Лахь иаԥшны акәац ашара

CC0 / Pexels/Pressmaster / Рупор
Рупор  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ирыдыркылахьеит "Аинформациатә хархәагақәа рзы" азакәан, аха уи иабанӡақәныҟәои, изыуадаҩузеи ачынуаа шьоукы-шьоукы рҟынтә аинформациа аиура, абри азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Уажә аабыкьа, хықәкыла иаҳҳәозар, цәыббра 6 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит аоппозициа ахаҭарнакцәа. Ари хҭыс бзиоуп, дара дызԥылазгьы акыраамҭа иазыԥшын. Аԥсны ахада исаит аҿы убри ашьҭахь ицәырҵит, акыр иҿахҵәаз, аиԥылара шымҩаԥысыз, излацәажәоз, ирҳәаз уҳәа, атәылауаҩ изы зеилкаара мариамыз аинформациа.
Состоялась встреча Президента Республики Абхазия Аслана Бжания с представителями руководителей различных оппозиционных партий и движений.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Аслан Бжьаниа аоппозициа рхаҭарнакцәа дырԥылеит
"Аиԥылара иалахәыз алацәажәеит ҳтәылаҿы ауаажәларратә политикатә ҭагылазаашьа. Аоппозициа ахаҭарнакцәа апрезидент идыргалеит еиуеиԥшым ахаԥшьгарақәа. Аиԥылара мҩаԥысит иконструктивтәу аҟазшьа аманы",- аурысшәахьтә еиҭоугар, абасшәа иҟоуп апрезидент исаит иҳаднагалаз аинформациа.
Апрезиденти аоппозициеи реиԥылара ажурналистцәа аламырхәыкәа имҩаԥган, убри аан еилкааам иарбан ҳәынҭқарратә маӡоу уи аиԥылара иаҵоу. Закәанла, ажурналистцәа ауаа рыларҵәара ззин рымам "аҳәынҭқарратә маӡа ауп". Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аинформациатә хархәагақәа ирыцәӡаны ианымҩаԥысуа, амчра аркуп, ауаажәларра ажәабжь ишиашоу ирырҭар рҭахым ауп иаанаго. Ари аиԥылара ахацыркыҩцәа иреиуоу, ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" ахада Кан Кәарҷиа "еиҳагьы еиӷьаҳшьон ҳара  ажурналистцәа  алахәызар, аха уи ҳара иҳаӡбомызт", - иҳәеит ҭелла ахҳәаа ансиҭоз, иара убас, аполитик иазгәеиҭеит "иҳаздырӡомызт иарбан форматыз иҟалоз" ҳәа. 
Лахь иаԥшны акәац ашара
Ҳара иҳамоуп "Аинформациатә хархәагақәа рзы азакәан". Уаҟа иаҳԥыло 35-тәи ахәҭаҷ излаҳәо ала: "Ауаажәларра ирымоуп азин, аинформациатә хархәагақәа рыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирызку аинформациа аиуразы". Ари азакәан, егьырҭ иҳамоу азакәанқәа реиԥш, еснагь ииашаны ахархәара амам, убри азоуп ажурналистцәа изырцәыуадаҩу ианаамҭоу ирҭаху аинформациа, ма ачынуаҩ азҵаара ахҳәаа имхра. Хыхь зыӡбахә сҳәаз аҿырԥштәы иаанарԥшуеит, аинформациа аҟамзаара, еиуеиԥшым агәҩарақәа цәырнагар шауа. Ауаҩы инагӡоу аинформациа иоурц азы, цҳас дрыбжьазароуп ажурналист. Иахьа Аԥсны иҟоуп иҳәынҭқарратәу, ихатәу, ихьыԥшым аинформациатә хархәагақәа, урҭ зегьы зинла еиҟароуп, анапхгарамч амаа зку дарбанызаалакгьы аинформациа ирҭароуп, хыхь ишысҳәаз еиԥш "аҳәынҭқарратә маӡа иаҵанакуа" ада.
Журналисты на интервью с микрофонами. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2018
АИХ азы азакәан апроект арҽеирақәа рыдрымкылеит
Сжурналисттә практикаҿы еснагь исԥылон, исҭаху аинформациа аиуразы ауадаҩрақәа. Акырынтә иҟалахьан, иааианырсланы имҩаԥгалатәыз ишиашоу ицо аефирқәа рзы ҳзышьҭаз ачынуаҩ мап аникуаз, ма аҭел анышьҭимхуаз. Ус акәзаргьы, еснагь иҟан, иагьыҟоуп ажурналистцәа рзы иаарту ачынуаа. Ажурналист ауаа ирылаирҵәо аинформациа азы аҭакԥхықәра шиду еиԥш, ачынуаҩгьы азакәан уалны иднаҵоит ажурналистцәа ирҭаху азҵаатәқәа рҭак аҟаҵара.
Уажәшьҭа сазааҭгыларц сҭахуп аоппозицеи апрезиденти "иаркыз" реиқәшәара ашьҭахь, цәыббра 10 рзы имҩаԥысыз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби имҩаԥыргаз аиҳабыра реилатәара. Аилатәара мҩаԥысуан урысшәала, иара ус иҟьалангьы ҳәынҭқарратә бызшәала хшыҩҵакык аарԥшымызт, аха уажәы стема уи акәым изызку. Абраҟа, "Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа иақәу ауал ашәара аҿҳәара анахара" аԥхьа инаргылагны, хра злоу азҵаатәқәа ианрылацәажәа анаҩсан, Аԥсны ахада ачынуаа адҵа риҭеит аҳәынҭқарратә канал аҿы роппонентцәа ирԥыланы иқәгылаларц. Иара ицәажәараҿы адҵа ҟазшьа аманы иазгәеиҭеит:
"Ирлас-ырласны ателехәаԥшра (аҳәынҭқарратә) шәҽамажәдалоит, насгьы шәоппонентцәа шәрацәажәалоит. Хаҭала уи сара сахылаԥшуеит, иаҳбап еиҳа иазыҟаҵоу дарбану".
Ачынуаа аефирқәа рахь рнагара еснагь имариам, апрезидент хымԥада игәаиҭазар акәхап, ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо Аԥсуа телехәаԥшраҿы иқәгыло шырацәаҩым. Даҽа ганкахьала, апрезидент иуалын, ачынуаа иргәалаиршәарц "аинформациатә хархәагақәа рзакәан" инақәыршәаны Аԥсны аус зуа егьырҭ ахархәагақәа рхаҭарнакцәагьы рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара уалны ишрыду, иҟалоит, ҳазлацәажәо азакәан аӡбахә ззымдыруа ыҟазаргьы.
Инал Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Арадио
Ҳашыг иҳәынҭқарратәым АИХқәа абиуџьет аҟынтә рыцхрааразы: аҳәаанырцә иҟоу иџьаршьоит
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахада, ателеканал "Абаза" анапхгаҩы Руслан Ҳашыг сидҵаалеит –  рԥышәаҿы ирԥылома аинформациа аиурузы ачынуаа рҟынтәи аԥықәсларақәа. "Иҟалалоит хымԥада", - иҳәеит Ҳашыг, усҟак смырԥшыкәа. Ателеканал "Абаза" ахада ишьҭыху азҵаатәы азы абас иҳәеит: Зегь реиҳа иџьоушьаша, абас еиԥш иҟоу адҵақәа Аԥсны аиҳабыра (ахадарахьы инеиуа зегьы) аамҭа-аамҭала иҟарҵоит. Иџьоушьаша, Аԥсны аиҳабы иакәӡам ари аҩыза адҵа ҟазҵараны иҟоу.Ҳара зегьы аҳәынҭқарра аԥаҳҵозар азакәанқәа ҩба ыҟоуп, убарҭ ирықәныҟәатәуп, иналаршә- ааларшәны, аӡәы акы анигәаԥхалакь, аӡәы акы анигәалашәалакгьы абас ҟаҵатәуп ҳәа аҳәара акәӡам иахәҭоу. Аинформациа аиуразы азакәан аҿы зегь ҩуп, мышкы шыбжьоу адырра ҟарҵозароуп", - иҳәеит ажурналистцәа реидгыла ахада. 
Ауаажәларра рзы хра злоу аиԥыларақәа зегь ирызку аинформаиа аларҵәаразы ҳтәылаҿы аус зуа аинформациатә хархәагақза зегьы алшара рымазарц шахәҭоу шьақәырӷәӷәо Ҳашыг алкаа ҟаиҵеит: "Уала-ҭахыла акәац ашара ахаҭыԥан аинформациатә хархәагақәа зегьы ааԥхьара рымазарц ахәҭоуп. Зны-зынла иааргәалашәаны иҳарҳәоит, иаҳҳәап, апротоколтә дкыларақәа аныҟоу ааԥхьара анҳарҭо, актуалтә зҵаарақәа ианрылацәажәо ааԥхьара анҳарымҭо, сара апротоколтә лахьырбага аҳасабла иҟоу аҭыхрақәа мап рцәыскуеит. Инеибеиԥшны зегьы иҳарҳәозар, амаҵ аура сазыхиоуп", - ҳәа иажәа хиркәшеит ажруналистцәа реидгыла ахада.
Саргьы абри атема хыркәшо, иазгәасҭарц сҭахуп, иахьа ишьҭысхыз азҵаатәы, еснагь ажурналистцәа ауадаҩрақәа шрызцәырнаго.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0