Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҳәаахьчаратә маҵзура аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсни Қырҭҭәылеи рҳәааҿы аамҭалатәи акоридор аус шауа атәы.
Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵараиурҭахь абитуриентцәа рҟынтә ашәҟәқәа рыдкылара аус шцо атәы, насгьы ирабан занааҭқәоу иахьа азҿлымҳара змоу.
Артур Лоурентс ипиеса "Вестсайдская история" амотивқәа ирылху аспектакль "Амра аҭашәамҭаз" арбара азыԥхьагәаҭан лаҵарамзазы. Аха авирус иахҟьаны иҟаз аԥкырақәа рымшала иахыган.
Аԥсны алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа ахәшьара риҭеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз зылшарақәа ԥку аҳәса рассоциациа аизараҿы иалацәажәон аиҿкаара анаҩс аҟазаара ахьынӡахәҭоу. Ассоциациа алахәыла Леон иорден занашьоу Надежда Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит аҳәса хаз игоу ассоциациа рымазароуп ҳәа зылԥхьаӡо атәы.