Ҿҳәарала хымз ҳәа аԥсуа ҳәаанырцәтә паспорт зырҭо

© SputnikЗагранпаспорт Абхазии
Загранпаспорт Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нино Хецуриани – заанаҵтәи адыррақәа рыла акоронавирус змоу ҳәа ишьақәдыргылаз лфотосахьа зқәыз аҳәаанырцәтә паспорт асоциалтә ҳақәа рҿы иӡырган.

Нино Хецуриани аԥсуа ҳәаанырцәтә паспорт лоушьас иҟалаз, абри аҩызцәа адокументқәа ауаа рыҭара ҵаҵӷәыс иамоу шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Акоронавирус змоу ҳәа ишьоу Нино Хецуриани лфотосахьа зқәу аԥсуа ҳәаанырцәтә паспорт асоциалтә ҳақәа рҿы иаарласны ирылаҵәеит. Афотосахьаҿ иубарҭоуп апаспорт ҿҳәарас хымз шамоу - жәабран 17 - лаҵара 17, 2020 шықәса асеиԥш адокумент аиура ҟалоит иара аҿҳәара ианацырҵо.

Медицина - Sputnik Аҧсны
Гал араион иқәынхо аԥҳәыс акоронавирус лымоуп ҳәа заанаҵтәи адырра ыҟоуп

Гал араион уаанӡатәи ахада Ҭемур Надараиа иажәақәа рыла, Гал араион ауааԥсыра рпаспортқәа рыҿҳәара ацҵара азакәан иаҿагылом. 2014 шықәса рзы Апарламент Гал араион ауааԥсыра, Қырҭтәыла атәылауаҩра змоу, аԥсуа паспортқәа рыҭара иашам ҳәа ианаԥхьаӡа, ауаа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра ԥкхеит.

"2015-2016 шықәсқәа рзы Урыстәыла аҵара зҵоз ауаа ыҟан. Урҭ аԥсуа паспорт ҳазрыҭомызт. Даҽа мҩак ԥшаатәхеит. Апаспорт аҿҳәара иацаҳҵо ҳалагеит хымз инаркны шықәсык аҟынӡа", - иҳәеит Надараиа.

Аԥсны аҳәаанырцәтә паспорт абжьыҭара алнаршом, акызаҵәык Урыстәыла визада алалара алнаршоит.

Абасала галаа рпаспортқәа рыҿҳәара иацаҳҵон ҳәа иҳәеит иара.

"Ҳара абасала Гал араион ауааԥсыра рыпроблема ҳаӡбон. Уи еиҳа еиӷьуп ақырҭуа тәылауаҩра змоу аԥсуа паспортқәа закәаншьаҭада рыҭара аиҳа", - иҳәеит Надариа.

Врач с ноутбуком  - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус зыдбалаз аԥҳәыс лыкәша-мыкәша иҟаз ауаа шьақәыргылоуп

Нино Хецуриани лпаспорт аҿҳәара лаҵара 17 рзы инҵәон.

Уаанӡа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз, Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭоу.

Хәажәкыра 30 рзы Гал араион ахь ицо амҩақәа зегь ркит азинхьчаратә усбарҭақәа.

Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

Ақалақь иалалои иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0