Баслахә инхо ашьхымзааӡаҩ Вианор Қацәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ирыԥшыз ацха зеиԥшроу, уадаҩрақәас ирымоу атәы.
"Ахәцҵаз ашәахтә" азы аҳәынҭқарратә закәан иалагалоу ариашарақәа хәарҭас ирылоу азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ргәаанагара рҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳҳа лымҩаду" асасцәа - анаплакҩы Абессалом Кәарҷиеи аекономист Заур Шьалашьааи.
Аҟәа ақалақь ахадара аунитартә наплакы "Иҷыдоу автонхамҩа" аиҳабы Алхас Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит хылаԥшрада ақалақь иалоу арахә зтәу ирықәҵахо ахараԥса атәы.
Арежиссиор Валери Ақаҩба иқәыргыламҭа "Ажәҩан аҿықә" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсны. Аспектакль ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ақәыргыламҭа иахәаԥшыз Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Адемографиатә фонд "Азҳара" аҳасабеилыргаҩ хада Ирма Ҷантуриаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иарбан шәҟәқәоу инарго рфонд иадҵаало, аԥара шырзыршәо.