Сызну амҩаду: иҵару атемақәа рылацәажәара сылзыршаз Sputnik Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлеонора Коӷониаԥҳа
Елеонора Коӷониаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Игәаӷьыуацәоу атемақәа рылацәажәара сылнаршоит", - абас лҳәоит ҳколумнист, арадиодырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" амҩаԥгаҩ Елеонора Коӷониаԥҳа Sputnik Аԥсны дахцәажәо. Агентра 5 шықәса ахыҵра амш азы лара дазааҭгылоит ара аусура дшалагази уи илынаҭо алшарақәеи ртәы.

Аԥсны рхыԥхьаӡара маҷым аинформациатә хархәагақәа, иҟоуп иҳәынҭқарратәу, ихатәу, ихьыԥшым уҳәа хкы рацәала. Абарҭ рыбжьара ажурналист иалихыр илшоит еиҳа аиашаҳәарҭа ахьыҟоу, иахьатәи аамҭа иашьашәалоу ахырхарҭа змоу амедиа-ресурс.

Ацәгьоуҩы иаанкыларҭа - Sputnik Аҧсны
Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам

2014 шықәсазы ԥхынҷкәынмза 8 рзы ҳтәылаҿы иаатит Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадиои Sputnik Аԥсны. Аҳәара сцәыуадаҩуп усҟан иахьа иамоу ахыԥша аманы иҟалоит ҳәа агәаанагара сыман ҳәа. Иахьа Аԥсны аус зуа аинформациатә хархәагақәа рӷьырак "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" еилаганы аус зларуа ала, рацәак агәра згомызт ари аресурс ҳара ҳзакәан иқәныҟәаны аус еиҿнакаауеит ҳәа, убри аҟынтә, раԥхьа уамак хшыҩзышьҭра асымҭазар ҟалап сгәахәуеит.

Ус шакәызгьы, саԥхьон ирыҩуаз, заҟа ирласны аинформациа ҿыц аус адырулоз сацклаԥшуан, исгәаԥхон асаит аиҿкаашьа, иара убас избарҭан аԥсышәала иҭыҵуаз ажәабжьқәа рӷьырак аурысшәахьтә еиҭагаз шракәыз, ииашоуп, ицон ԥсышәала ицәажәоз арадио ефирқәа. Абас ицон аамҭа.

амхы - Sputnik Аҧсны
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Ҽнак зны, Sputnik Аԥсны ҩышықәса ахыҵра иазкыз атемазы ажурналист Рада Ажьиԥҳа арадио ахь ааԥхьара сылҭеит, сгәаанагара сҳәаразы. Сара усҟан аԥсуа телехәаԥшраҿы авторттә дырраҭарақәа мҩаԥызгон, ишиашоу ицоз аефирқәа срылахәын, иара убас, арлахҿыхратә дырраҭарақәа рредакциаҿы редакторс аус зуан.

Еснагь аԥсуа бызшәа ахархәара хьаас изласымаз ала, ажурналист Рада Ажьиԥҳа "иазеиӷьашәшьозеи Sputnik" ҳәа азҵаатәы ансылҭа, "иазеиӷьасшьоит еиҭагам, ԥсышәала иҩу, автортә материалқәа шәсаит аҿы иҭыҵларц" ҳәа аҭак лысҭеит.

Усҟан сгәы иаанагомызт схаҭа араҟа аусура салагоит ҳәа. Абри ашьҭахь ԥыҭк анҵы, сара аус ахьызуаз ажәа ахақәиҭра ԥсыҽхошәа анызба, ишиашоу ицоз аефирқәа рымҩаԥгара санаҟәыҵ аамҭазы, анкьа агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы исымаз аԥышәа сазхәыцны, Sputnik усҟантәи аусуҩ Амина Лазԥҳа ашәҟәы лзызҩит, "иалшома ԥсышәала аколонкақәа шәсаит аҿы искьыԥхьлар" ҳәа.

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

Дук мырҵыкәа аредакциахь ааԥхьара сырҭан, ҳаицәажәеит, агәаҭаразы акы-ҩба материал шынасышьҭуа азы. Раԥхьатәи сколонка иахьӡын "Далырхит - дырхашҭит", уи азкын имҩаԥысраны иҟаз апарламенттә алхарақәа, цәаҳәа хадасгьы иалдан ажәлар адепутат даналырхлак ашьҭахь, азакәан ақәныҟәашьа уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы идҵаалара ишаҟәыҵуа алхыҩцәа. Абасала, Sputnik Аԥсны сара сцәырҵит жәабранмза 2, 2017 ш. Усҟан ари аинформациатә агентра иахыҵуан ҩышықәса инареиҳаны. Убри инаркны, иахьа уажәраанӡа хаҭалатәи сыхшыҩҵакқәа сыманы, сколонкақәа рыла саацәырҵлоит.

Избан сзынхазеи ара арсҟаамҭа? Актәи - араҟа иҟоуп аԥҟарақәа, ианаамҭоу, ишахәҭоу иактуалтәу атема алацәажәаразы, убри адагьы, иарку атемақәа уԥылом. Иҟамзар ҟалап хҭыск ҳавсны, аӡбахә мҳәакәа ҳаҩсуа. Ажурналист изы ари зеиӷьыҟам ҭагылазаашьоуп. Аҳәынҭқарратә хархәагақәа "анахәҭа рҿазар", Sputnik аҿы сара исылшоит игәаӷьыуацәоу азҵаатәқәа срылацәажәарц, иахьазы аҳәара сцәыуадаҩуп иарбан информациатә усбарҭақәоу ари аҩыза алшара ахьыҟоу ҳәа.

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны
Иҵару азҵаарақәа: Sputnik арадиодырраҭара ҿыц "Коӷониаԥҳа лымҩаду"

Аамҭа цон, сколумнизм сшаҿыз, ҽнак Sputnik аиҳабыра исыдыргалеит автортә радиодырраҭара салагарц. Ииашоуп, сколонкақәа арадио аҿы сышрыԥхьозгьы, арадио-мҩаԥгаҩ лаҳасабала аԥышәа сымамызт, аха аиҳаби аредактори исықәрыԥсаз акомплиментқәа сгәы аадырӷәӷәан, сақәшаҳаҭхеит ҩыџьа аспикерцәа злахәу, актуалтә зҵаарақәа иахьрылацәажәо адырраҭара амҩаԥгара.

Асабша, жьҭаарамза 7, 2017 шықәсазы аефир ахь ицәырҵит "Коӷониаԥҳа лымҩаду" захьӡу аԥсышәала ицо савтортә проект, иахьа уажәраанӡагьы уи амҩаду сануп хра злоу атемақәа сыманы. Ари апроект саналагоз аиҳабыреи сареи ҳаицәажәеит иарку атемақәа шыҟамло азы, иахьа уажәраанӡагы ражәа нарыгӡоит. Сара исырымҭаӡеит абри даабгар ҟалаӡом зҳәо асиа.

Коӷониаԥҳа: "сымҩа исыцанызаауеит" зхатә гәаанагара аҳәара иацәымшәо ауаа>>

Ари апроект цоижьҭеи астудиахь имҩахыҵхьеит еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа ирхыԥхьаӡалоу ҳауаажәлар рхатарнакцәа, аефир аҿы иҵару атемақәа ҳарцәымшәакәа ҳрылацәажәоит. Автортә дырраҭараҿы сысасцәа реиԥш, саргьы азин сымоуп сгәаанагара аҳәара, уи акыр аҵанакуеит сара сзы.

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Кьычԥҳаи Ашәбеи атәыла ахада иԥшәмаԥҳәыс лроль иазкны>> 

Иҟалап абарҭқәа ракәзаргьы, Sputnik Аԥсны аредакциеи сареи иахьа уажәраанӡа ҳзааибуа. Хымԥада, уадаҩрас исымоу еиуеиԥшым азҵатәқәа рзы ԥсышәала ицәажәо рыԥшаароуп, иара убас, ачынуаа уамак бзиа ирбом аефир аҿы азҵаара уадаҩқәа рҭак аҟаҵара, убри аҟынтә ирацәаҩым дара ирхаҭарнаку уахь имҩахыҵуа.

Абас шакәугьы, иахьа уажәраанӡа срадиомҩаду сануп, згәаанагара аҳәара иацәымшәо ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа сыцны. Аинформациатә агентра анапхгара ибзианы еилыркаауа џьысшьоит иактуалтәу атемақәа рыԥхьакра шҵакыдоу, аефир аҿгьы ауаа хра зырҭо алацәажәара шахәҭоу, убри аҟынтә, иахьа Sputnik Аԥсны иазҿлымҳау рацәаҩуп, аԥхьаҩцәеи арадиозыӡырҩцәеи ҳареи аимадара ҳамоуп, асоциалтә ҳақәа рҿы ргәаанагарақәагьы ҳарҳәоит.

Даара ҳаҭыр ақәысҵоит Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадиои Sputnik Аԥсны ҳара ҳҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан еиламгакәа иахьа уажәраанӡа аус ахьауа. Sputnik аҿы аус зуа ажурналистцәа зегьы аҭыԥантәиқәа роуп, араҟа зхы ԥызшәарц зҭаху зегь алшара рырҭоит, азанааҭ иақәшәо адырра змоу рзы.

Иахьа Sputnik иахыҵуеит 5 шықәса. Ари аамҭа маҷым, аԥхьаҩцәеи арадиозыӡырҩцәеи ргәы акразы, араҟа аус зуа зегьы ирыдныҳәало, ирзеиӷьасшьар сҭахуп ԥхьаҟагьы атема шьахәқәа шьҭыхны аинформациатә дунеи аҿы аԥхьагылара рымазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0