https://sputnik-abkhazia.info/20260617/1063764223.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизара аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы "Аминистрцәа реилазаара азы" аконституциатә закәан аиҭакрақәа аларгалеит. Аиҭакрақәа азиндырратә... 17.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-17T13:30+0300
2026-06-17T13:30+0300
2026-06-17T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063764057_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2e4b0684e38f12636acdad8aa1b1fd83.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизара аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы "Аминистрцәа реилазаара азы" аконституциатә закәан аиҭакрақәа аларгалеит. Аиҭакрақәа азиндырратә еиқәымшәарақәа ирызкуп."Аминистрцәа реилазаара иазку" азакәан аҿы ашәахтә еизгаратә усбарҭа "аҳәынҭқарратә ашәахтә еизгаратә усбарҭа" ҳәа иарбоуп. Аха, ишышәдыруа еиԥш, ҳара иҳамам аҳәынҭқарратә ашәахтә еизгаратә усбарҭа. Уи ақәныҟәаразы, ҳара ари ахәҭа ҳадаҳкылоит", — ҳәа иҳәеит адепутат Даут Хәытаба.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ишьақәнаргылеит зыҿҳәара ааиаанӡа иоурыжьуа ҵакырала раанкылареи иҟарҵаз ацәгьоура рахьырхәра арԥсыҽреи рзы аиҭакрақәа. Ашьаус-процессуалтә кодекс аиҭакрақәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа рҿы ирыдыркылеит. Апарламент адепутат Инар Гыцба иазгәеиҭеит, лассы-ласс ацәгьоуҩы иахьархәразы аӡбамҭа шрыдыркыло қалақьк аҿы, анаҩс уи даҽа қалақьк аҟны ишихиго. Иҿҳәара ааиаанӡа иоушьҭразы аӡбамҭа адкыларазы аусӡбарҭахь инагара ауадаҩрақәа акыр цәырнагоит.
Асахьаҭыхҩы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Баҭал Џьапуа амилаҭтә культура аҿиараҿы илагала ҷыда азы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳаҭыртә шәҟәы ианашьоуп. Аилатәараҿы ақәҵара даԥхьеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба. "Баҭал Рушьни-иԥа Џьапуа ианашьоуп амилаҭтә культура аҿиареи, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭынха аӡыргареи, амилаҭтә ҟазара иахәҭакхаз иҳараку асахьаркыратә хаҿсахьақәа раԥҵареи рҿы илагала ҷыдақәа рзы", — ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҿы.
Шәача аҳаирԥыррақәа рзы аԥкрақәа аԥыхуп. Аҳаирԥырра ашәарҭара аныҟам аамҭазы, ареисқәа рымаҵ руеит фактла иҟоу аихшанҵаҿ иарбоу аишьҭагыларала, ирццаку режимла. Убас, уаанӡа аԥкрақәа анаԥыхыз аамҭа иалагӡаны, асааҭ 08:25 инаркны 10:57-нӡа, аҳаирбаӷәазаҿы 22 реис рдәықәҵарази рыдкыларази рымаҵ ауит. Уахыки-ҽнаки рыла иазԥхьагәаҭан 211 реис.
Аԥсны Жәлар Реизара аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы "Аминистрцәа реилазаара азы" аконституциатә закәан аиҭакрақәа аларгалеит. Аиҭакрақәа азиндырратә еиқәымшәарақәа ирызкуп."Аминистрцәа реилазаара иазку" азакәан аҿы ашәахтә еизгаратә усбарҭа "аҳәынҭқарратә ашәахтә еизгаратә усбарҭа" ҳәа иарбоуп. Аха, ишышәдыруа еиԥш, ҳара иҳамам аҳәынҭқарратә ашәахтә еизгаратә усбарҭа. Уи ақәныҟәаразы, ҳара ари ахәҭа ҳадаҳкылоит", — ҳәа иҳәеит адепутат Даут Хәытаба.Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ишьақәнаргылеит зыҿҳәара ааиаанӡа иоурыжьуа ҵакырала раанкылареи иҟарҵаз ацәгьоура рахьырхәра арԥсыҽреи рзы аиҭакрақәа. Ашьаус-процессуалтә кодекс аиҭакрақәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа рҿы ирыдыркылеит. Апарламент адепутат Инар Гыцба иазгәеиҭеит, лассы-ласс ацәгьоуҩы иахьархәразы аӡбамҭа шрыдыркыло қалақьк аҿы, анаҩс уи даҽа қалақьк аҟны ишихиго. Иҿҳәара ааиаанӡа иоушьҭразы аӡбамҭа адкыларазы аусӡбарҭахь инагара ауадаҩрақәа акыр цәырнагоит.Асахьаҭыхҩы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Баҭал Џьапуа амилаҭтә культура аҿиараҿы илагала ҷыда азы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳаҭыртә шәҟәы ианашьоуп. Аилатәараҿы ақәҵара даԥхьеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба. "Баҭал Рушьни-иԥа Џьапуа ианашьоуп амилаҭтә культура аҿиареи, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭынха аӡыргареи, амилаҭтә ҟазара иахәҭакхаз иҳараку асахьаркыратә хаҿсахьақәа раԥҵареи рҿы илагала ҷыдақәа рзы", — ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҿы. Шәача аҳаирԥыррақәа рзы аԥкрақәа аԥыхуп. Аҳаирԥырра ашәарҭара аныҟам аамҭазы, ареисқәа рымаҵ руеит фактла иҟоу аихшанҵаҿ иарбоу аишьҭагыларала, ирццаку режимла. Убас, уаанӡа аԥкрақәа анаԥыхыз аамҭа иалагӡаны, асааҭ 08:25 инаркны 10:57-нӡа, аҳаирбаӷәазаҿы 22 реис рдәықәҵарази рыдкыларази рымаҵ ауит. Уахыки-ҽнаки рыла иазԥхьагәаҭан 211 реис.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063764057_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_26fc69240897157a36649a089b29b000.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио