Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс

© Depositphotos.com / LeungchopanАԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс
Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа "Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра" ҳәа хыс измаз лколонкаҿы Лахьыцәгьа ҳәа зыӡбахә лымаз аԥҳәызба лҭоурых Саида Жьиԥҳа даҽа ԥҳәызбак дзықәшәаз лгәаланаршәеит. Уи лҭоурых иахьа иаҳзеиҭалҳәоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ажәытәан арԥыси аԥҳәызбеи рынасыԥ ачаԥараҿы ақьаӷьариа дыбжьацәажәон, ауа-ҭахыла зҳәаз еиԥш аҿар еибырҭон, аха иҟан зхала еибадырны, абзиабара зыбжьаланы аҭаацәара аԥызҵозгьы. Убарҭ иреиуан зхәыҷаахыс еибадыруаз, ашкол еицҭаз ҷкәынаки ӡӷабки (рыхьӡқәа "М", "К" ҳәа иҟаз сажәабжь аҿы). Аҿар бзиа ишеибабоз 15-16 шықәса анырхыҵ ирыҵырхит, аха "арҭ хәыҷқәоуп" ҳәа аӡәгьы агәра игомызт рцәаныррақәа шҵабыргыз.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Арҭ ахәыҷқәа рҭаацәарақәа нхарала еизааигәан, ацәгьеи абзиеи рҿы амаҵ еицыруан. Аха адуцәа рхәыҷқәа ирыбжьаз атәы рзымдыруашәа ҟарҵон, ԥсуаҵас аргамара ԥхашьаран.

Аԥсҭазаараҟны зны-зынла ишыҟалало еиԥш, бзиа еибабоз ҩыџьа ахԥатәи ахаҿы дрыбжьалеит. "М" 18 шықәса анылхыҵ, дыԥҳәызба наӡаны даншәы, лыԥшреи лсахьеи ихнахуаз арԥар рацәаҩхеит. Иҟан Нхыҵ Кавказынтәи иааны лнапы иаҳәозгьы. Аха лара лыԥсҭазаара здылҳәалар илҭахыз "К" иакәын, уи ида аӡәгьы лхахьы даалгомызт. Аԥҳәызба лхатә ҩыза иалхра азҵаара шылӡбахьазгьы, зегь акоуп длыцрыҵуамызт рқыҭа егьи ацуҭа аҟнытә илеиҽырбоз "Д". Акраамҭатәи иҽазышәарақәа рышьҭахь, иара "М" длызгәамҵны, лҩыза ԥҳәысс дигоит. Аамҭакы ашьҭахь "М"-и "К"-и еибагоит.

Егьа умҳәан, аԥсҭазаараҿы зегьы уара ишуҭаху иҟалом, уи ахатәы ԥҟарақәа амоуп. Арҭ рыҩџьагьы хәышықәса еицынхон, аха ахшара дрымамызт. Убри аамҭазы "Д" иԥа хәыҷы дыхбыџхахьан.

Ҽнак, зыӡбахә сымоу афырхацәа, чарак аҿы еиқәшәоит. "Д" иԥшәмаԥҳәыси "М"-и ианқәыԥшыз еиҩызцәан азы, уажәгьы агәыбылра рыбжьан. Аҳәса рызхара еицәажәонаҵы, ахацәа рқьафқәа ҟарҵеит. Ачара ахыркәшамҭаз, зшьапы аарла инанагоз "Д" "М" лааигәа днеины ибжьы ныҵакны лара лахь имаз абзиабара шҿымцәааз налеиҳәеит, лҩызагьы (иара иԥшәмаԥҳәыс) "игәы дшықәгылаз" нациҵеит. Аҩы иашьыз аиацәажәара акәым, дахьиҿаԥшуаз амца лкуан, аха ауаа акы рыдырбалар ҳәа дшәаны, диҿаччозшәа ааҟаҵаны, дынидҵит. "Д" "М" лахь имаз абзиабара атәы рдыруан иԥшәмаԥҳәыси "К"-и, аха урҭ хырҩа арҭомызт анкьа иҟаз, иахьанӡа ицәаныррақәа рыԥсы шҭоу абардыруаз акәымзар…

Ауха, "М" лыԥшәма иалҳәарц лҽазылшәеит "Д" ихымҩаԥгашьа атәы, аха илзымгәаӷьит, "уаҳа ҳабаибабо" ҳәагьы лгәы иаанарго.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

Ари ахҭыс ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны, "М" лаҳәшьеи лареи ҩаԥхьа Гәдоуҭа аҳәса рҳақьым лҟнытә аҩныҟа ишаауаз, амҩабжа автобус акәыр ԥжәеит. Ауаа зегьы ҭыҵны, ҳазгарыда ҳәа иниас-ааиасуаз амашьынақәа рахь рнапы рҟьон.

Уамак мҵыкәа, "М" лаԥхьа иаанҿасуеит амашьына лас "Москвич". Азнык азы дгәырӷьаҵәа дааҟалан, аха аԥсҟы зкыз данылба иламхацәгьахеит. "Ибыхьзеи бара, "Д" дыбзымдырӡеи, бааи арахь" лҳәан, лаҳәшьеиҵбы амашьына аԥхьа днақәтәеит. "Д" иблақәа ыргызмалны, асаркьала "М" лыбла дышхыԥшылоз мацара амҩа ианын. Лара уажәы-уажәы лаҳәшьа акы длазҵаауа, зны адәахьы дыԥшуа лхы ахылгон. Арахь агәҭынчымра лнаҭон, лаҳәшьа ланшьцәа дрызцон азы ирлас дахьлыбаауаз. Аха ҿыҵгас иҟалҵарызеи сылбаауеит лҳәарц, амҩа хәылбыҽхан данхалар аҵкыс, "исычҳап" ҳәа лҽырԥсны дтәан. Аиаҳәшьа данҭыҵ ашьҭахь, "Д" "аҩсҭаа дихалазшәа" иҟазшьа иаразнак аҽеиҭанакит. Амашьына ырццакуа, уаҩ иахьиҿахырсҭамыз иҿынеихеит. Анаҩс иҟалаз аԥхьаҩцәа еилышәкааит…

"М" илыхьыз лҿы илзамырҳәо, арахь дҵыкәкәаны дцо аԥсра ахықә дықәгылеит. Аҽшьра ианақәылк, еилылкааит лцәа лтәымкәа дшыҟаз. "К" акыр шықәса аҵеи иира дазыԥшын азы, игәырӷьара ҵҩа амамызт, иԥҳәыс лгәамбзиарақәагьы уи иаҵиган, игәы рҭынчны абра иҽазыҟаиҵо далагеит. Жәымз рышьҭахь аҭаацәараҟны диуеит аӡӷаб хәыҷы. Алыиаа дзауыз ирыдырныҳәаларц асасцәа рыднагало иалагеит, хымԥада, ари ахҭыс лаҩлыжьуазма "М" лҩызагьы, "Д" иԥшәмаԥҳәыс…

"Аҩсҭаа" аҩны инеира аиҭаԥсра илзаҩызахеит, аха иқьаф ҟаҵаны, иблақәа цырцыруа иԥа динасыԥхарц азы лысаби лгара аниҿаҟәа, убрааҵәҟьа лыԥсы лылшәшәаны дкаҳаит.

Аԥсуа Агара  - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҵакык аман: Валентина Ашәԥҳа агараҿаҟәара ахархәашьақәа еиҭалҳәеит

"М" лыблақәа анхылт, "аҩсҭаа, аҩсҭаа" ҳәа аҳәҳәара далагазаап, аха лҭаацәа, "ари анцәа дылҭаазар ҟалап" рҳәан, уи ашьҭахь "ԥсуаҵас" лыхәшәтәра иалагеит.

"Д" иабаидыруаз, иԥа изы "ииҳәаз" аӡӷаб хәыҷы иара дышиԥҳаз. Шәара шәазхәыц закәытә гәнаҳароу, ари ахаҵа ҩаԥхьа ихы иаҭәеишьаз, раԥхьа идырны, уажәы изымдыркәа…

"М" лыԥҳа хышықәса лхыҵуан лыԥшәма "К" машәырла данҭаха. Аԥҳәыс еиба лыԥшәма ишықәсцәымза шьҭыхны, Москва инхоз лашьа иахь дцеит.

Ари аҭоурых 2002 шықәсазы ахԥатәи акурс аҿы сантәаз исзеиҭалҳәеит Гагрантәи Аҟәаҟа сцоит ҳәа сзықәтәаз автобус аҿы исыватәаз, 70-ҟа шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс бырг.

- Бҭаацәароума сыӡӷаб?

- Мап!

- Бзиа иббо иакәымкәа, бара бзиа бызбо бицца, нан, аԥсҭазаараҿы ус еиҳа еиӷьуп, - насаҭалкит усҟан уи аԥҳәыс. Абас ауп ҳаицәажәарагьы ахы шыҵнахыз усҟан.

"М" рыцҳа "К" акагьы изымдыркәа нарцәыҟа дахьцаз заҵәык акәын лгәы зырдоз ари аҭоурых аҟны. Насгьы лара илыллыршеит лыԥҳа "аҩсҭаа" ила дамбакәа дааӡаны, аҵара лырҵаны, илынасыԥхаз аурыс ҷкәыни лареи Европаҟа нхара рышьҭра.

"Д"? Уи иразҟхеи? Автобус исыцақәтәаз аԥҳәыс бырг лахь сызҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рымамызт.

Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа Мифы и Легенды Абхазии - Sputnik Аҧсны
Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

"Аҩсҭаау"? Џьаҳаным иҭыԥхеит. Иԥҳәыси иареи еилыҵит, аҩыжәра ҵиган, жәабаҟа шықәса раԥхьа аҵеиџь аҟнытә аӡы ааигоит ҳәа дахьнеиз, дҭаҳан, дынҭаԥсы дцеит.

Уаҳа акагьы сазымҵааит. "Уи аҽны слыцны аҩнынӡа сцазҭгьы, абас ҟамларгьы ауан" анылҳәа, еилыскааит сзыдтәалаз "М" лаҳәшьа шлакәыз.

Аиаҳәшьа рыцҳа, "М" уи аҽны илыхьыз анылдыр, ахәшәтәырҭа дҭашәазаап, лара ааигәа аҭаацәара далалан, лцәалтәымкәагьы дыҟан, аха илнырыз ахы ацәымӷреи, "М" лахь арыцҳашьареи лыпсихика ԥхасҭанатәеит, дыззыԥшыз асабигьы деиқәымхеит.

"М" ауасиаҭ нлыжьхьан, адунеи анылԥсахуа, лыԥсыбаҩ былны, аццышәқәа "К" иҳаҭгәын иаваржырц. Ус иагьыҟарҵеит.

Автобус аҿы исыватәаз аԥҳәыс бырг "бзиа иббо иакәымкәа, бара бзиа бызбо бицца, нан" ҳәа илҳәаз ажәақәагьы уажәоуп еилыкка рҵакы схаҿы ианааи! Усҟан "М" "Д" диццазҭгьы, абас ҟаларызма?! Аха абзиабара мыжда…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0