Абжьеи, аӡахәабӷьы: аҩы хәшәык аҳасабала жәлар рмедицинаҟны ахархәара шамоу

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбжьеи, аӡахәабӷьы: аҩы хәшәык аҳасабала жәлар рмедицинаҟны ахархәара шамоу
Абжьеи, аӡахәабӷьы: аҩы хәшәык аҳасабала жәлар рмедицинаҟны ахархәара шамоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡахәа, аӡахәабӷьы, аҩы хәшәык аҳасабала жәлар рмедицинаҟны ахархәара шрымоу атәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Sputnik, Сусанна Ҭаниаԥҳа

Аԥсуа ихы идыруеижьҭеи аҩы ичеиџьыка, исасдкылара, ацәгьа-абзиа иахәҭакуп.

Сбор винограда в селе Хуап - Sputnik Аҧсны
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы

Зыхьӡ хара инеиҩхьоу аԥсуаа рчеиџьыка аиҿкаара, еиҳаракгьы асасдкылара зылҩаԥысуам уҳәар алшоит аишәа зырԥшӡо арыжәтә ада, иара убас аныҳәарақәа зегьы рҿы аҩы акәын изыхныҳәоз, иахьагьы ус ауп ишыҟоу.

Аҩы бзиа злыҵуа ҳәа иԥхьаӡан аԥсуажь хкқәа акаҷыҷ, аҳардан, амлахә, ауасырхәа уҳәа. Аӡахәа ишахәҭо иазҳарц, ажь бзианы иаҿаларц, уи иалҵраны иҟоу аҩы аԥшшәи агьамеи бзиахарц азы жәытәаахыс аӡахәа аҵла иақәырҵон.

Аӡахәа зыҟәнырҵоз аҵлақәа иреиуан ал, амжәа, ахәырмасса, аца.

  • Аӡахәа ақьабзқәа рымҩаԥгараҿы

Аԥсны лассы-лассы иаҭаауаз аҵарауаҩ Евгени Шиллинг ианҵамҭақәа руак аҿы ишаирбаз ала ажәытәаны аца хьаа ауаҩы данаргәаҟуаз, иҷыдоу аныҳәара изыҟарҵон. Аҭаацәа реиҳабы ԥшьашак аҽны амрагыларахьы ихы нарханы аҿаҭахьа иқәиҵон. Исҳәаз шынасыгӡо ҳәа аӡахәа амахәқәа ирылхны аӡахәарқьақьа хынтә ачымазаҩ ихы иакәырхшон, нас инаганы аҩцараҿы ирҵәахуан. Уи ҵәахызаауан игәы бзиахаанӡа. Ачымазаҩ даныбзиахалак, аҿаҭахьа анынарыгӡалак ашьҭахь аӡахәарқьақьа аҩцара иаадәылганы, аҩны аҩныҵҟа аҭыԥ азырыԥшаауан, икнарҳауан.

  • Аӡахәа жәлар рмедицинаҿы

Аӡахәа зырааӡоз бжареиҳан иаҿалоз ажь азы акәын, аха иуԥылоит аҿырԥштәқәа аӡахәа, аӡахәабӷьы, аҩы, хәшәык аҳасабала жәлар рмедицинаҟны ахархәара ахьрымоу.

  • Абжьеи

Аҩы акыраамҭа ихтны иаанхар, иҵәыҵәуеит, убри аҩы ҵәыҵәы аԥсуаа абжьеи ҳәа иашьҭоуп. Ачымазаҩ ишоура артәаразы абжьеи инӡаашьны абааӡа ишьаԥқәеи ихи иақәырҵоит, иҟәаҟәа иахьыршьуеит. Абааӡа бацыԥхьаӡа иԥсахлатәуп, нас амцашоура ланарҟәуеит.

  • Аҩы ршы

Ауаҩы ишоура ҳаракны арыхьҭашьра даналагалак, ишоура артәоит, ахьҭа илнацоит ҳәа аҩы ршны идыржәуан. Жәлар рмедицинаҟны амцашоура артәаразы ахархәара ҭбаа амоуп.

  • Аӡахәабӷьы

Афольклорист Цира Габниаԥҳа лыстатиақәа рцикл "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" аҟны абас лыҩуеит.

аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

"Аӡахәабӷьы ахәдахьаа ахәышәтәуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Хԥа-ԥшьба бӷьы х-ҵәыцак аӡы наҵаҭәаны агәараҳәа идыршуеит. Амца инахыргоит. Ашыра анцалак, аарла иҟәандаӡа ианыҟалалак, ҽнак хынтә-ԥшынтә рыхәда иҭдыршоит. Амала, ахәда шәны иҟазар уи аҭыршара ҟалаӡом, ахьаа иацнаҵоит. Аӡахәабӷьы ршны лассы-лассы иужәлар, ахьҭа уцәа иалазар, иулнацоит".

Иазгәаҭатәуп, аӡахәабӷьы ахархәара шамоу акҿаҩраҿынгьы уи арҵәы зладырҵәуа аӡы иаларҵоит, акыраамҭа иԥхасҭамхарц. Иара убас, арҵәы лассы иҵәырц, иԥхасҭамхарц маҷк абжьеи аларҭәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0