Гәынбеи Двинианини алацәажәеит Урыстәыла ауааԥсыра Аԥсны рмазаратә зинқәа рыхьчара азҵаара

© Foto / Пресс-служба президента РАВстреча вице-президента Абхазии Бадры Гунба и посла Российской Федерации в Абхазии Алексея Двинянина
Встреча вице-президента Абхазии Бадры Гунба и посла Российской Федерации в Абхазии Алексея Двинянина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны, Таџьикистан, Беларуссиа атәылақәа рҿы аурысқәа рмазаратә зинқәа реилагара азҵаара иҭан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ажурналистцәа Маргарита Симониан, Владимир Сунгоркин, Роман Бабаиан аинтервиу ду анымҩаԥыргоз.

АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини аиԥылара рыман. Аиԥылараан иалацәажәан мышқәак рнаҩс имҩаԥгахараны иҟоу Аԥсны Урыстәыла ауааԥсыра рмазаратә зинқәа рыхьчаразы акомиссиа аизара амшхәаԥштә азҵаара. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ацҳаражәҳәаҩ иирдырит акомиссиа аусура алҵшәақәа. Иара иажәақәа рыла 2010 шықәса раахыс Акомиссиа еилнаргахьеит 369 рзаҳал. Урҭ рҟынтәи 66 ибзиоуп ҳәа рыхҳәаауп, 32–аӡбарҭахь инашьҭуп. Рынхарҭаҭыԥқәа рзырхынҳәуп, ма аҽакала ирзыԥсахуп 34 тәылауаа. 60-ҩык ирабжьгоуп аӡбарҭахь иашшырц, 44 рзаҳал ҵаҵӷәыданы ишьоуп. Иаанхаз арзаҳалқәа акомиссиа реилатәараан иахәаԥшуеит, иҳәеит Гәынба.

Гәынба иазгәеиҭеит иарбоу арзаҳалқәа 183 рҿы зыӡбахә ҳәоу Акомиссиа акомпетенциа ишаҵанамкуаз, 113 хҭыс раан аимакқәа аҭаацәараҩныҵҟатә еимакқәа ракәын, азыҳәа ҟазҵоз аибашьра ҟалаанӡа анхарҭаҭыԥ зтәыз ракәмызт. Арахь иаҵанакуеит Аԥсны аибашьра иалахәыз, нас, ашьҭахь иқәҵыз ақырҭуа хаҿқәа 43-ҩыкгьы. Ақырҭуа милаҭ иеиуоу рырзаҳалқәа рыӡбахә ҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Акомиссиа урҭ арзаҳалқәа ишырмыхәаԥшуа.

"Ҳара ҳзы ари апозициа алацәажәара аҭахым", - иҳәеит Бадра Гәынба.

Аԥсны ахада ипресс-маҵзура аинформациаҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп ахада ихаҭыԥуаҩ дшақәшаҳаҭым урыстәылатәи АИХқәак Аԥсны аурысқәа рмазаратә зинқәа массала еиларгоит ҳәа ирыладырҵәо. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит анхарҭатә еимакқәа аетникатә ҟазшьа шрымам.

Встреча глав МИД РФ и Армении С. Лаврова и З. Мнацаканяна - Sputnik Аҧсны
Лавров урыстәылаа Аԥсны рхатә мазара азҵааразы: есымша ҳазҿлымҳауп

"Сара, ахада ихаҭыԥуаҩык иҳасаб ала Акомиссиа напхгара асҭоит. Исҳәар сылшоит Акомиссиа аусураан арзаҳал аазышьҭыз зегьы рҟынтәи атәылауаҩра зҭо 50% аетникатә урысцәа шракәу", - иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны ашколқәа 153 рҟынтәи  55 – шурыс школқәоу, уи адагьы 16 школ рҿы аурыс секторқәа шаарту, Аԥсны аҵакыраҿы  ишеиҿкаау жәаба инареиҳаны аурыс уаажәларратә еиҿкаарақәа.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин атәыла анапхгара Акомиссиа аусура ахьхацдыркыз азы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ҳәа.

Жьҭаара 14 рзы ажурналистцәа Маргарита Симониан, Владимир Сунгоркин, Роман Бабаиан аинтервиу ду анымҩаԥыргоз Владимир Сунгоркин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны, Таџьикистан, Беларуссиа атәылақәа рҿы аурысқәа рмазаратә зинқәа реилагаразы азҵаара ииҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0