Урыстәыла асенатор Алексеи Пушков игәҭакуп ОБСЕ ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәарц апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иус аганахь ала.
Акурорт Пицунда ахаҭарнак Азамат Багаҭелиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит хылаԥшрада иҟоу алақәа ирыдҳәалоу акциа заԥшьыргаз.
Урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿы иаԥырҟәҟәаауп закәаншьаҭада аԥсыӡи акәаци раалыҵ ахыгара.
Шәача, рашәара 9 - 16 рзы имҩаԥысуеит аиубилеитә кинофестиваль "Кинотавр".
Урыстәыла АҶА Аладатәи арегионалтә аԥшаара-аиқәырхаратә отриад Хосҭатәи аҟәша аиҩхаа дҭыргеит аҿҟьара иагаз амотацикылныҟәцаҩ.
Ҟазахсҭан ахада изаамҭанытәим иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, рашәара 9 рзы.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны Ауадҳара аԥсшьарҭа иахылаԥшуа Асҭан Арсҭаа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ԥсшьара инеиуа шрыдыркыло, иҟало аҿыҵрақәа ртәы.
Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуан рашәара 9 рзы, Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа, Аԥсны инхо ирыман алшара ирҭаху акандидат изы Аҟәа, алхырҭатә ҭыԥ № 77 аҟны рыбжьы рҭиирц.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи рспортсменцәа ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 аҟны реицыхәмарра Степан Шаумиан ихьӡ зху астадион аҟны, Степанакерт рашәара 9 рзы.
ООН астатистикала Адгьыл аҿы аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ҳәа агәаанагара ззыҟоу 50 хыҵхырҭа рсиа азырхиоуп.
Ҵыԥх аасҭа сынтәа иаҳҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлап ҳәа агәыӷра ҳамоуп, иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз.
Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 афиналтә хәмарра: Аахыҵ Уаԥстәыла-Мраҭашәаратәи Ермантәыла мҩаԥысуан Степан Шаумиан ихьӡ зху астадион аҿы, Степанакерт, рашәара 9 рзы.
Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩ Геннади Ҵлаииа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны амузеи експонатк аҭоурых.
Краснодар атәылаҿацә акурорттә ҭыԥқәа рҟны зыԥсы зшьо атуристцәа рахьтә Аԥсны збарц зҭаху, аекскурсиақәа рзымҩаԥызго Форд Чычба иаҳзеиҭеиҳәеит, знык ҳтәыла агьама зныруа, егьи ашықәсан арахь ԥсшьара дшаауа.
Очамчыра арааион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит аушьҭымҭацәа рыбжьара аԥышәарақәа шцо, ахьтәы медалла ашкол иалго шаҟаҩы ыҟоу атәы.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны Ауадҳара аԥсшьарҭа иахылаԥшуа Асҭан Арсҭаа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ԥсшьара инеиуа шрыдыркыло, иҟало аҿыҵрақәа ртәы.
Аԥсуаа рытрадициаҟны аԥҳәыс лзинқәа зеиԥшраз, лыхьӡи-лыхьымӡӷи здыз атәы инарҭбааны Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа лматериал аҟны.
Сҭампыл еиҿкаау аԥсуа бызшәа арҵаразы акурсқәа рырҵаҩы Дали Санӡааԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит бжьымз рыҩнуҵҟа абызшәа арҵара алҵшәақәа ртәы.
ConIFA-2019 аегида иаҵанакуа ашьапылампыл азы Европа ачемпионат аҟны Аԥсны акомандеи Чамериа акомандеи рыхәмарра мҩаԥысит Степанакерт рашәара 8 рзы.
Аԥсны асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит алхрақәеи атуристтә сезони реиҿыбаара азҵаара. Иалшома урҭ еиваргыланы рымҩаԥгара, ҵакыс иамоузеи ҳҳәынҭқарразы атуризм, насгьы аполитика уи иаԥырхагахар алшома?