Геннади Ҵәыџьба: ажәытә аԥсуа маҭәарқәа рмузеи аҩны аартра сгәы иҭоуп

© Foto / Саида ЖибаГеннади Ҵәыџьба иҟазарҭаҟны
Геннади Ҵәыџьба иҟазарҭаҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытә аԥсуа маҭәарқәа реизгареи, реибыҭареи, жәлар ринструментқәа рыҟаҵареи ирызҿлымҳау Геннади Платон-иԥа Ҵәыџьба иаҳзеиҭеиҳәеит ари аус инаҭо аинтереси, агәахәара дуи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иахьа, Геннади Платон-иԥа Ҵәыџьба Аԥсны дыззымдыруа дыҟам. Аибашьра аветеран, ауаажәларратә-аполитикатә усзуҩ, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, хҩык ахшара раб, 30 шықәса раахыс аԥсуаа ҳҭоурых зҳәо ажәытә маҭәарқәа реизгара дшаҿу атәы акәзар, изааигәоу рыда уи аӡбахә заҳахьоу маҷҩуп. Саргьы машәыршақә ианеилыскаа, исыӡбеит аинтерес ду зҵоу аусхк аӡбахә шәсеиҭасҳәарц.

© Foto / Саида ЖибаГеннади Ҵәыџьба: «Ажәытә аԥсуа маҭәарқәа рмузеи аҩны аартра сгәиҭоуп»
Геннади Ҵәыџьба: «Ажәытә аԥсуа маҭәарқәа рмузеи аҩны аартра сгәиҭоуп» - Sputnik Аҧсны
Геннади Ҵәыџьба: «Ажәытә аԥсуа маҭәарқәа рмузеи аҩны аартра сгәиҭоуп»

Геннади Ҵәыџьба данстудентыз, афольклор аизгаразы ақыҭақәа рахь данцалоз, ажәытә бзазара анҭиҵаауаз ибеит уи шаҟа иҵаулоу, ибеиоу.

"Раԥхьа иргыланы, иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳмырхәо, аха аамҭала ҳабдуцәеи, урҭ рабацәеи зда ихәарҭамыз амаҭәарқәа збо салагеит, ҳцәажәараҟны иаҳцәыӡхьоу рыхьӡқәа саҳаит. Хымԥада, аинтерес ду сзаҵалеит. Исҭаххеит хаҭала реизгара. Сахьныҵҵозаалакгьы, џьара ажәытәра иатәу маҭәарк сылаԥш иҵашәар, аԥшәмацәа азин рымхны изгоит. Насгьы ашәҟәқәа рҿы исԥыхьашәо ажәытә аԥсуа хархәагақәа ҭысҵаауеит, снапалагьы иреиԥшны иҟасҵоит", — ҳәа ҳаилиркааит Геннади Ҵәыџьба.

Иахьазы, иара имоуп ҩышә рҟынӡа аекспонатқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иуԥылоит 145 шықәса зхыҵуа аҳаҟьеи, аԥхныгеи, алуи, 125 шықәса зхыҵуа ачамсҟәыли.

Аԥшәма иашҭа иҭагылоу аԥацхаҟны, ацәарҭӷәы ықәгылоуп, насгьы аҭӡы аҿы икнаҳауп хыԥхьаӡара рацәала еизигази, инапала иҟаиҵази амҿи, аихеи ирылху ахархәагақәа.

Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла

"Абраҟа исымоуп ачуан ахькнарҳауаз архнышьеи, акачеи. Акәац анжәуаз излаҭыргоз ажьхы, изларӡоз ажьхҵәы. Аҳаԥшьа зларыӡәӡәоз аӡацәа, апарпанта, даҽакала иаҳҳәозар акылҵәага, амагә зларышьырхуаз ашьхыга, ацәашьы ҭаргыларҭақәа, ауанҭа, аҳаҟьа, аԥхныга, алу, ачамсҟәыл, ауардын, акацкәыр, амҵәышә, аирыӡ, акәаҷаб, ажәытә дырган, аҳәызба, амҳаԥ, аҟәыдыршьшьыга, ашәымҟьаҭ, амгьал ӡыга, алабашьа, ахыци ахәымпали, аӷа –ажьиирҭа амакет", — иҳәоит Геннади Платон-иԥа.

Аԥшәма изыҵәахуп ицәыригараны иҟоу ажәытәӡатәи ацәмаҭәа, аҳәҳәага, аҽбыга, аҵыркант, аиха, аигәышә, аҽага уҳәа ирацәаӡаны. Иара игәы иҭоуп, наҟ-наҟ иашҭаҟны амузеи аартны, шықәсырацәала еидикылаз амаҭәарқәа ӡыригарц.

"Сашҭаҟны аҭӡы шьҭыхны, ихыбны, абарҭ амаҭәарқәа рылачаԥаны, рыхьӡқәеи, рхы иахьадырхәози, шаҟа шықәса рхыҵуеи, иахьынтәаагоуи арбаны, ҵаҟала алашара рыҵаԥхо иҟасҵарц сгәиҭоуп. Исышьҭанеиуа ажәытәӡатәи ҳҭоурыхи, ҳбызшәа иалаз ажәақәеи рцәымӡырц сҭахуп", — ҳәа ҳаилиркааит аԥшәма.

Денис Арухаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арухаа жәлар рарҳәагақәа роркестр азы: ажәытә мырӡкәа аҿар ирзааигәахар ҳҭахуп

Геннади Ҵәыџьба иԥацхаҟны улаԥш иҵашәоит ажәытә музыкатә инструментқәагьы. Иара ихшара Абзагәи, Радицеи, Саридеи урҭ ибзиаӡаны иадырҳәоит. Ахәыҷқәа ашкол ианҭаз, Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа иахь иныҟәон, иҟазаратә коллектив иахәҭакын.

Аԥшәма иаҳирбеит, азҟаза Уасил Арухаа изыҟаиҵаз амузыкатә инструментқәа, убас инапала еибиҭақәази.

"Уасил Арухаа урокқәак ааимсхын, иарбан ҵлақәоу, шаҟа аамҭа арҩара аҭаху уҳәа акәамаҵамақәа зегьы ааҭысҵаан, иҟасҵеит иакымкәа-иҩбамкәа аԥхьарцақәа, ачамгәырқәа, аҟьаԥҟьаԥқәа, аҷыжьқәа. Аиашазы, исықәманшәалахеит сҳәаргьы ауеит, иазыӡырҩыз сырҵаҩи, амузыка азҟазацәеи идырҽхәеит", — иҳәоит иара.

Геннади Платон-иԥа арҭ амузыкатә инструментқәа злихыз амҿқәа ҳабнарақәа рҟны изызҳауа роуп. Иаҳҳәап аԥхьарца алҵуеит амҷа, алаҳа, ал, аԥса, ачамгәыр-алаҳа, ашә, аԥса, аҟьаԥҟьаԥ-ашыц, аҷыжь-ашыци, ашәи. Аԥхьарца аҿшьы анкьа аҽҵыхәа иалырхуан, аԥшәма абгыӡрала иҟаиҵеит. Хымԥада уи аџьабаа ду ацуп, иаҭахуп аамҭа, аха бзиа ибаны уанаҿу, аус ԥсыршьагахоит.

Геннади Ҵәыџьба аҩны даныҟоу, дуԥшаарц улшоит иҟазарҭаҟны.

Убас аԥшәма иашҭаҟны изгылоуп ажьиреи, аҩцара дуи.

Геннади Платон-иԥа Ҵәыџьба иеиԥш иҟоу аԥсуа ҭоурых агәыблыҩцәа ирыбзоуроуп, иахьатәи амш аҟынӡа еиқәхаз ҳжәытәра ашьҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0