Ҳажәлар рҳәамҭақәа ҳажәлар ирыззырхынҳәуа: Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги "Эволюция эпической традиции". Шота Салакая
Презентация книги Эволюция эпической традиции. Шота Салакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 18 рзы 88 шықәса ихыҵит еицырдыруа аԥсуа фольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, акритик, алитератураҭҵааҩ Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, апоет Анатоли Лагәлаа иҳадигалоит аҵарауаҩ изку анҵамҭа.

Иаразнак иазгәасҭоит, иҟалап Шоҭа Салаҟаиа иаҟара афольклор иазкны аматериалқәа еизызгахьоуи, аус рыдызулахьоуи, урҭ ирызку ахрестоматиақәа еиқәзыршәахьоуи, уи ахырхарҭала аҿар еиҵазааӡахьоуи ҳаҭҵаарадырраҿ ҵарауаҩык дыҟамзар. Уи данҩыҵшәа инаркны ари аус ԥшьа напы аиркит, насгьы, разҟыс иоуз, рыԥсы ҭаны дрыхьӡеит зҿахәы еибагоз, жәлар рҳәамҭақәа рацәаӡаны издыруаз абыргцәа бзиақәа. Урҭ рҟынтәи ианиҵеит ирацәаӡаны авариантқәа, еиуеиԥшым Нарҭаа рҳәамҭақәа, алакәқәа, аџьа ашәақәа, ақьабзтә поезиа, афырхаҵаратә епос, амифологиатә ҳәамҭақәеи алегендақәеи, аҭоурыхтә ҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, абзазаратә поезиа, адрама, ахәыҷтәы фольклор, аԥсуа советтә ҿаԥыцтә поезиа, аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә поезиа реизга хадақәа, ацуфарақәа, ажәарццакқәа, уҳәа афольклор иаҵанакуа ажанрқәа зегьы.

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааШоҭа Салаҟаиа
Ҳажәлар рҳәамҭақәа ҳажәлар ирыззырхынҳәуа: Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Шоҭа Салаҟаиа

Шоҭа Салаҟаиа згьама ҳараку, зҵарадырра ҭбаау, инарҵаулан ихәыцуа, ҳаԥсуа литература аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи бзиаӡаны издыруа алитературатә критикцәа дреиуоуп. Уи ибзиаӡаны дыҩуеит ҩ-бызшәак рыла, аԥсышәалеи урысшәалеи, акырынтә Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш, егьырҭ атәым ҳәынҭқаррақәа рҿгьы асимпозиумқәеи, астол гьежьқәеи, аконференциақәеи, афольклористцәа адунеи зыхьӡ адыруа реиԥыларақәеи рҿы дықәгылахьеит, дрыхцәажәахьеит, ихьчахьеит Аԥсны аинтересқәа реиԥш, Кавказ зегьы аинтересқәа. Адунеи аҿы Кавказ иреиӷьӡоу афольклористцәа рхыԥхьаӡараҿ ихьӡ рҳәоижьҭеи акрааҵуеит, иара иҭҵаамҭақәа рхы иархәаны аҵарауаа ирацәаҩӡаны акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рыхьчахьеит.

Ааԥсара ззымдыруа: Академик Шоҭа Салаҟаиа 85 шықәса ихыҵит>> - аҵарауаҩ ииубилеи аан Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥгаз аконференциаҟынтәи анҵамҭа

Хыла ажурнал "Алашареи" ҳҵарауаҩи еизааигәаӡоу аизыҟазаашьа рыбжьоуп. Ажурнал аԥхьатәи аномерқәа инадыркны аҵарауаҩ есымша аредколлегиа далан, ажурнал акәша-мыкәша имҩаԥысуаз аусқәа зегьы иара дрылахәын, аҭҵаарадырреи, алитературатә критикеи ирыдҳәалоу аматериалқәа зегьы еимакы-еиҿакык анааҟалалак, шамахак иара имырбакәа акьыԥхь ахь материалк рышьҭӡомызт.

"Ҳлитература аԥсы ахьҭоу": ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит

Иахьагьы, ҳҵарауаҩ иқәра акыр ишнеихьоугьы, ажурнал Асовет далоуп, игәаанагара даараӡа пату ду ҳзақәуп.

Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2019
"Быжь-хаҳәк ирхысыз": Академик Шоҭа Арсҭаа 90 шықәса ихыҵит

Аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа иҭижьхьоу ишәҟәқәа рыҟнытә ихадақәоу ашәҟәқәа, иара ҵарауаҩык иаҳасабала ихьӡ-иԥша ҭызгаз иреиуоуп 1975 шықәса рзы ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿ" иҭыҵыз еиҳау аҵараиурҭақәа рзы арҵагатә хархәага "Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа". Ари ашәҟәы цхыраагӡа дус ироуит Аԥсны ашколқәа зегьы реиҳабыратә классқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи. Ашәҟәы аԥхьажәаҿы автор иҩуеит:

"Ажәлар рҿаԥыцтә поезиа еиуеиԥшым ажанрқәа рыла ишьақәгылоуп. Урҭ зегьы аамҭак азы еиццәырымҵӡеит, иҟоуп еиҳа ижәытәтәиу, аԥхьаӡатәи шьҭралатәи ауаажәларратә еиҿкаара аамҭазы ииз, уи аҟазшьақәа акырџьара еицамккәа, уажәраанӡа, мамзаргьы ааскьанӡа иаазгаз ажанрқәа, иҟоуп еиҳа ихьшәаны иҿиақәаз, акласстә уаажәларра иахылҵыз, уи иагьаазырԥшуа ажанрқәа, имаҷӡам уажә ааскьа иҿиаз аҳәамҭақәагьы.

Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2020
Зураб Џьапуа: 60 шықәса еиднакылаз сыԥсҭазаара еиҩшара аамҭаны сахәаԥшуеит

Афольклори уи ҭызҵаауа анаука афольклористикеи ирзааигәан ирыдҳәалоуп аҟазара хкқәеи анаукатә дисциплинақәеи жәпакы. Аԥхьаӡа инаргыланы ари аганахьала аӡбахә ҳәатәуп алитература. Афольклори алитературеи еидызкыло зеиԥшрас ирымоу асахьаркыратә ажәа ауп. Амала, џьара уи ҿырҳәала иҳәоу ажәоуп, егьирахь - ҩыратә формала иарбоу, ақьаад иану ажәоуп. Урҭ аформақәа реиԥшымзаара, ҳәарада, ицәырнагоит имаҷымкәа аҷыдарақәагьы, аха инеиԥынкыланы уахәаԥшуазар, аҟазара, арҭ аҩ-хкык ирзеиԥшу, еизааигәазтәуа, еижәлакызтәуа хараӡа еиҳауп, еиҟәызҭхауа аиҳа.

Афольклор аҵакы дузар, иарбан литературазаалакгьы азы, уи ароль еиҳагьы еиҳауп ааскьа ииз, аизҳара амҩа ианылаз алитература қәыԥшқәа рзы. Уажә ааигәа ицәырҵыз аԥсуа литература аҿиараҿы, ҳәарада, иалнаршаз рацәоуп ажәлар рҿаԥыцтә поезиа. Ҳара ҳлитература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ишазгәеиҭоз еиԥш, аԥсуа жәлар рпоезиа хыҵхырҭа хадас иазыҟалеит, уи ихатәы рҿиаратә усура, уи ипоезиа".

Валентин Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2020
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа

Ҳаԥсуа наукеи, ҳкультуреи, ҳлитературеи рҭоурых аҿы иҟаиҵаз алагала ду пату ақәҵаны, ҳҵарауаҩ дызнысыз инысмҩа зегьы пату ақәырҵозар ауп, еиҳаракгьы уаҵәы ҳаԥсадгьыл ҵәатәы шьаҟаны иаҵагылараны иҟоу аҿар. Убри азы хымԥада иаҭахуп аҵарауаҩ раԥхьатәи имҩахәасҭахәыҷ инаркны, иахьа дзынгылоу амҩаду аҟынӡа адырра, уи иқәыршу аԥхӡы, аџьабаа ахә ашьара. Абра иаагоит аҵарауаҩ иавтобиографиа.

Афольклорист, алитератураҭҵааҩ, акритик Салаҟаиа Шоҭа Хьыч-иԥа диит ԥхынгәы 18, 1933 шықәсазы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алоуриат. Ихҵоуп Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡқәа. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла. Дыҩуеит аԥсышәалеи урысшәалеи.

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааШоҭа Салаҟаиа
Ҳажәлар рҳәамҭақәа ҳажәлар ирыззырхынҳәуа: Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Шоҭа Салаҟаиа

Шоҭа Салаҟаиа 1940-1948 ашықәсқәа рзы аҵара иҵон Ҭхьына ақыҭантәи аашықәсатәи ашкол аҟны, анаҩс иҵара иациҵоит Аҟәатәи  арҵаҩратә ҵараиурҭаҿы. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны ибзиаӡаны аҵара ахьиҵоз аҟнытә Ленин истипендиа иоуан. Иҵара анхиркәша, 1956 шықәсазы афольклористика азанааҭ ала Қарҭ, Ш.Русҭавели ихьӡ зху Ақырҭуа литература аинститут аспирантура даанахәоит.

Шоҭа Салаҟаиа 1965 шықәсазы, Москва А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчоит акандидаттә диссертациа. 1959 шықәсазы. Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут аҟны аусура дрыдыркылоит аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбыс, 1968 шықәса нахыс – аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – 1977-1988 ашықәсқәа рзы  ари аинститут аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1992 шықәса раахыс  Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас дыҟоуп. Абар, шьҭа 60 шықәса рҟынӡа ҵуеит Ш. Салаҟаиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуеижьҭеи. 

АБИГИ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2020
Аԥсуаҭҵаара агәеисырҭа: Аԥсуа институт аҭоурых аҟынтә

Иара убас 1960-тәи ашықәсқәа раахыс Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны алекциақәа дрыԥхьон аԥсуа фольклори алитературеи, Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа  – абаза, адыга уҳәа рлитературақәа рзы. А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟынгьы аамҭак азы алекциақәа дрыԥхьон.

Ш. Салаҟаиа иааԥсара шьардоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ашьақәгылареи аҿиареи рҟны. 1998-2013 шықәсқәа раан уи аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ хадас даман, иахьа – академиа ахадара далоуп. Аҭҵаарадырра аганахьала Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа рыҭаразы акомиссиа ахантәаҩыс дыҟоуп ианаԥырҵаз 2005 шықәса раахыс.    

1999 шықәсазы март азы Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчеит адоктортә диссертациа (аҭҵаарадырратә ажәахәк аҳасабала) "Аԥсуаа репикатә рҿиара" ахьӡны.

Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Аԥсуа ҵас ӡырызго, гәыла-дала иаԥсыуоу аҵарауаҩ: Арда Ашәба ииубилеи азы

Шоҭа Салаҟаиа иҭҵааратә усура мҽхакы ҭбаала еиларсуп. Жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа реизгареи ранҵареи аганахьала, насгьы аԥсуа фольклор аепикатә жанрқәа рыҭҵаараҿы шьарда илиршеит. Аиқәыршәаҩыс дрымоуп Аԥсуа жәлар репикатә рҿиара. Ахрестоматиа", "Аԥсуа фольклор" , аизга "Аԥсуаа рҿаԥыц ажәабжьқәеи рашәақәеи" А.А. Аншбеи С.Л. Зыхәбеи иареи еицеиқәдыршәеит. Авторс дрымоуп аԥсуа фольклор иазку аҭҵаарадырратә статиақәа рацәаны, иара убас амонографиақәа ҩба: "Аԥсуа жәлар рфырхаҵаратә епос", "Аԥсуа нарҭтә епос". Истатиақәа жәпакы ("Абрыскьыл", "Ажәеиԥшь", "Нарџьхьоу", "Нарҭаа", "Сасрыҟәа", "Саҭанеи-Гәашьа", "Хәажәарԥыс", "Цәыцә" ирызкны) кьыԥхьуп ҩ-томкны иҟоу аенциклопедиа "Адунеи ажәларқәа рмифқәа" аҟны.

Шоҭа Салаҟаиа деицырдыруеит алитератураҭҵааҩ, акритик иакәны. Илитератураҭҵааратәи илитература-критикатә статиақәеи ишәҟәқәа жәпаки рызкуп афольклортә хыҵхырҭақәеи амилаҭтә литература аҭоурыхи, аԥсуа-адыгеи, аԥсуа-ақырҭуеи егьырҭ алитературатәи акультуратәи еимадарақәа.

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааШоҭа Салаҟаиа иҩымҭақәа реизга
Ҳажәлар рҳәамҭақәа ҳажәлар ирыззырхынҳәуа: Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Шоҭа Салаҟаиа иҩымҭақәа реизга

Ашәҟәыҩҩцәа Д. Гәлиа, И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, С. Ҷанба, М. Аҳашба, И. Папасқьыр, Кь. Чачхалиа, Б. Шьынқәба, Қь. Агәмаа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьонуа, Ш. Ҵәыџьба, И. Ҭарба, А. Лашәриа, А. Аџьынџьал, К. Ломиа, А. Гогәуа, Ш. Аџьынџьал, Г. Гәыблиа, М. Лашәриа, Ш. Ҷкадуа, Б. Гәыргәлиа, аҵарауаа Хә. Бӷажәба, В. Аҵнариа, С. Зыхәба уҳәа рырҿиара иазкуп истатиақәа жәпакы. Истатиақәа кьыԥхьын ажурналқәа: "Алашара", "Аҟәа-Сухум", "Юность", агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Аԥсуа институт адыррақәа", "Афольклори алитературеи рсериала Адыгатәылатәи аҭҵаарадырратә институт аҭҵаарадырратә нҵамҭақәа", алитература-критикатә статиқәа реизга "Ажәеи аамҭеи" еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа рҟны. Алитератураҭҵааратәи алитература-критикатә статиақәеи аочеркқәеи реизгақәа жәпакы ҭижьит.

Аусумҭақәа

"Аԥсуа литература. Иаазыркьаҿу аочерк", "Аԥсуа литература аҭоурых аочеркқәа", "Асоветтә милаҭрацәатә литература" ф-томкны,  "Аԥсуа литература иаазыркьаҿу аочеркқәа"; қырҭшәала уҳәа егьырҭгьы равторцәа дыруаӡәкуп.

Шоҭа Салаҟаиа илагала маҷымкәа иҟоуп аԥсуа литературазы ашколтә рҵага шәҟәқәеи апрограммақәеи  реиқәыршәараҿы. 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны афбатәи, абыжьбатәи, ажәабатәи, ажәеизатәи аклассқәа рзы алитература аиқәыршәара далахәын.

Шоҭа Салаҟаиа иналаршә-ааларшәны акәзаргьы, асахьаркыратә рҿиара дазхьаԥшуан. Авторс дамоуп ажурнал "Алашара" 1962 шықәсазы иҭыҵыз, №59 ианылаз "Шьақар-иԥа Ш." ҳәа ԥсевдонимс измоу ажәабжь "Сара сашьа Шьханыҟәа".

Аҭыжьымҭақәа

  • афольклор иазку аҭҵаамҭақәа: "Абхазский народный героический эпос", "Абхазский нартский эпос", "Избранные труды", "Эпическое творчество абхазов", "Некоторые вопросы по абхазскому фольклору и литературе".
  • алитература иазку аусумҭақәа: "Аԥсҭазаара ашыкьымҭазы: Алитература-критикатә статиақәа", "Алитература алаԥшҳәаақәа. Астатиақәеи аочеркқәеи", "Аамҭа ашьаҿа ақәыршәаны. Алитература-критикатә статиақәа".
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааШоҭа Салаҟаиа
Ҳажәлар рҳәамҭақәа ҳажәлар ирыззырхынҳәуа: Шоҭа Салаҟаиа 88 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Шоҭа Салаҟаиа

Аҵыхәтәан, сара схатәы сҳәозар, Шоҭа Салаҟаиа сара сырҿиара даара гәахәарыла ибжьы ақәиргахьеит, исыгыз-исыбзаз сеиҳәахьеит, Д. Гәлиа ипремиа аиуразы ианықәгылаз сажәеинраалақәа реизга сышәҟәы "Амшхәашьқәа цеит…" дахцәажәеит, ари ҳлитератураҿы иҳаракӡоу апремиа иаԥсоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит акьыԥхь аҿы. Иуҳәар ауеит, ҳҵарауаҩ ду имышьҭа бзиан ҳәа, уи ашықәсан алауреатцәа рхыԥхьаӡараҿы саргьы сыхьӡ рҳәеит!..

Ҳҵарауаҩ ду изеиӷьаҳшьоит аԥсуа иқәра ду, агәабзиара, арҿиаратә гәаҳәара, иара шықәсы рацәала иҭиҵаауа Нарҭаа ӷьеҩқәа ршьамхы ишьамхызааит, ргәашьамх игәашьамхзааит, дызхымсыц акаҵәарақәа зегьы дырхысыртә алшара анцәа ду ииҭааит!..

Ажәабжьқәа зегьы
0