Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

CC0 / / Обручальные кольца
Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳәаны итәоу аҭыԥҳа лхаҵацара иазыԥҵәаз аҿҳәара ахыгара иашам, иалшоит нас лразҟы еиԥҟьар ҳәа ирыԥхьаӡон аԥсуаа. Абри азҵаара иазкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

Даара аҟәыӷара рныԥшуан ажәытә традициақәа, урҭ рӷьырак иахьа уамак ахархәара рымам. Сара саныҩагылазгьы, урҭ рыбжакы рцәаара убомызт, аха иҟоуп сызхаанугьы. Ажәытә жәабжьқәа издыруа еиҳарак сандуи сани исарҳәаз ауп.

Иҳәаны итәоу аҭыԥҳа лхаҵацара иазыԥҵәаз аҿҳәара ахыгара иашам, иалшоит нас лразҟы еиԥҟьар ҳәа ирыԥхьаӡон. Абри иазкуп иахьатәи санҵамҭагьы.

Мышкы иахыԥо шәымш иахыԥоит рымҳәои, убри аҟынтә, аҩнра ҳәа ацара згәы иҭаз аԥҳәызба лхаҵацара аҿҳәара анахара дырга бааԥсны иршьон. Заҟантә иҟалахьоузеи, аԥсыҭбара иахҟьаны, ма даҽа мзызк акәзаргьы, ачара ианнахалакгьы, дук мырҵыкәа даҽа ԥықәсларак анцәырҵуаз, уи иахҟьаны зразҟы еимаздарц зҭахыз рыԥсҭазаара аилаҵара анхыбгалогьы ыҟоуп. Абарҭқәа зегь рыхәшьадуан ажәытәуаа, убри аҟынтә аразҟы аус азы ирхәыцхьан аԥҟарақәа.

Қыҭак аҿы инхон уаа нагақәак. Урҭ рыԥҳа еиҳабы дҳәаны дтәан. Лхаҵацара иазыԥҵәаз аҿҳәара ауха лмаҟарацәеи лареи рҽырхианы аҭацаагацәа анаауа ҳәа иԥшын. Аҭыԥҳа дызгоз дара рқыҭа акыр иацәыхараны инхон, аҭацаагацәа ҽыла акәын усҟан ишныҟәоз, амҩагьы маҷ иқәхомызт. Аӡӷаб лхаҵацара аргаман, убри аҟынтә, аџьџьаҳәа ржәытә жәабжьқәа ҳәо асасцәа ирзыԥшын рҳәеит.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Аҵх акыр инаскьахьан, ҽыуаҩк агәашә даадгылеит. Аԥшәмацәа ирыҵкарыз аӡәы уи днеиԥылеит. Ԥыҭкгьы еидхалеит рҩыџьагьы. Иҟалаз убри акәзаап, аҭаца дызгоз аҭаацәа ирзааигәаз ауаҩы иаалырҟьаны идунеи иԥсахзаап. Иааз аҽыуаҩ аԥшәмацәа иреиҳәарц дааит, уахала аҭаца дшырзымго, нас ашықәс анҵлакгьы, рҭаца лгаразы дырҩагьых ишаауа.

Ари бзиамызт зыԥҳа дзышьҭуаз рзгьы, аҭаца дызгоз рзгьы. Аҽыуаҩ иԥылаз ахаҵа зажәа ԥхылнадоз, атрадициақәагьы бзианы издыруаз уаҩын рҳәеит. Аԥшәмацәа анааилацәажәа ашьҭахь, уи ахаҵа ргәашә иадгылаз аҽыуаҩ иахь ихы наирхан, абас иҳәеит рҳәеит: "Шәзықәшәаз арыцҳара акыр ҳгәы иалсит, аха аӡӷаб лразҟы ахырԥара ҵасым, убри аҟынтә, шәҭаца дышәҭахызар, уахаҵәҟьа дганы џьара дшәыртәа. Аԥсы дышәжыр, нас шәҭаца шәыҩныҟа днажәгап. Ус анакәымха, даҽазны ҭацаагара ҳәа арахь шәхы шәмырхан", - ҳәа нациҵазаап.

Уажәтәи аамҭала уахәаԥшуазар, рыӡӷаб лхаҵацара иахгәаҟуама угәахәып, аха мап, ус изыҟарҵаз аразҟы еиԥымҟьарц азоуп. Агәашә аҿы иааиз аҽыуаҩ, маҷк инахараны изыԥшыз егьырҭ иҩызцәа рахь днаскьан, аԥшәмацәа ирхаҭарнакыз ииҳәаз нареиҳәеит. Дара уи аҩыза ажәалагала рзыҟаҵомызт азын, аԥшәмацәа ражәа шиашаз аадырны, ауха рҭаца дрыманы ицан, еиуарала уиаҟара ирзааигәамыз, рқыҭа иналганы инхоз џьоук рҿы аҭаца ддыртәеит. Абасала, уи аԥҳәызба лразҟы еиԥымҟьаратәы иныҟәеит.

Молодожены - Sputnik Аҧсны
Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

Сара ари ажәабжь нанду ианысзеиҭалҳәа, уамашәа избеит, ишԥа "ҳаӡӷаб дыжәгозар, уаха дыжәга" ҳәа аҭаацагацәа ишԥарарҳәеи ҳәа џьашьахәыс искит, аха санду агәра слыргеит уи аҟәыӷара ишадҳәалоу.

"Нан, нас даҽакы рԥышькласыр ҟалон, дҳәаны дыштәаз лразҟы иаԥырхагахоз рацәахар алшон, уимоу, иареи лареи зынӡа еибамгаргьы ҟалон, аԥшеи ақәеи аныбжьаслак аӡәы цәгьак иҳәаргьы ауан", - насаҭалкит нанду.

Ари ансаҳаз ашьҭахь акраамҭа цеит хыхь исҳәаз иаҿагыло анаҩстәи ахҭыс аныҟалаз. Ибзианы издыруаз ԥҳәызбак ихы хҵәа длышьҭан арԥыск. Акыр шықәса ажәа лниҵон, аха илзыгәаӷьуамызт. Ус ишыҟаз, ақьаӷьариа бзиа днарыбжьалан, абри аԥҳәызба аҿа лдырҳәеит. Лхәыҷы-мыҷ еидылкылан, днаскьазгараны иҟаз лмаҟарацәеи лареи сабшак ауха аҭаацагацәа ирзыԥшны дахьыҩназ луадаҿы иԥшын.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Иахьа иаҳцәыӡуа ҳазлагаз аҭаацәаара аԥҵара атрадициақәа

Дызгоз арԥыс ақалақь иацәыхараз ԥсыуа қыҭак аҿы дынхон. Ақалақь ацәа аԥсымҭагьы ааит, аха аҭацаагацәа рхабар ыҟамызт. Усҟан аҭел уасны иҟалазгьы узеилкаауамызт. Иԥшын, иԥшын иҟьаҟьаӡа иаашаанӡа, аха имааит аҭацаагацәа. Лара лакәзар еидылхәыцлозгьы сеидроу, абырсҟатәи шықәса илышьҭаз, мап зцәылкуаз "ааи" ҳәа иаҳәара анылгәаӷь, дахьзырхәызеи, иҟалазеи лҳәозаргьы ауан гәаныла.

Ашьыжьымҭангьы уаҩытәҩыса ихабаргьы ҟамлеит, ахәылбыҽхагьы, ашьҭахь ҳәанҳәахла ажәабжь ааит, дызгоз иҭаацәараҿы аԥсыҭбара зцыз амашәыр шыҟалаз, убри аҟынтә шакәу аҭацаагацәа ззымааизгьы.

Аамҭа маҷк анца, аҭыԥҳа дызгараны иҟаз иҭаацәа ааит, аԥҳәызба илыҳәарц дырҭацахаразы. Акырынтә ицо-иаауа илацәажәон, иара арԥыс иакәзаргьы акыр иҽазикит, аха лара аҿҳәара азыԥҵәаны ианыҟаз, амашәыр аныҟалаз адырра ахьлырымҭаз, лымкаала уи ауха ауаҩы дахьылнырымҵаз иаахлырҟьан, инаҿаршәны мап ацәылкит дзызҳәаны иҟаз иццара. Ихыбгалеит уи ачара. Ларгьы анаҩсгьы разҟыла уаҳа деиқәымшәеит, аҭаацәара даламлаӡеит.

Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵами, аҭаца дызгараны иҟаз арыцҳара анырзыҟала, иҳәаны итәаз аҭыԥҳа лахь ауаҩы дшаашьҭтәыз иазхәыцуаз дҟамлеит, аҭаца дганы џьара дрызмыртәозаргьы, иҟалаз ахҭыс азы лгәылҽанҵара шыруалыз рхахьы имааит, избанзар ажәытәан ауаа ирымаз агәҟәышра ашьҭрақәа ыӡхьан азы.

Абарҭқәа зегь еидхәыцло, ҳазааир ауеит иаҳцәыӡуа атрадициақәа рӷьырак реиқәырхара ишаԥсоу. Адунеи акыр аҽаԥсахзаргьы, иҵаулоу жәлар рдоуҳа иарҿиоз ақьабзқәа иреиҳау ыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0