Коӷониаԥҳа ателехәаԥшразы: ицәыргатәуп зегь реиҳа иактуалтәу, иџьбароу азҵаатәқәа

Анапаҵаҩра
Иахьа Жәларбжьаратәи ателехәаԥшра амш ауп. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит раԥхьаӡа рқыҭаҿы ателербага шцәырҵыз, иара убас Аԥсны ателехәаԥшра аҿиарамҩеи иахьатәи аҭагылазаашьеи рзы лгәаанагара ҳамалдоит.
Коӷониаԥҳа ателехәаԥшразы: ицәыргатәуп зегь реиҳа иактуалтәу, иџьбароу азҵаатәқәа

12-ҟа шықәса анысхыҵуаз, ҳгәыла Гьаргь (Жора) Лашәриа ателевизор ааихәеит ҳәа ҳаҳаит. Ари ахҭыс 1975-тәи ашықәскәа ирыҵаркуеит. Уаанӡа аҩны ҳара ажәабжьқәа ҳзырҳауаз саб иныҟәигоз аспидолақәа ракәын. Уи еснагь иаҿакын, ҳазыӡырҩуан аԥсуа радио, иара убас, еиуеиԥшым ацәаҳәақәа ражәабжьқәа. Исгәалашәоит арадио аҟынтә абжьы шҭыҩааз Иури Гагарин дҭахеит ҳәа. Усҟан зынӡа смаҷын, аха саб игәалсра ала игәныскылеит акосмос ахь иԥрыз акосмонавт ԥшӡа дышҭахаз. Абри зхысҳәаауа, ателевизор ақыҭаҿы ицәырҵаанӡа ажәабжьқәа арадио ала иҳаҳауан.

Усҟантәи атехнологиа ҿыцқәа ртәы ҳҳәозар, иҳаман амагнитофон, нас апластинка зҿаркуаз ашәа рҳәага. Апластинкақәа рацәаны иҳаман, агәыр зхагылаз абжьыргага нақәыргыланы ашәақәа аҿаҳкуан, ажәакала, иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы ҳқыҭа Кәтол кҿаханы иҟамызт.

Театрализованное представление на церемонии открытия XIX Всемирного фестиваля молодежи и студентов (ВФМС) в Ледовом дворце Большой в Сочи - Sputnik Аҧсны
Аналитикеи акритикеи рыҟамзаара аибарҽхәара анарҿио

Абас ишааиуаз, ателевизорқәа рцәырҵра аамҭа ааит, аха саб аахәаха иоуаанӡа, иара аԥшаарагьы мариамызт, ҳгәыла иааигеит ателевизор.

Ахәылбыҽха, агәылацәа-азлацәа ҳҽааилаҳәаны ателевизор ахәаԥшра Жора Лашәриа иахь ҳцон. Ари ҳагьеибанарбон, асахьаныҟәагьы ҳахәанарԥшуан. Исгәалашәоит раԥхьа ателевизор санаҿаԥшы, исзымбатәбараханы сшыҟаз, "ТВ СССР" ҳәа адырраҭара ахышә анаацәырҵ, ҟалашьас иамои абжьы зцу асахьа Москвантә ара иааиуа ҳәа џьашьатәыс исыман. Са сеиԥш уи џьазшьоз рацәаҩын.

Абас аамҭак агәылара ателевизор ахәаԥшра ҳцон, аха саб ас ԥхашьароуп, ателевизор сыԥшаароуп ҟаиҵан, аҩны иаҳзааигеит. Исгәалашәом уи ахьӡ, иҟалоит "Рубин" акәзар, иахьаԥштәылан иара. Заҟа ҳгәырӷьоз аиҭаҳәара уадаҩын. Саб ателевизор анааига, ҳгәылацәа абжаҩык ҳара ҳахь иаауа иалагеит. Анаҩс, маҷ-маҷ ақыҭауаа зегьы иаархәо иҟалеит, 80-тәи ашықәсқәа рзы ателевизор змамыз шамаха дубомызт ақыҭаҿы.

Усҟантәи ателехәаԥшра иахьеиԥш уахи ҽни аус ауамызт. Ахәылбыҽха иаацәырҵуан "ТВ СССР".  Ажәабжьқәа ҳарҳәон урысшәала, инеиԥынкыланы сааҭбжак инеиҳаны иҟан. Исгәалашәоит ақырҭуа телехәаԥшрагьы шаҳнарбоз, аха рбызшәа ҳаздыруамызт аҟынтә, уи аканал ҳахәаԥшуамызт, концертк рмышьҭуазар.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа ртәыла…

Ҳтелевизор уажәеиԥш апульт ала иурҵәиуа иауҟахыз, унеины унадгыланы аргьежьыга ала иқәургылон. Ателехәаԥшра аартра техникатә еволициоуп ҳҳәар ауеит. Аҵарауаа акыр шықәса рҽазыршәон асахьаныҟәа атехникатә мыругақәа рыла аарԥшра. Аҭоурых ҳагәылаԥшуазар, ари аидеиа 19-тәи ашәышықәсазгьы ицәырҵхьан, аурыс ҵарауаа рҽазыршәон асахьа арбара. Ус акәзаргьы, Асовет ҳәынҭқарра раԥхьатәи ателехәаԥшра аусура хнартит 1931 шықәсазы.

Ателехәаԥшра аартра ҵарадырратә еволиуциоуп ҳҳәазаргьы, анаҩс уи ишьҭнахит ихадоу аидеологиатә ҵакы. Абасала, иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы, амеханикатә, аелектронтә шьҭахьҟа иныжны, ацифратә телехәаԥшра амҩахь ииасны адунеи зымҽхазкыз аинформациатә, акультуратә, аҵарадырратә хырхарҭақәа змоу жәабжьҳәаганы иҟалеит.

1996 шықәсазы ООН Ассамблеиа хадаҿы абҵара 21 адунеижәларбжьаратәи ателехәаԥшра иамшны ирыларҳәеит, абри амш азы Адунеижәларбжьаратәи ателехәаԥшратә форум ахьымҩаԥгаз азы. Ҳара ҳазлааӡаз СССР ахаантәи ателехәаԥшра иахьа иахыҵуеит 89 шықәса, ари абжа аҟара ахыҵуеит, ҳара ҳмилаҭтә телехәаԥшра. Абҵара 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра 42 шықәса ахыҵит. Схәыҷра ашықәсқәа раамҭазы агәылара сцаны ателербага анызбоз аума, аҩны ианҳау санеигәырӷьоз аума, сыԥсҭазаара уи иадҳәалахоит ҳәа сыҟамызт.

Шамил Хәсеин-иԥа Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Ииашаз, узықәгәыӷшаз, иҟәышыз напхгаҩын

Сара ибзианы исгәалашәоит аԥсуаа рықәгыларақәа ателехәаԥшра аартра азҵаатәазы. Усҟан аиҳабыратәи аклассқәа рҿы стәан. Раԥхьаӡа Аԥсуа телехәаԥшра ацәырҵра даара игәышьҭыхган, анаҩс амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аамҭазы, ажәлар рус ахаҵгыларазы ихадоу ароль нанагӡон. Аибашьра аԥхьа ақырҭуа информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа аԥсуа зҵаатәқәа рзы инегативтәыз аинформациа адунеи иаладырҵәон, аԥсуаа ракәзар, гәыӷырҭас ирыман Аԥсуа телехәаԥшра, арадиогьы налаҵаны.

Усҟан, акоммунистцәа рхаан, имариамызт ииашоу аинформациа ауаа дырбара, аха аԥсуа журналистцәа, арежиссиорцәа, атехникцәа уҳәа, русура рамхра азҵаатәы иацәымшәакәа аус руан. Иазгәасҭарц сҭахуп, ателехәаԥшра раԥхьатәи ахада Шамил Ԥлиа даара дшадгылоз ҳидеологиа. ОБКОМ захьӡыз ахь иара дцон ажурналистцәа рыхьчаразы. Иахлафааны ирҳәон, Шамил Хәсеин-иԥа апартиа анапхгара агәынамӡара аарԥшразы ианиԥхьалакгьы "аусура сгьежьыр, урҭ рҭыԥ иқәысҵоит" ҳәа акоммунистцәа ширблаҟьоз. Шамил Ԥлиа аусурахь даныгьежьлакгьы "шәызҿу нашәыгӡала иҳәон". Ус ҟаимҵар, аԥсуаа ридеиа хада ауаажәлар рызнагашьа аиуӡомызт, иалшон ҳара аинформациатә еибашьра ҳаҵахар.

Заира Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых

Аԥсуа телехәаԥшра ажәлар ирҿахәҳәаганы иаартын, уи акыр иазықәԥеит амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҭарнакцәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз ҳтелехәаԥшра иалнаршеит аинформациатә ԥхьагылара агара, ҳтәыла аҩнуҵҟеиԥш анҭыҵгьы ҳжурналистцәа азықәпон агеноцид ҳзызурц иҳақәлаз ақырҭқәа имҩаԥыргоз аибашьра аҵакы адунеи арҳара.

Аибашьра ашьҭахьгьы акыраамҭа аԥсуа телехәаԥшра аԥсҭазаара аиҭашьақәыргылара, аоккупациа зызуз аԥсуа нхарҭақәа рҿы ҳауаажәлар ирхыргоз иазкыз афильмқәа рҭыхра уҳәа, аус ауан, алшара дуқәа амамзаргьы.

42 шықәса раԥхьа амилаҭ ирҿаҳәҳәаганы иаартыз ателехәаԥшра, еиҳаракгьы аҵыхәтәантәи 15 шықәса рзы амчра знапаҿы иҟоу аполитикцәа ирҿаҳәҳәаганы иҟалеит сҳәарц сылшоит, схаҭа ажурналист лаҳасабала сызнысхьоу амҩақәа исзааргаз ахшыҩҵакқәа еизыркәкәаны сцәажәозар. Ателехәаԥшра ҳәынҭқарратәуп анырҳәо, изцәеилаго ыҟоуп, иара ахаҭа ашәахтәшәаҩцәа рымчала ишеибарку, уи ҷыдала ачынуаа рхатә ԥарала ишеиҿкаам.

Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу адиктор

Ирлас-ырласны ҳтәыла анапхгара рҽырыԥсахуан аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, амчрахь инеиуа имҩақәырцон ирҭахыз аинформациа, ииашоуп, иуԥылон ишиашоу ицоз аефирқәагьы. Уаҟа еиқәшәон амчраҿ иҟои урҭ роппонентцәеи. Арҭ рҩызцәа адырраҭарақәа хымԥадатәизароуп ателехәаԥшраҿы, досу игәаанагара ажәлар дырҳаразы. Ус шакәызгьы, уи инеиԥынкыланы имҩаԥысуаз процессмызт. Амчра агра атәы зҳәоз ақәгыларақәа ателехәаԥшраҿы рцәыргара имариам усын ажурналистцәа рзы.

Иааихҵәаны иаҳҳәозар, еснагь амчраҿ иҟоу ателехәаԥшра анахәҭа ахаршәны иркуп. Иҳаҩсыз аԥхынтәи, иара убас ҳазҭоу ашықәс азтәи апрезиденттә алхрақәа раамҭазы ицоз адебатқәа, мамзаргьы, аинтервиуқәа рҿы амчра арԥшӡара анубаалон.

Алхра аламҭалазтәи адебатқәа: Аслан Бжьаниеи Адгәыр Арӡынбеи злацәажәоз>>

Иҟамызт алхратә кампаниа аамҭазы алхҩы "иргәыбзыӷразы" атәыла бетонла ахҟьара иазкыз арепортажқәа, урҭ ирыдҳәалаз азҵаарақәа. Ажәакала, аԥсуа телехәаԥшратә журналистика ацҳафырра иацәыхарахо иалагеит. Амчра аҽанаԥсах, "апластинка ықәзыргыло" аполитикцәагьы рҽырыԥсахит, даҽакала иаҳҳәозар, даҽа партиак имҩақәнацоит аинформациа.

Иахьагьы иацгьы, ателехәаԥшра иагуп ицҳафыруа аполитикатә, асоциалтә хырхарҭақәа змоу адырраҭарақәа. Ателехәаԥшра афинанстә лагала зҭаху ресурсуп, еснагь ирҿыцлатәуп атехникатә хәҭақәа, аха ҳазҭагылоу аамҭазы ҳтәылаҿы афинанстә еиҵахарақәа ыҟазаргьы, аус ауеит ателехәаԥшра, уимоу атематика аганахь акыр аҽарҭбааит, амала макьаназы, аполитикцәа аидеиақәа рзы реицлабра аарԥшра ацәаарагьы ыҟам. Еиҳа имодахеит анонимтә саитқәа рҿы акарикатиуарақәа ҭаҵаны аҳәынҵәеигәыдҭәалара. Ауаа ирбо, ираҳауа, аԥсуа политикцәа еидтәаланы ргәаанагарақәа реимдара аҭыԥан, анонимтә "апельсинқәеи мандаринқәеи" раамҭа цәырҵит. Иахьа аинтернет хархәагақәа ателехәаԥшра излаоппонентцәахаз ала, иарбан телехәаԥшразаалакгьы азхәыцлароуп, иара аканал аҿы ишцәыргатәу зегь реиҳа иактуалтәу, зегь реиҳа иџьбароу азҵаатәқәа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Корсаииаԥҳа: ателехәаԥшраҿы аполитика рацәахазшәа збоит

Ҳтәылаҿы иҟоуп иҳәынҭқарратәу Аԥсуа телехәаԥшреиԥш, ахатәы канал "Абаза-ТВ". Уи аканал аацәырҵижьҭеи, ражәабжьқәа санрыхәаԥшуа избоит еиҳа рхы ишақәиҭу, амчраҿ иҟоу рнапы усҟак ишымнаӡо дара рҟынӡа. Аканал алшарақәа еиҳа имаҷуп, иубоит рресурсқәа шырацәам, аха зегь акоуп, рхақәиҭра рныԥшуеит ахәаԥшҩы лаҳасабала сцәажәозар.

Амчраҿы иҟоу ирдыруазароуп, зыгра зӡаз иан дшаго. Атәылаҿы иҟоу азҵаатәқәа иаахтны ирылацәажәатәуп, ажурналистцәа ачынуаа ирыцхырааҩцәоуп, дара иаадырԥшуа апроблемақәа анапхгара рзы ихәарҭоуп, ииашаны издызкыло дыҟазар. Уажәы ицәырҵыз афымцалашаратә уадаҩразы, "уара иухароуп, сара исхароуп" аҭыԥан, зегьы иреиӷьуп уаанӡатәии уажәтәии амчрақәа рхаҭарнакцәа ажәлар ирбо-ираҳауа адебатқәа мҩаԥыргар, усҟан иалшоит азҵаатәы аӡбаразы еиҳа еиӷьу амҩа ааԥшыргьы.

Иахыҵӡозеи ателехәаԥшра, аха иахьагьы уи ииашаны ахархәаразы ахьысҳарақәа ҳамоуп ҳполитикцәа ирыбзоураны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0