Аинтернет ҳаиланагеит, ма "имодахаз" авидеонҵамҭақәа

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраница социальной сети "Фейсбук"
Страница социальной сети Фейсбук - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аинтернет асаитқәа жәпакы рҿы ҳмилаҭ ахаҿра змырԥшӡо аибахыччара ахьаарԥшу авидеонҵамҭақәа рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иҿио аҳәынҭқаррақәа аинтернет ресурсқәа рхархәарала ртәыла ӡырыргоит, рҭоурыхи имҩаԥырго аполитикеи ирылацәажәоит, еиуеиԥшым апроблемақәа аларӡбоит. Џьоукы аинформациатә еибашьра мҩаԥыргоит. Аха ҳарҭ аԥсуаа аӡәырҩы атәым милаҭқәа "ҳзакәу рзымдырыр" ҳәа ҳшәаны, аинтернет аҳаҭыр аларҟәра, аҳәынҵәеиқәҭәара иазаҳкит.

Соцсети - Sputnik Аҧсны
Аура шахабаала иркуеит

Зны-зынла убас сгәы иаанагоит абри Facebook ҳаиӷрабаара аанарԥшит ҳәа. Ҳазхымччода, зтәы ҳамҳәода адунеизегьтәи акаҭаҿы. Ҳтәыла иахагылази иахьатәи аиҳабыреи рхаҿсахьа акарикатура алаҳхит, рцәа рхаҳхит, ржьы ҳфеит, рыбаҩқәа еимҿҳаршәшәеит. Аҭаацәара иалалаз хаҵеи ԥҳәыси иршәыз, ирхаз, ирҳәаз, шаҟа хаԥыц рымаз, рԥынҵа заҟараз ҳахыччеит. Иаарлас иахьышьҭоугьы ҳкылԥшны иҭаҳхуазар акәхап…

Аҭацацәа ачанах рызԥымҽит ҳәа аҵәы иахаҳҵеит. Арыцҳараҿгьы ҳкамера нҳажьуам. Егьараан анаркотик зыдкыланы иҟоу, мамзар аҩы иашьу ауаа ҭыхны "ижәбома аԥсуаа ҳзеиԥшроу" ҳҳәошәа, аинтернет иҭагаланы, насгьы зегьы еилыркаартә урысшәала аимак-аиҿак ахылҳарҿиаауеит. Амҩатә машәырқәа раан "гәырӷьаҿҳәаша" раҳҭошәа, иаҳдыруа зегьы иҟәыбаса ишьҭоу амашьынақәа ҭыхны ирзаҳшьҭуеит. Аӡәы ҳицхраарц анаҳгәаӷьуагьы, кьылак ашьақар изнаҳгаргьы, авидео ҭыхны адунеи иалаҳарҵәоит, аума ҟаҳҵазшәа (Агәыҳалалратә фондқәа аласҵом).

Иҟалеи? Иҳахьи? Убарҭ авидеонҵамҭақәа ҭыхны ажәлар ирылазырҵәо, уи ала ишәҳәарц ишәҭахи? "Уаԥхьа икаҳаз уихымччан" аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Дыҟам "иԥшьоу" ауаҩы. Ҳазегьы граки гхаки ҳамоуп.

Зегь раасҭа гәыбӷан зысҭо уаауп ахәыҷқәа злахәу авидеонҵамҭақәа гәаразҵо. Иара уигьы, дара рықәла иакәзаргьы иҭызхыз, аинтернет ахь изышьҭуа, ахҳәаа азызуа адуцәа ҳауп. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа иакәым ахь икылсыр алшоит. Егьараан иҟалахьеит зыхшыҩ мшәыц аҿар ирамхаҭыхуа, раҳаҭыр лазырҟәуа авидеонҵамҭақәа ажәлар ианрылаҵәалак, рхы аныргәаӷьуа. Нас уи зхылҿиааз ауаҩы игәы рҭынчны адәы дзықәлару?! Иҟам аныки абыки зхәыҷы дҽеимхар зҭаху.

Ирацәаӡоуп саргьы исгәамԥхо, аԥсуара иацәтәыму анҵамҭақәа анызбо. Аха уи иаанагаӡом аинтернет иҭагаланы аҵәы ыршатәуп ҳәа. Иҟоуп аҭацацәа рышәҵатәы саназгәамҵуа. Сара исзааигәоу аҭыԥҳацәа аҽыхтра шыԥшӡам, мышкызны рмаҭацәа ирылабжьар рҭаххаргьы, "бара ибшәыз закәызеи" ҳәа аҽԥныҳәа рырҭар шалшо расҳәахьеит.

Авидео аҭыхра ҵакык амазароуп. Саргьы сдаҟьаҿы лассы-лассы ишиашоу ицо аефирқәа мҩаԥызгоит. Аха урҭ Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь саныҟәарақәа ирызкуп, зны-зынла алаф рыҵоуп. Изласылшо ала Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ирыдҳәалоу авидеонҵамҭақәа ҭазгалоит.

Руки пожилой женщины - Sputnik Аҧсны
"Зегьы ҳреиԥшхама?": аҿатәуааи абыргцәа рроли ирызкны

Аԥсуаа ишахәҭоу еиԥш аинтернет ҳхы иаҳархәозҭгьы ицәыраҳгаша рацәоуп. Ҳбызшәа, ҳлитература, ҳҭоурых, ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа уҳәа узлацәажәаша маҷым. Аҭагылазаашьа схы иархәаны Faacebook аҿы иаԥҵоу аресурс "Аԥсышәала" захьӡу агәыԥ аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Макьаназы убраауп аҳәынҵәеиқәҭәара ахьыҟам, ҳхатәы бызшәа ахьхьаҳәа ашьҭыбжь ахьго. Аџьшьара рысҭоит аусбарҭақәа жәпакы адаҟьақәа ахьрымоу. Уаҟагьы ажәабжь бзиақәа ҳрыԥхьартә, мамзар авидеонҵамҭақәа ҳбартә еиԥш алшара ыҟоуп.

Срыдгылаҩуп ажәлар ринтересқәа рыхьчаразы иҭыху анҵамҭақәа. Иаҳҳәап, усбарҭак аҿы ишакәым ауаҩы иацәажәар, игәы ндырхар, иаҳаҭыр ладырҟәыр, усҟан ажәлар ирдырааит ас еиԥш ахымҩаԥгашьа згәаӷьуа рхаҿқәа, аусурагьы иамырхааит.

Сажәа хыркәшо сыуаажәлар аҳәара шәысҭоит, шәааи ҳаибахымччалап, аӡәы игха ҳбар, ҳилабжьап, амҩа иаша дықәаҳҵап, зегь раасҭа ихадоу - атәым милаҭ ҳаграқәа даҳмырбап. Ҳара ҳаилазаараҿы ҳашьцылеит ҳапроблемақәа зегьы Егры нхыҵтәи ҳгәылацәа арыҵгара. Саҭамыз, аха "ашьышьмахьы изымцогьы" уажәшьҭа дара ирхароушәа ргәы иабо иалагеит. Апроблема ахьыҟоу ҳаҩнуҵҟа ауп. Аҽеиҩшара ҳаҟәыҵны, жәларык шҳакәу еилкааны ҳаидгылап. Сшәыҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0