Ҩ-ҵакык аман: Валентина Ашәԥҳа агараҿаҟәара ахархәашьақәа еиҭалҳәеит

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа Агара
Аԥсуа Агара  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы агараҿаҟәара аҵас ҳаҭыр ду ақәын. Уи ахархәарақәа ҩба аман. Урҭ арбақәан ҳзеиҭалҳәоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

Ажәытәан агараҿаҟәара ҳаҭыр ду ақәын. Уи аилагара ҵасмызт ҳәа иԥхьаӡан. Џьгьарда ақыҭан ииз, иааӡаз, иахьа 83 шықәса ирҭагылоу Гагра араион, Цандрыԥшь аҳаблан инхо, зыԥсҭазаара абжеиҳан ахәыҷқәа реиҵааӡара иазызкыз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа дырзааҭгылеит лаб иаҳәшьцәа ирҳәамҭаны илдыруа агараҿаҟәара иазку хҭысқәак.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Агараҿаҟәара анаҳҳәо, раԥхьа иргыланы ҳхаҿы иааиуа, ажәытәан асаби (аӡӷаб хәыҷы) дызгараз, арԥыс, мамзаргьы аҵеи дызмаз аб иԥа диразҟхарц адырга шаиҭоз ауп. Аха иахьа издыруа рацәаҩым уи хазы аиуара абжьаҵарагьы ишазкыз.

© Foto / Саида ЖибаАԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа
Ҩ-ҵакык аман: Валентина Ашәԥҳа агараҿаҟәара ахархәашьақәа еиҭалҳәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа

 

"Ажәытәан аԥсуаа иҳамаз агараҿаҟәара аҵас иԥшьоу акы акәны иԥхьаӡан. Уи аилагарагьы гәнаҳараны иахәаԥшуан. Сара саб иаҳәшьцәа Назии, Камаҷыҷи Ашәԥҳацәа ирҳәоны исаҳахьан, асаби лгара аҩнаҭа имҩахыҵуаз ахаҵа абри аԥҳәызба дихьӡаны даныҟало ԥҳәысс дшиго, мамзаргьы аԥа дызмаз дшиҭацахо ҳәа ишырҿаҟәоз. Уинахыс лара дҳәаны дыҟоуп ҳәа иԥхьаӡан", - еиҭалҳәоит Валентина Ашәԥҳа.

Аԥсуа Агара - Sputnik Аҧсны
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: Зарина Коӷониа агаразы лгәаанагара

Ажәабжьҳәаҩ иазгәалҭеит изныкымкәа ишыҟалахьаз, аԥҳәызба илызҳаны, уи аамҭазы зықәра неихьаз лгара зҿаҟәаз димыццар шыҟамлоз. Аҭыԥҳа лгәы даҭахымзаргьы, агараҿаҟәара аҵас аилагара азин лымамызт. Иҟан еибагаанӡа машәырла арԥыс, ма аԥҳәызба адунеи анырԥсахуаз. Усҟан шықәсыкынӡа иара, ма лара џьабон. Анаҩс, аҭаацәарақәа еиқәшаҳаҭны азин ҟарҵон ихы, ма лхы дақәиҭуп ҳәа. Уи ашьҭахь рразҟы рчаԥон, аха аҩҭаацәарак ирыбжьаз агараҿаҟәара дырӡӡомызт, ҭынхацәас ишьҭибахуан.

Валентина Ашәԥҳа илҳәеит ҳаҭыр еиқәызҵоз аҭаацәарақәагьы еиҳагьы еизааигәахарц азы агараҿаҟәара шрыбжьарҵоз, убас хаз ҵасны аиуара ашьҭыхра иазыркуан.

"Еизааигәаз, пату еиқәызҵоз аҭаацәарақәа, еиҩызцәазар - аиуара рыбжьаларц, еиҭынхацәазар - еиҳагьы ишьҭибакаарц азы агараҿаҟәара рыбжьарҵон. Усҟан, асаби дахьиуаз (дыҷкәынума, дыӡӷабума) егьи аҭаацәара агара ҿаҟәаны, "иахьанахыс аиашьареи аиаҳәшьареи ҳабжьало, ҳаимадара ҿымцәаауа, ҳаиуара аҽарҭбаауа" ҳәа иныҳәаныԥхьаны инаргон", - лажәа иацылҵоит Валентина Кәыта-иԥҳа.

Агараҿаҟәара хаҭала сара агәыҩбара сызцәырнагоит. Избан зықәра неихьоу ахаҵа асаби лгара динасыԥхарц азы адырга заиҭо. Уи мышкызны аразҟы лоуоит ҳәа исыԥхьаӡаӡом. 30-40 шықәса илеиҳабу бзиа дбаны диццома иаҳҳәап 20 шықәса зхыҵуа аԥҳәызба, хымԥада мап. Араҟа зхы ззымдыруа ахаҵа иԥшьоу аҵас далахәмаруеит ҳәа исԥхьаӡоит. Егьи абжьара, қәрала илываҟәыло изы, мамзаргьы аҭынхара абжьаҵаразы агара ҿаҟәазар - уи иԥшӡоу ҵасуп.

Валентина Гыцԥҳа: шьыри, ақьаӷьариа иахьагьы дҳаманда>>

"Анкьа агара асимволтә ҵакы аман. Уи аҿиара, анасыԥ ачаԥара, ауа, аҭахы рышьҭибакаара иадырган. Иахьа агараҿаҟәара акәым, агара ахаҭа закәу ззымдыруагьы ыҟоуп. Унацәала еиқәуԥхьаӡап шаҟаҩы зысабицәа агара игаразҵо", - лгәынамӡарақәа аалырԥшуеит ажәабжьҳәаҩ.

Дбар–Ҭаниа Рита - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа ицқьоу, иԥшьоу, ишкәакәоу: "ахш зыбжьоу", мамзаргьы "акыкацҳара"

Валентина Ашәԥҳа иаҳзеиҭалҳәаз агараҿаҟәара иазку аҩ-вариантк шыҟаз шьақәирӷәӷәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афольклорҭҵааҩ Арда Ашәбагьы. Иара иазгәеиҭеит қыҭацыԥхьаӡагьы рхатәы кәамаҵамақәа шрымазгьы ари аҵас аныҟәгараҿы.

Ари аҵас иадҳәалоу ахҭысқәа иахьатәи аамҭазгьы иҟоуп. 30-ҟа шықәса раԥхьа, ибзиаӡаны издыруа аҭаацәарақәа (рыжәла сҳәом) ирыбжьазаарын агараҿаҟәара. Аха арԥыс машәырла дҭахоит.

Иахьа 30 шықәса ирҭысыз аԥҳәызба разҟыда дтәоуп, изныкымкәа ажәа шылнырҵахьазгьы. Лыуа-лҭынха, агараҿаҟәара аӡбахә здыруа, илабжьаргахьеит аамҭа мгакәа лхы дазҵаарц. Аха сара Валентина Ашәԥҳа санылзыӡыруаз еилыскааит, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан аныҳәаҩ иакәымкәа, арԥыс иҭаацәа роуп "бхы бақәиҭуп" ҳәа инеины илазҳәаша. Убри рлымҳа аҟынӡа иназгода акәымзар…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0