Sputnik амчыбжь: абылтәы азҵаара, алаҵа аагара, аенергетика, аҳаԥаҿы аҭахара

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовышение цен на бензин
Повышение цен на бензин - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит нанҳәа 2-8 рызтәи ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа раԥхьатәи Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инеира, анефҭаалыҵқәа рыхәԥса изазҳаз, алаҵа заҟа аагоу, амедусзуҩцәеи арҵаҩцәеи руfлафахәы иахьынӡацырҵо, аенергетикаҿ аиԥҟьарақәа Sputnik аматериал аҿы. 
Sputnik

Актәи  авизит

Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы инеит. Ари Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасаб ала Цхинвалҟа раԥхьатәи инеироуп.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит
Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәааҿы аԥснытәи аделегациа ирԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Игор Козаев, Ӡаусттәи араион ахада Андреи Џьиоев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цхьынвалтәи ашкол №5 ашҭаҿы иҟоу Амемориалтә нышәынҭраҿы игылоу ауахәама маҷ аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭеиҵеит. Уаанӡа иара даҭаахьан Беслан атеракт аан иҭахаз анышә иахьамадоу амемориалтә комплекс.
Нанҳәа 7 азы Аслан Бжьаниеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови еиԥылеит.
"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳреспублика шәахьаҭааз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ҳтәыла ианақәлаз амш азгәаҭара аламҭалаз. Ари ихлымӡааху амш аҽны ҳҩызцәа адгылара ахьҳашәҭо акыр иаԥсоуп", - иҳәеит Бибилов аиԥылараан.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, ҳажәларқәа знысыз рлахьынҵамҩа акыр ишеиԥшу, убри аҟнытә арахь дмаар шамуаз.
Бжьаниа дрылахәын 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәа ирызкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа
Бибилов Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа рхыхтәуп ҳәа ирҳәо азы ахҳәаа ҟаиҵеит

Ахәԥсахаларахь акурс

Ииасыз амчыбжь азы анефҭаалыҵқәа рыхә иацлеит. Уи инашьҭаххит абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы агәаранқәа, еиуеиԥшым ауҳәансҳәанқәа.
Заседание в Кабмине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абылтәы зыда царҭа амам ахәԥсатә ҳәаа шьақәнаргылеит
Былтәыҭаҭәарҭақәак еиԥҟьа-еиԥҟьо аус руан. Иҟан ари астратегиатә тауар аҭира зынӡа иаҟәыҵыз. Нанҳәа 5 рзы атәыла аиҳабыра аилатәара мҩаԥыргеит абри азҵаара иалацәажәаразы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ажәалагала ҟалҵеит абензин АИ-92, адизель былтәы рыхәԥса еидкылан аахәараан литрак 51 мааҭ, литра-литрала аахәараан – 53 мааҭ иаԥсазарц. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ари ауснагӡатә ада ԥсыхәа ыҟам Урыстәыла абылтәы азы аџьармыкьаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны лҳәеит.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны абылтәы Урыстәыла ишаанахәо, уа ахәқәа шхалаз. Ахәқәа рышьақәыргылараан ари азыԥхьагәаҭамхар атәылаҿ аалыҵ азымхара ҟалоит.
Дасу ргәаанагара иазыӡырҩни иҟоу аҭагылазаашьа иахәаԥшни ахәқәа рышьҭыхразы аӡбара рыдыркылеит.
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьааи Џьапуеи абылтәы ахә ацлара иазкны

Аулафахәқәа ирыцырҵоит

Абиуџьет аусзуҩцәа ркатегориа хадақәа – арҵаҩцәеи аҳақьымцәеи руалафахәы иацҵахоит. Абри азы аӡбара аднакылеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит, ари аҩыза аӡбара хықәкыс ишамоу 2015 шықәса мшаԥы 14 рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра анагӡара.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Аԥсны 2021 шықәсазы аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи рулафахәы иацҵахоит
"2016 шықәса раахыс етап-етапла абиуџьеттә усзуҩцәа аиҳарак агәабзиарахьчара, аҵара, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт русхк иаҵанакуа руалафахәы иацаҳҵоит. Сынтәагьы абжьааԥнеиԥш ари аус наҳагӡоит", - иҳәеит Делба.
Иара иажәақәа рыла, бжьаратәла аҵара аусхк аҟны 26% ишьҭыххоит, агәабзиарахьчара асистемаҿ –25%.
Ауалафахәы ззышьҭырхуа рхыԥхьаӡара быжьнызқьҩык ирхысуеит: арҵаҩцәа – 3527-ҩык, ашколқәра иаҵанамкуа аусҳәарҭақәа рырҵаҩцәа – 448-ҩык, аҳақьымцәа – 718-ҩык, абжьаратә медусзуҩцәа – 1725-ҩык, аиҵбыратә медусзуҩцәа- 615-ҩык.
Ари аԥсахра азԥхьагәаҭан Ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа ралагаларазы апроект аҿы. Иазырхоуп 275 миллион мааҭ.

Алаҵеи апандемиеи

Нанҳәа 6 рзы ахәылԥаз Аԥсныҟа иааргеит акоронавирус аҟынтәи 5000 доза алаҵа "Спутник Лайт",абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Акоронавирус аҟынтә даҽа партиак алаҵа Аԥсныҟа иааргеит
Уи апартиа, аԥҟарақәа ишырҳәо еиԥш, Агәабзиарахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны архьшәашәагақәа ирҭаҵаны иҵәахуп.
Уажәтәи апартиа ахә ахшәааны Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи иааргеит. Алаҵа аахәареи атәылахь аагареи рзы ахарџь ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба. Аиҿкаара-зинтә зҵаарақәеи амҩангареи рус аҟны ацхыраара ҟарҵеит Москватәи Аԥсуа диаспора иатәу COVID-19 аԥырҟәҟәаареи аламырҵәареи рзы Аԥсны ацхырааразы еиҿкаау аоперативтә штаб аусзуҩцәа.
Алаҵаҟаҵара ианалаго атәы макьана иҳәам.
Актәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааган мшаԥы 30 2021шықәсазы – 6500 доза.
COVID-19 амазаара аҭҵааразы ПЦР-лабораториа Гагра аусура иазырхиоуп ҳәа иҳәеит ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра алабораториақәа Очамчыреи Гагреи аусура ианалаго рҳәеит
Уи адагьы Едуард Быҭәба иҳәеит ареспубликатә биуџьет COVID-19 аламырҵәара иазнархаз аԥарақәа рыхәҭак ала Очамчыра алабораториа шаартхо.
"Иахьазы Очамчыратәи алабораториа аперсонал Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториаҿы аԥышәа иахысуеит", - иҳәеит иара.
Алабораториа аусура иалагоит атехникатәи адокументациатәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа рҭыԥ ишықәҵахалак, аперсонал шазыҟаҵахалак.
Аԥсны аепидемиа иалагеижьҭеи акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22974-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18265-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 326-ҩык.

Аенергетика

Нанҳәа 6 рзы афымцацәаҳәа "Аҽгәара" авариатә аанкылара мҩаԥысит асистема ианырыз ахьанҭара иахҟьаны. Лашарада иҟан Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭеи Мрагыларатәи раионқәаки.
Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит Аҽгәара иҟалаз авариазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит Аҽгәара иҟалаз авариазы
Аенергетикатә усхк азы астратегиатә ҟазшьа змоу авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт аҭахуп. Уи азы амаҭәахәқәа реиҳарак ареспубликахь иаашьҭуп.
Иара убри амш азы авариа ҟалеит ТҟәарчалГРЕС аҿы. Сааҭыбжак инарзынаԥшуа Аԥсны ахәҭак лашарада иҟан.
Аиҳарак арҭ апроблемақәа зыхҟьо ацәаҳәақәа ражәра, акриптовалиута амаининг роуп.
Нанҳәа 4 азы "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит Очамчыра араион аҿы ишаарԥшыз ҩ-криптофермак. Уантәи иқәгоуп 82 аппарат.

Жәларбжьаратәи арена

Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин Аԥсныҟа усутә ныҟәарала дааит нанҳәа 5 рзы. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аспорт аминистр Олег Матыцин дидикылеит.
Президент Абхазии встретился с министром спорта России Олегом Матыциным. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Бжьаниа Урыстәыла аспорт аминистр диацәажәеит Аԥсны аспорт усхк арҿиаразы
"Шәааира даара сеигәырӷьоит. Сара издыруеит, Шәара хаҭала иҟашәҵо адгылара иабзоураны ҳшьапылампыласҩцәа ҿарацәа астуденттә лига аҽалархәразы аҭагылазаашьа шроуз. Издыруеит иара убас, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа егьырҭ аспорттә хкқәа рзы аицлабрақәа рылахәхаразы аусурақәа шымҩаԥыжәго. Шәара ирышәҭаз анапынҵа инақәыршәаны жәабранмзазы Аԥсны иааны иҟан ҳтәылаҿы ажәҩаҵшьратә база аиҭашьақәыргыларазы иҟоу алшарақәа рыҭҵааразы. Ари даара аинтерес зҵоу проектуп. Асоветтә аамҭазгьы Гал иҟаз аолимпиатә базаҿы аӡырҳәыԥи (абаидаркақәеи) аканоеи рыла ажәҩаҵшьразы Асовет Еидгыла еизгоу акоманда азыҟарҵон", - иҳәеит ахада, асасцәа аԥсшәа раҳәо.
Аҳәынҭқарра ахада ахә ҳаракны ишьеит Урыстәыла аспорт аминистрра Аԥсны аҳәынҭспорттә еилакы Урыстәыла Иреиҳау аспорт ҵараиурҭақәа рҭаларазы алимитқәа рзоужьреи, иара убас азыҟаҵаҩцәеи аӡбаҩцәеи рыквалификациа аизырҳаразы Аԥсныҟа аҟазацәа раашьҭреи рзы аусеицура иахьазхиоу.
"Ари даара акраҵанакуеит. Ҳара аспорт бзиа иаабоит. Иҳамоуп адунеи аҿы еицырдыруа аспортсменцәа. Аолимпиатә хәмаррақәа хынтәтәи рчемпион Виктор Санеев – д-Аҟәатәуп, асовети адунеитәи спорт дагәадуроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Вид на Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Затулин Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы: Урыстәыла иҟанаҵаз азхаҵара мап ацәнакӡом
ЕАА Ашәарҭадаратә хеилак иалоу атәылақәа быжьба аицҳәамҭа ҟарҵеит. Аҳәамҭаҿ Урыстәыла адҵа арҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц.
"Угәы унамырхьыр залшом аҳәамҭа ҟазҵаз Мраҭашәаратәи атәылақәа абриаҟараамҭа иалагӡаны 2008 шықәсазы Аахыҵ Кавказ иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы имҩаԥысыз аиҭакрақәа шьҭахьҟа хнырҳәышьа шрымам ахьырзеилымкаауа. Иара убри аан ари аҭагылазаашьа иахьа арегион аҿы ишьақәгыланы иҟоу усҟантәи Қырҭтәыла анапхгара равантиуратә курс иахҟьаз ареали ҿыцқәа акала ирнырраны иҟам", - ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа иҟанаҵаз ахҳәааҿы.
ЕАА, Британиа ду, Франциа, Естониа, Ирландиа, Норвегиа, Албаниа аицҳәамҭа ҟарҵеит. Аҳәамҭаҿ Урыстәыла адҵа арҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц, иара убасгьы арҭ аҵакырақәа рҟынтәи рыр ар алнагарц.
Аҳәамҭа рыларҵәан Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аҿы 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра аламҭалаз.
Амчыбжь алагамҭазы Аԥсны иааит Ҟарачы-Черқьессктәи ААП Аидгыла ахада Диана Хубиева зхадараҿы дыҟоу анаплакыҩцәа рделегациа.
В Абхазии находится бизнес-делегация представителей малого и среднего предпринимательства из Карачаево-Черкесской Республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
ҞЧА анаплакыҩцәа усутә ныҟәарыла Аԥсны иаҭааит
Анаплакыҩцәа арахь иааит ганрацәалатәи аусеицуреи абизнес аусхк аҟны аԥышәеимдареи рзы. Аԥснытәи аган асасцәа ирзеиҿыркааит абизнес-еиԥыларақәа, иддырдырит аилахәырақәа рхаҭарнакцәа.
Азхьаԥшра ҷыда аҭахоит ҩ-ганктәи атауарқәа рекспорт аҿиара адагьы, атуризм ахкқәа – аҭоурыхтә, акультуратә, ареабилитациатә.
ҞЧА ААП ахада Диана Хубиева ҭабуп ҳәа ахылҳәааит ирзыҟаҵаз адкылара бзиазы, убри аан иазгәалҭеит Аԥсны аԥшӡареи асасдкылареи.

Аԥснытәи аԥхынра

Атуристцәа рыԥсшьараз ахә лаҟәқәа рыла Аԥсны иаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит "Известия", атуроператорцәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҭыжьымҭа адыррала, мчыбжьыктәи атур 15 нызқь мааҭ иаԥсоуп аӡәы изы, Шәачанӡа аарагьы налаҵаны.
Убри аан зегь раасҭа ахәқәа каҳаны иҟоуп Ҭырқәтәылеи Бырзентәылеи. Уа ҩыџьа рзы мчыбжьыктәи аԥсшьара 20–25 нызқь мааҭ иартәоит.
Амаҵзура TVIL.RU адыррала, Гагра ахәыҷқәа рыманы аԥсшьараз иалырхуа ахырхарҭақәа ирыҵаркит, Цандрыԥшь акәзар, еиҳа ауаа маҷны уԥсы ушьар ахьауа иаҵанакит.
Гагра цәыббра-жьҭаара рзы ахәыҷқәа рыцны аԥсшьараз еиӷьу ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалоуп
Атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рыхә лаҟәит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит

Анаркотикқәеи абаандаҩреи

Аԥсныҟа анаркотик рацәа алагалара аиҿкааҩ ҳәа агәҩара ззыҟоу дааныркылеит Аԥсны ААР Анаркотик аикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭеи Ашәарҭадаратә маҵзура аоперативтә ҟәшеи русзуҩцәа ԥхынгәы 28 азы.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ԥхынгәы 30 азы ҩымз ҳәа ддырбаандаҩит Аԥсны иатәылауаҩу Аԥсныҟа анаркотик рацәа алагалара аиҿкааҩ ҳәа агәҩара ззыҟоу 1970 шықәсазы ииз Самсониа Реваз Гәыда-иԥа. Иара ахара идҵоуп анаркотикатә маҭәашьарқәеи, апсихотроптә маҭәашьарқәеи урҭ реиԥшқәеи Аԥсныҟа ралагалареи, Аԥснынтә алгареи ма иалган агареи азыԥхьагәазҭо ахәҭаҷ инақәыршәаны.

Ашхәа Риҵа аӡиаҿы

Аибашьыга шхәа еиҭашьақәыргылан асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа архивтә сахьақәа ихы иархәаны иҭихыз аҵәаӷәанҵақәа рыла Петрозаводск, аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵарала. Ашхәа Аԥсныҟа иааганы аӡиа Риҵа ихҵан нанҳәа 5 азы.

Аԥсуа журналистика ацәыӡ

Ачымазараҿкы ззышьақәырӷәӷәаз 63 шықәса зхыҵуаз Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Оҭар Лакрба иԥсҭазаара далҵит. Оҭар Лакрба Аԥсуа телехәаԥшраҟны аус иуан 30 шықәса инеиҳаны, "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.
Отар Лакрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Оҭар Лакрба
Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга ашьҭахь Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысит. Уи ашьҭахь аусура далагеит Аԥсуа радио аҿы дикторси корреспондентси.
1987 ш. – Аԥсуа телехәаԥшра аредактор еиҳабы. 1992 ш. – Аԥсуа телехәаԥшра аинформациатә программақәа рредактор, аинформациатә ҟәша аиҳабы. 2000 ш. – аредактор хада. 2005 ш. – атематикатә программақәа рредактор хада. 2012-2014 шш. – Аԥсуа телехәаԥшра анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ. Оҭар Лакрба ателепрограммақәа "Амчыбжь", "Ауаҩи адунеи", "Азакәан амчра", "Амшхәаԥштә азҵаара" дравторуп, Ауаажәларратә палата далахәылан.

Аҳаԥаҿы аҭахара

Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны иҟоу Вериовкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра алаҟәыраҿы.
Веревкин иҳаԥаҿы иҭахаз урыстәылатәи атурист ихаҭара шьақәыргылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аспелеологцәа Реидгыла анапхгара алахәыла Евгени Снетков.
"Ҳара аԥшааратә еиҿкаара "Лиза Алерт" ҳҽадаҳҳәалеит, дара адырратә базақәа рыла аԥшаара мҩаԥыргеит. Алаҳәара рыԥшааит – шәачатәи Козеев Сергеи Игор-иԥа, 2020 шықәса абҵарамзазы дыӡит ҳәа", - иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0