Скәашом ҳәа ҭоуба шышьҭасҵаз: иахьатәи ҳчарақәа рҟны акәашаратә етикет иазкны

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа чара
Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачарақәа раамҭа ашыкьымҭа ҳҭагылоуп. Ари агәырӷьаратә хҭыс ҿыц еиднагалаз ирыцеиҩыршоит, ргәакьацәа рнаҩсгьы, рҩызцәа, рықәлацәа. Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҳчарақәа аԥсуа цәа рцәыӡуа ишалагаз. Саида Жьиԥҳа иахьа дазааҭгылоит аҿар рхымҩаԥгашьа, аиҳарак акәашарақәа рынагӡараҿы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ачара зырԥшӡо акәашареи ашәаҳәареи роуп. Алахҿыхра аныҟамла, ауаҩы изхара ифеит ҳәа акгьы аанагаӡом. Аиаша ҳҳәозар, аԥшәма илымшогьы илыршаны аишәақәа ирхиоит, еиҿикаауеит акультуратә программагьы. Аха убри аамҭазы сыхгьы алакны исҳәоит, иаҳдыруама ҳара ахымҩаԥгашьа?! Арыжәтә џьбара ажәраҿы еицлабуа џьашьатәыс ишҳамаз, уажәы хаҭала сара саршанхо салагеит аҿар акәашарақәа рынагӡараҿы иаадырԥшуа ахымҩаԥгашьа.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала

Аҭаца аҽырԥшӡаратә салон, мамзаргьы, уажәы ишмодахаз, аотель аҟнытә дандәылырго нахыс ачара еилгаанӡа лнысымҩа кәашаралеи шәаҳәаралеи иҭәуп. Адаули аккордиони рыбжьы ссир анаагалак нахыс, еицу аҿар рахьтә рԥыск ахьшь еиԥш даарылԥрааны акәашара далагоит. Ҩынтә-хынтә данаахаҵәилак илаԥш ԥҳәызбак инлыдирхалоит, уи ала ааԥхьара лыҭо, мамзаргьы лхала ҩызара изылурц агәыԥ даалҵуеит. Дыҟамзар ҟалап аӡәы аҿар еихатыруа аԥсуа кәашара анынарагӡо гәахәарала ирыхәамԥшуа…

Аҵыхәтәантәи аамҭазы абарҭ акәашарақәа агьама рцәыӡуа иалагеит. Уи гәаҭаны измоугьы шәмаҷҩымзар ҟалап.
Цәыббрамза инаркны иахьанӡа хәчарак рахь сцахьеит. Раԥхьатәи - сыуацәа рыла салагеит. Иара убасҟангьы, ҭоуба шьҭасҵеит "уаҳа чарак аҟны сшымкәашо" ҳәа.

Аҭаца амашьына данааҭырга, ҩыџьа-арԥыси аҭыԥҳаи акәашара хдыртит. "Исҭаху аӡәы диманда, закәытә ӡӷабузеи" ҳәа аԥсуа кәашара назыгӡоз аԥҳәызба зылаԥш лықәшәазгьы ана-ара рыбжьқәа ааиларԥсеит. Аха ргәазхара илыхәаԥшаанӡа, ажәлар "иаарылԥрааз" даҽа ҭыԥҳак дыҩрыбжьалан, икәашоз еиԥлырҟьеит. Лааишьала атәыла лырбгоз џьаҳшьеит, аха иузеидкыломызт.

Атәара ашьҭахь сааҭк ааҵуаны, аҿар еиужьны акәашара хацдыркит. Адаули аккордиони ирхылҵуа амузыка, аиаша ҳҳәозар, ҭынч удыртәом, уамак акәашашьа узымдыруазаргьы, "снықәландаз" ааугәахәуеит. Убас сыхьит саргьы. Акәашарҭахь саншьа ааԥхьара ансиҭа, мап сымкит. Убри аамҭазы, ҳгәазҭаз ҳауацәа атыршә иасуа анапеинҟьара иаҿын. Ҳаззымдыруаз "ансамбль ахкынагӡаҩцәа" ҳакәушәа иҳахәаԥшуан, еиҿаҳкаацәо акы ыҟамкәа.

Аԥсуа кәашаҩцәа Есма Ақырҭааи Ҭемыр Аргәыни - Sputnik Аҧсны
Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи

Саншьа иқәра маҷым аҟнытә, иаразнак дааԥсан, изшьамхык дхықәгылеит инапы еинҟьо, сара сивагьежьуа салагеит. Ҩынтәҟа схагьежьит ауп, сызшьапык сыҵаҟәылеит, хьаакгьы снырит. Иаасцәымыӷхан, шьҭахьҟа сынхьаҵит, хаҳәык сышьхәа иҵалазар ҟалап ҳәа. Убри аамҭазы, саншьа иблақәа ҭырхаха иҭыԥ аҿы дгылоуп, имч цахьан аҟнытә инапқәа заҵәык иҟьоит, иаԥхьа адгьыл лырҵысуеит аҭаца данаарга ани аԥҳәызба ссир "дықәызцаз" аҭыԥҳа.

Сеимаа ҿыц ашьхәа ахьԥылҵәаз акәу, ажәлар раԥхьа сахьлырԥхашьаз акәу еиҳа игәнызгара сзымдыруа, исыжәлаз акәашаҩ сыблақәа ркшаны слыхәаԥшит ауп. Иласҳәарызи ахымҩаԥгашьа ззымдыруаз ауаҩы…

Аҩбатәи ачара ҳгәылацәа иртәын. Скәашом ҳәа ишьҭасҵаз аҭоуба мап ацәыскит ахԥатәи афырџьан ашьҭахь, аха усҟан асасцәа еилыҵхьан, еизааигәаз ҳгәырӷьара ацх агәы еиҩнашаанӡа иацаҳҵеит. Сшьапы хызжәоз уаҩ дыҟамызт аҟнытә, сгәы рҭынчны кәашарас иҟаз зегьы насыгӡеит.

Ахԥатәи ачара, ҭаацәала иаҳзааигәаз џьоукы ируан. Убраҟа игәасҭеит аҭыԥҳацәа аҷкәынцәа еимакуа ишрыцкәашоз. Абарҭ еинааланы ԥсыуаҵас ишԥакәашо ҳәа ҩыџьа улаԥш рхугаанӡа, даҽа ԥҳәызбак днеины дрыбжьалон. Ларгьы ҩынтәҟа дықәгьежьаанӡа, даҽаӡәы дрываԥалон. Сара сеилкаарала, арԥыс иакәзароуп аинициатива аазырԥшыша иара акәашараҿгьы. Аинтерес кны сахьынӡарыхәаԥшуаз, исԥхьаӡеит ҷкәынак быжьҩык аӡӷабцәа шицкәашаз. Амузыка нымҵәазҭгьы, агәра шәсыргоит, рхыԥхьаӡара шеиҳахоз, мамзаргьы аҷкәын иԥсы шдырмаҷуаз.

Аҭаца лашьеи лареи акәашаха рырҭомызт сахьыҟаз аԥшьбатәи ачараҿы. Амҩаԥгаҩ амикрофон ала ажәлар ирылеиҳәеит "аиаҳәшьеи аиашьеи еицыкәашоит, шәнаскьа-ааскьа" ҳәа. Аха уи заҳауадаз, аҷкәынцәа уажәы-уажәы ирыбжьаԥалон. Аҵыхәтәаны, аҭаца ианылзымычҳа, лҿаԥшыларала идлырбеит лымԥан инеир шылҭахым.

Нас еиҳабык даарылҵын, уи аамҭазы ибӷаӷо аҩы иашьны иҟаз аӡәы дрыбжьалоит ҳәа дшаҿыз ижәҩа дынҭасын, аҳауахь дындәылигеит (иацызгьы ыҟан).

Акәашацәа - Sputnik Аҧсны
Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо

Актәи ачараҿы сеимаа ашьхәа хыржәахьан аҟнытә, егьырҭ ах-чарак раан иҿыцны иаасхәаз сышьан. Уажәтәи, ахәбатәи азы исҭаххеит исыԥсахырц.

Азамша еиқәаҵәа иалхыз, мыцхәы иҳаракымыз ашьхәа зҵаз ашьаҵа даара иманшәалан аныҟәгараҿы.
Абар, жьҭааратәи амра хаа ҳҽаҭаны абхәараа рганахь еицыз асасцәа абанкеттә зал аҿаԥхьа ҳгылоуп. Абжьааԥнеиԥш, атәара ашьҭахь акәымкәа, аԥшәмацәа ирҭаххеит аҭаца заанаҵы лаагара. Еиҳа избарҭоуп ҳәа, амардуан саҿагыланы икәашоз срыхәаԥшуеит. "Асса" ҳәа ԥҳәыск, илҳәарҭамызт аха, лыбжьы ҵәматаӷьӡа слымҳа данҭаҟаа, ҩ-мардуан ҿаԥсак алада сылбааит.

Сшьапы агьынасыргылеит еиԥш, сышьхәа мчыла акы шаҵыҵыз снырит. Схы аныҩашьҭысха, ԥҳәызбак лыҵкы аҵыхәа шакәыз збеит. Лшьифонтә калҭ ҭызжәаз сара шсакәыз уеизгьы илсырдырраны сыҟамызт, аха гәалсрала исыдыскылеит.

"Зҵыхәа" кылҵәаз ажәлар дрыгәҭасуа акәашарҭахь днеит. Зҭаца илеигәырӷьаны икәԥраа икәашоз анхәыԥҳа дынлываԥалеит умҳәозар. Ҩаԥхьа асеиԥш ахымҩаԥгашьа гәаныла сшақәымчуаз, сқьышә агызмалра аччаԥшь аақәлеит. Ашана збеит, "зҵыхәа" кылҵәаз сышьхәа хызжәаз лакәхеит. Абраҟа ларгьы саргьы ҳаиҭахеит...

Ҳаныхәыҷқәаз ҳандуцәеи ҳанацәеи "ҳара ҳхаан ауаа еиҳа ҳаҭырла еизыҟан, аԥхашьара рылан" анырҳәоз, уи шәышықәса раԥхьа акәызшәа схаҿы иааиуан. Макьана аҿар рахь саҵанакуеит, аха саргьы уажәшьҭа исҳәо салагахьеит "ҳара ҳхаан ҽакала иҟан" ҳәа.

Изеицәааӡари, ҳхымҩаԥгашьа есааира илаҟәуеит, акәашара анагӡараҿы адагьы. "Аду амаҷ ала иалагоит", доусы ҳхы аус адаҳулар, издыруада, мҩа иашак ҳаныларгьы…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0