Ажурналист Зарина Коӷониа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны лгәаанагара лҳәеит амҩатә машәырқәа рҿы иҭахо ауааԥсыра ргәаларшәара иазку акәалаԥ-еиқәаҵәақәа Аԥсны ахаҿра ишаныԥшуа.
Амҩатә машәырқәа рҿы иҭахо ауааԥсыра ргәаларшәара иазку акәалаԥ-еиқәаҵәақәа Аԥсны ахаҿра ишаныԥшуа азы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны аӡырԥхақәа русура атәы далацәажәеит.
Лаҵарамза 18 рзы амузеиқәа Жәларбжьаратәи рымш азы имҩаԥгахоит "Аҵх амузеи аҟны" захьӡу акциа. Ари адунеи атәылақәа жәпакы рҟны имҩаԥырго ауснагӡатәқәа Аԥснытәи амузеиқәа рхы аладырхәеит 2015 шықәса раахыижьҭеи. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы еиҿкаахо ацәыргақәҵа атәы, насгьы уи аекспозициақәа ируакхо апатефон далацәажәоит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәша аиҳабы, аҭҵаарадырратә усзуҩы Инга Шамԥҳа.