Ажурналист Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ашәарыцареи аԥсқьарреи рзы иахьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Аԥсны ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкцәеи рхеилак ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхыԥхьаӡара амаҷхара зыхҟьази, уи аанкыларазы иҟоу алшарақәеи ртәы.
Аԥсны ахада ихраҿа агаразы Бзыԥҭатәи аипподром аҿы аҽырыҩра шымҩаԥысуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәоит Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа ахада Аслан Камлиа.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ҭырқәтәыла инхо ашапсыӷ шәаҳәаҩы Гиульџьан Алҭан арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лырҿиаратә мҩа анылылхоз хыдҵас лҿаԥхьа иқәлыргылаз атәы. Аиҿцәажәара аԥсшәахь астудиаҟны еиҭеигон ауааажәларратә усзуҩ Октаи Чкотуа.