Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз рҭынхацәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр дықәҵроуп рҳәеит

© Foto / Марианна КотоваМитинг на "Площади свободы"
Митинг на Площади свободы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр дықәҵроуп ҳәа рҳәеит иахьа Аҟәа имҩаԥысуа амитинг аҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит иахьа Аҟәа имҩаԥысуа амитинг аҿы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит еизаз рхаҭарнак Ахра Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла, иҭахаз рыуацәа ари аус ус инрыжьырц ргәы иҭам.

"Асеиԥш аҭагылазаашьа ааныжьра иашам. Ҳара ажәлар зеизаагаз, асеиԥш ҳхы зымҩаԥааго раҳҳәарц ауп. Иаҳҭаху Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аус ауларцоуп. Ажәлар абри аиԥш аҳәара ҟаҳҵозар, уаҳа ԥсыхәа ыҟамкәа иаабоит азоуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Аҩӡба иажәақәа рыла, иҭахаз рыуацәа атәыла ахада иахь инеихьан, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ дамхзарц.

"Уажәы ҳара ҳазыԥшуп Гарри Аршба ареспублика ааныжьны дықәҵуеит ҳәа. Ҳгәы иҭоуп Апарламент ахь анеира. Ҳгәыӷуеит иаҳҳәо раҳап ҳәа. Аҟалоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ҳнеиргьы", - иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0