Беслан Кәыҵниа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡалоит

© Sputnik Анжелика БенияБеслан Кәыҵниа
Беслан Кәыҵниа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беслан Кәыҵниа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡаларц азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Беслан Кәыҵниа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡаларц азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Кәыҵниа Беслан Константин-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит", - ҳәа аҳәоит Аусԥҟаҟны.

Беслан Кәыҵниа апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, Апрокуратура хада Сафарбеи Мқанба напхгара анеиҭоз.

2020 шықәса ажьырныҳәа 16 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Муҳаммад Кьылба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны.

Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Валери Бганбеи адепутатцәеи аиԥылара мҩаԥыргеит

Кьылба Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс 2014 шықәса жьҭаарамзазы дҟаиҵеит сынтәа ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны ахада имаҵура шьҭазҵаз Рауль Ҳаџьымба.

Ҳаџьымба имаҵура шаанижьуазы арзаҳал иҩит ажьырныҳәа 9 рзы излагаз аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь. Амитинг иалахәыз ахада Иусбарҭа ахыбра иажәлан, иааныркылеит, урҭ еимпырц ргәы иҭаӡамызт Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵаанӡа, алхра ҿыцқәа рымш шьақәдыргылаанӡа.

Аҟәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы Кьылба иҳәахьан Ҳаџьымба дҵа хадас иқәиргылаз ахада Иусбарҭеи аиҳабыреи рхыбрақәа рыҩнуҵҟеи рыкәшамыкәшеи иҟаз аҭагылазаашьа ашәарҭадара алыршара акәын ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0