада. Жәашықәсала аус рухьеит, иахьагьы иазааԥсоит аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ, ҳгазеҭ ахаҿра зырԥшӡо аҟаза ду Валери Амаршьан, Борис Қаџьаиа, Нелли Киутԥҳа, Виктор Кәакәасқьыр, Вахтанг Аԥҳазоу уҳәа акыр шықәса аус зухьоу, аԥышәа змоу ажурналистцәа ҳамоуп. Сара хаҭала сихаануп агазеҭ аредақтор Руфеҭ Быҭәба, усҟан ҳара ҳқәыԥшқәан, агазеҭ аҟны ҳкьыԥхьуан. Анаҩс, агазеҭ редақторцәас иаман ааигәа здунеи зыԥсахыз Сергеи Кәыҵниа, акыр шықәса редақторс аус иуан Борис Ҭыжәба, Владимир Каԥба.
99 шықәса: "Аԥсны" аусзуҩцәа агазеҭ иахьатәи аԥсҭазаашьа ҳдырбеит
- Шәара ишәгәалашәоума раԥхьаӡа акәны агазеҭ аҿы акьыԥхьымҭа збаз шәҩымҭа?
- 1978 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны сажәеинраала агазеҭ адаҟьа иананыла убриаҟара сеигәырӷьеит, усҟан "Аԥсны ҟаԥшь" ахьӡын, "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны акьыԥхьра ус имариаӡамызт, редақторс дыҟан Сергеи Кәыҵниа. Исхыҵуазар ҟаларын 25 шықәса. Агазеҭ аҟны усҟан аусура ауаҩы далагарц азы аԥышәаратә аамҭа дахрыжьуан, абырцкал дкылхны акәын дышрыдыркылоз.
Астатиақәа скьыԥхьуан, аинформациатә ҟазшьа змаз, иара убас еиҳа инеиҵыхыз аматериалқәа. Есымша ахаҵгылара ҳаман, иҳагыз-иҳабзаз ҳарҳәон, аргьежьра зықәшәоз аматериалгьы уазымгәаартә еиԥш иҳазнаргон. Убас еиԥш еилыршшәаны иурҭон, даҽазназы еиӷьны изҩындаз ҳәа агәаҳәара урҭон. Агазеҭ "Аԥсны" аҟны аус руан ауаа хатәрақәа. Иахьа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа дуқәа ҳәа иҳамоу аӡәырҩы абри аредақциа аҟынтә иҩныҵқәаз рацәаҩӡоуп. Аԥсшәа анраҳҳәаҵәҟьоз ҳаԥхашьон, урҭ аамҭақәагьы сырхаануп.
- Ҳауаажәлар рахь шәхы нарханы ирашәҳәузеи, зеиӷьашьарас ишәымоузеи?
- Ҳара хықәкыла агазеҭ "Аԥсны" амаҵ азаҳуеит, аха ари ҳажәлар рмилаҭтә газеҭ ауп. Ҳара ишаҳныҳәоу еиԥш, Аԥсны Жәлар зегьы ирныҳәоуп. Ҳгазеҭ шәышықәса ахыҵра иазку аныҳәа ду зегьы ирыдаҳныҳәалоит. Ҳбызшәа мхәанчахааит, пату-ҳаҭыр ақәаҳҵо иҟалааит. Аԥсуа телехәаԥшра ҳахәаԥшуеит, арадио ҳазыӡырҩуеит шаҳҳәо еиԥш, ҳзыԥхьаз аԥсуа газеҭ, ҳзыԥхьаз аԥсуа журнал, аԥсуа кьыԥхь ҳәа ҳгәыбылра еизҳауа, аԥхьаҩцәа рацәаҩхо иҟалааит, ақәҿиарақәа наунагӡа.